Ага анцәахәы, Ашьха анцәахәы, Аԥсыԥса: иахьа иаҳԥымло аԥсуа нцәахәқәак рыӡбахә

© Sputnik Афон ҿыц
Афон ҿыц - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҟны жәытәаахыс еиуеиԥшым анцәахәқәа ирымҵаныҳәон. Иҟоуп урҭ рахьтә ажәытәра иагақәазгьы. Ажәытәра иагаз нцәахәқәак рыхҳәаа Sputnik аҟны ишәыдылгалоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рынцәахаҵаратә система ажәытәан ӷәӷәала иҿианы ишыҟаз, ишыҭбааз, иахьанӡагьы еиқәханы ишыҟоу аҵарауаа аӡәырҩы изныкымкәа иазгәарҭахьеит. Уи атәы ишьҭрақәланы аҳәара аҭахым.

Хымԥада, иахьанӡа зыӡбахә ааӡаз анцәахәқәа шмаҷымгьы, дара ианрааз заҳаҭыр ҳаракыз, аха нас еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аамҭа аӡыблара иахәланагалаз анцәахәқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп уҳәар алшоит. Еицырдыруа аҵарауаа, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы урҭ инаскьаз анцәахәқәа ирызкны ианырҵаз, еидыргалаз аматериалқәа раамҷыдарахаз, шьҭа ҳауаажәларгьы цқьа иргәалашәауам.

Ага анцәахәы

Ас еиԥш иҟаз анцәахәы изкны аԥсуаа аныҳәара мҩаԥыргон амшын ахықәан акыр аамҭа аангыларҭас ианроуаз. Ари анцәахәы игәхьаа умкыр даара ицәымӷуп, дгәаауеит ҳәа иԥхьаӡан. Ишихәҭоу ҳаҭыр иқәзымҵо, дзаҭәазымшьо амшын ацәқәырԥқәа ижәиҵон. Убри инамаданы аԥсуаа амшын азааигәара ианыҟаз, даара рхы иацклаԥшуан, ирыман иҷыдоу ахымҩаԥгашьа, амшын иҭарыжьуамызт агәамсам, ахаҳәқәа, хәыҷи-дуи ҭажьцәар ҵасмызт.

амшын - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2019
"Жәаҩа-ҩык аԥацәа имоуп, амшын аҵан ахан изгылоуп": амшын анцәахәы изкны

Ашьха анцәахәы

Абас еиԥш анцәахәы аԥсуаа дрыман ҳәа азгәазҭаз аҵарауаҩ Н. К. Џьанашьиа иоуп.  Автор излаиҩуаз ала, ари анцәахәы ашьхақәа дырхылаԥшхәын, ахьшьцәа аԥхын ашьха рырахә анкарцоз, иара убас шьхалбаан арахә аҩныҟа ианаарцоз аламҭалазы зыхьӡ ҳамоу анцәахәы изы аныҳәара мҩаԥыргон. Ашьха анцәахәы ишьақәыргыланы имоу аԥҟарақәа еилазго иранаижьӡомызт. Уи ашьха илбаауа, зхыԥхьаӡара рацәоу ашьха ӡыхь цқьақәа рҿы зцәа хтны зҽызкәабо ахьирхәуеит. Убри аҟнытә аԥсуа хьшьцәа уи анцәахәы дыдмыргәаарц рцәа хтны ашьха илбааҟьо аӡқәа рҿы рҽыркәабомызт.

Ашьха анцәахәи Ага анцәахәи аԥсуаа рҟны рцәырҵра афакторқәа ируакуп азуҳәар алшоит ҳазқәынхо ҳаԥсадгьыл агеи ашьхеи рыбжьара иахьыҟоу.

Аԥсуа иашҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2019
Аҳ ду, Аҩны анцәахәы, Сынтәа ҳазмадоу: ажәытәра иагаз нцәахәқәак рыхҳәаа

Аԥсыԥса

Аԥсуаа рмырҭаҭратә пантеон аҟнытә жәлар ргәалашәараҿы иаанханы иҟоу аҳәса-нцәахәқәа иреиуоуп: Џаџа – аҽаҩра анцәахәы, Саунау – алу анцәахәы, Анана-Гәында – ашьха рынцәахәы уҳәа.

Шьаликәа Камкьиа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи" аҟны автор лыӡбахә цәыригоит даҽа нцәахә ԥҳәыск "Аԥсыԥса" захьӡу. Аԥсыԥса – ауаҩы аԥсабараҿы данықәыз, иԥсы анҭаз, гьангьашрамзар ак ҟамҵо дшааиуаз, ацәгьарақәа иҟаиҵоз рзы гәыбӷанк имоуӡакәа инарцәы мҩа дықәлазҭгьы, анарцә даннеилак ихәҭаз дақәзыршәоз, ицәгьоурақәа дрыхьзырхәуа ашьоуҩы-нцәахәы ԥҳәысуп. Ари анцәахәы зынӡа ирхашҭхьоу, зыӡбахә рзымдыруа дыруаӡәкуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0