Иҵасхәым ачыс, мамзаргьы ачгахьа аҽшаԥсахыз

© Sputnik / Олег Ласточкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАчысхаақәа
Ачысхаақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит аамҭа иаанаго аҿыцрақәа инрымаданы традициала иҳамаз агәалс иадҳәаланы аишәа иқәырҵоз ачыс хкқәа рҽеиҭакреи, насгьы урҭ зызку аҵакы ишацәыхарахази атәы.

Атрадициақәа ԥсахшьа рымамкәа инымхозар акәхап, аамҭа ҿыц иаанагоит еиуеиԥшым аҿыцрақәа. Сара иахьа сызлацәажәарц исҭаху агәалс иадҳәаланы аишәа иқәырҵоз ачыс хкқәа акыр рыҽшеиҭаркыз, насгьы изызку аҵакы зынӡа ишацәыхарахаз ауп.

Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

Аԥсуаа алыԥсаа дроур, иџьабон, аԥсреи аԥсхәреи мҩаԥыргон иара иазыԥҵәаз ачысхә ала. Иахьа ҳаамҭа уадаҩуп, аԥарарҳара мариам ҳҳәозаргьы, даара икҿахоу ақыҭаҿы унеиргьы, зсоциалтә ԥсҭазаара уадаҩу рашҭа уҭаларгьы, аԥсреи уи иацу атрадициақәеи рымҩаԥгараҿы ихыркны ирхиоу аишәа уаниоит.

Иахьатәи аамҭазы ачара чыси аԥсхәра чыси, уимоу аиныхрагьы иадыргало еивгара дук рымамкәа иҟалеит. Агәалс иазку аишәа архиашьа ҳахәаԥшыр, аԥсуаа даара аҽырбара шҵаҳгаз ҳнубаалоит, арахь абжьааԥны ҳаԥсҭазаара шџьахаџьафарахаз азы ҳҵәыуозаргьы.

Санхәыҷыз, исгәалашәоит, иаҳзааигәаз аӡәы идунеи иԥсахыр, аҩны ахаа цәырыргомызт, акәацлых аишәа иқәырҵомызт, ичгон азы. Нас, аԥсыжра ашьҭахь, ичгоз рзы аишәа андыргылоз ашьҭахь акәын акәац, акәтыжь, ахаа уҳәа афара азин аныҟаз.

Ҽнак зны ҳаҩныҟа имҩахыҵт, ҳаззыԥшымыз, ихарацәамкәа инхоз, аԥсы дыззыкҿаз ԥҳәыск лԥеи лареи. Дара саб иҳәарц иааит аԥсыжырҭа ахыртра азин риҭарц сабду идгьылқәа ҳәа иԥхьаӡаз ҭыԥк аҿы. Усҟан ус акәын ишыҟаз, адгьыл зтәыз имеида умамкәа, анхаразгьы, анышәынҭра ахтразгьы адгьыл ақәлара ҟаломызт. Асасцәа анааи, сан иааинырсланы аишәа иқәлыргылеит илымаз ачыс: ашә, аҟәыд, акәтаӷь, абысҭа… Аԥсы дыззыкҿаз рнапы адыркит ачеиџьыка, нас, иззааиз азы ирҭахыз аҭак анроу ашьҭахь, ицеит.

Коӷониаа аижәлантәқәа рнышәынҭра. Иуа Коӷониа иҳаҭгәын - Sputnik Аҧсны
Зыхә ҳараку ақәацәыркца ҳаҭгәынқәа, мамзаргьы аԥсра шҽырбагахаз

Схәыҷын, аха схаҿы инхеит санду лажәақәа: "Ҳаи, ҳгәыҳҽанӡамкәа иааиз, иҳамаз рызцәыраҳгеит, аха дара аԥсы дыззыкҿоу ашәи акәтаӷьи ргьама шԥарбеи?!" - лҳәан акыр аџьшьара зцыз лгәаанагара лырзеит ҳара ҳҿы. Схәыҷын азы, уи ззылҳәаз уамак исзеилымкааит. Нас, санду исалҳәеит ачгьахьа ҳәа изышьҭоу ачыс ишахыԥхьаӡалам ашәи акәтаӷьи, уи аԥсра иачысхәым акәны ишшьоу.

Ари зысгәалашәаз, шәазхәыц, 50 шықәса рыҩнуҵҟа ҳкультура заҟа аҽаԥсахыз. Иахьатәи аиныхрақәа рҿы иқәырҵо "ачгахьа" ҳазааҭгылозар, акыр ибеиоуп хкылагьы, гьамалагьы: аплов хаа, аӡыржәтә хаақәа, ауатка, аҩы, апомидор, анаша, арҵәы, амаслина, аҳалуа хаа, ашә уҳәа убас егьырҭгьы. Иҟоуп ачашәқәа ӡны иахьықәырҵогьы. Абас, иԥсыз даҳџьабошәа, аԥсыжра аҽны ахаа ыфаны ҳаимпуеит. Анаҩс, 9-мшы рыҽны ҳаиҭеизоит ҳачгозшәа, ахаатә афаразы. Ахаатә аԥсыжра аҽны иаҳфахьазар, нас иарбан чгараз имҩаԥаҳгоз? Ахаатәфара иашьҭанеиуа иахьатәи амшҩынеижәақәеи аԥсхәрақәеи игәашәҭахьазар, чараҵас имҩаԥыргоит.

Санхәыҷызтәи аамҭақәа сеиҭарзыгьежьуазар, аԥсхәрахьы иргон ачашә ӡны, ма абакалуа, мамзаргьы аҳалуа уҳәа, еиҳарак аҩны рнапала иҟарҵоз, ацәашьы зхадыркышаз аԥсхәра чыс. Ус ҟарҵон, избанзар инарыгӡоз атрадициақәа рҵакы агәра ргон, аҽраԥшразы имҩаԥыргомызт, аԥсгьы ҳаҭыр иқәырҵон, инамыцхәны гәырӷьароушәа идырхиомызт ҳазлацәажәо агәалс иадҳәалаз аишәақәа.

Ҳазҭагылоу аамҭазы аԥсхәрақәа рҿы иубоит ашампанҩы инаркны ачара чыс иаадҩыло аишәархиара. Насгьы, уажәтәи амода ишаҳәо ала, ачыс захьӡхаз акалаҷкәыр иҭаҵаны аԥсхәрахьы ирго иалагеит аџьармыкьаҿы ирҭиуа акәалаԥқәа ирҭоу ахаамыхаақәа, абананқәа, ананас, аҳәаанырцәынтәи иаагоу аҵәа дуқәа, ависки, ашампанҩы уҳәа, аҽырбага ԥсхәра чыс.

Аҽыуаҩ - Sputnik Аҧсны
Ашәаџьҳәареи адышшылареи

Ахарџь атәы ҳҳәозар, иахьатәи аԥсхәра чыс х-нызқь мааҭ рҟынӡа иузтәар алшоит. Убри аамҭазы, иазгәасҭарц сҭахуп, зыԥсхәы руа данычмазҩыз дыззымбаз, идунеи аниԥсах абас "гәыблыла" рхы-ргәы дшалырхуа иасимволуп ҳәа абарҭқәа зегьы.

Ари аанкыларагьы уадаҩуп, уҩны аԥсра уақәшәаргьы, ухала иузымыӡбо усуп, избанзар иаразнак иаацәырҵуеит иҟаҵатәу уабжьызго, абжьаԥны уашҭа иҭамлац аҵаҳәацәа. Аганахь ҳгыланы ҳхы ҳахәаԥшуазар, игәаҳамҭарц залшом, ҳаиҿыԥшны, ишакәым аҽырбара ҳшалагаз, даара зсоциалтә ԥсҭазааара ҳараку уааны ҳҳы ааҳарԥшырц азы, ауал ҳаҵалозаргьы, аԥсреи аԥсхәреи ирыдҳәало аус аҿы иҵасхәым ачыс ала ҳбеиаӡошәа анаԥшцәа ишыдҳарбо.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0