"Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп!" - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз

© Sputnik / Анжелика Бения"Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп!" - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз
Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы жәлар рамзартә ныҳәарақәа раӷьырак ааԥынра ауп изықәшәо (ааԥын-аԥхынтәи ацикл). Уи аԥсабара аҿыхара, аҿиара, аизҳара ишатәу ала, иацгыло аиаҵәара иақәныҳәаны агьама рбоит. Ааԥынреи уи иацу аиаҵәареи ирыдҳәалоу ақьабзқәа дырзааҭгылоит афольклорист Есма Ҭодуа.

 

Есма Ҭодуа, Sputnik

Ааԥын шыҟалаз

Ааԥын амш кеикеиуа, амра цаҳәцаҳәуа, аԥсабара еиқәышьшьы ишыҟоу акәымкәа, иаалырҟьаны идыды-мацәысуа, ашьхақәа ырлашо, абахәқәа ақәа нарҿысуа аҿыланахоит. Ус иҟоуп ааԥынра. Убас хәыҷ-хәыҷы амра аԥхареи адгьыл ацәаакыреи иргәылшәҭуеит раԥхьатәи абыӷьқәа, аиаҵәара кашьшьы адәқәа уарҳалла ихырҟьоит. Ааԥын аҟалара зыхҟьаз ҳәа аԥсуа жәлар ишеиҭарҳәо Амра аҟәырҷахак иахылҵит ҳәоуп.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2018
Аԥсуа жәлар рамзар

"Ааԥын аԥхара ҟамлои, уи зыхҟьо убри ауп: Анцәа, ааԥынра ианазааигәахалакь, Амра иамихуеит хәҭа хәыҷык. Нас иааганы, уи ахәҭа амшын иалаижьуеит. Нас, уи аамышьҭахь, амшын шуеит аҩнуҵҟала аԥхара анаулак. Убри иахҟьаны  ааԥынра ааиуеит", - ҳәа иаҳԥылоит Цира Габниаԥҳа еиқәлыршәаз "Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа" захьӡу аизга VII атом аҟны.

Адунеи ажәларқәа аӡәырҩы рҟнеиԥш, аԥсуаа рҟынгьы жәлар рамзартә ныҳәарақәа раӷьырак ааԥынра ауп изықәшәо (ааԥын-аԥхынтәи ацикл). Ааԥынтәи аԥсабара аҿыхара, аҿиара, аизҳара ишатәу ала, уи иацгыло аиаҵәара иақәныҳәаны агьама рбоит. Убас, аӡынтәи ацикл аҭысреи ааԥын ааиреи иазку аныҳәа ду Хәажәкыра ала иалагоит. Убри аамышьҭахь ааԥын иацгыло раԥхьатәи аиаҵәара агьама абарагьы ритуалк еиԥш имҩаԥысуеит.

Ныҳәара ҳагмыз, ҳныҳәаз зегьы... - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2019
Ныҳәара ҳагмыз, ҳныҳәаз зегьы...

Раԥхьа иҩагыло аиаҵәарақәа, аԥсуа чыс злырхуа иреиуоуп аӷшқәыц иахылҿиаауа абырҷман (апырҷпан), ахәац. Абырҷман чаԥеи ахәац чаԥеи аԥсуаа рчыс хкқәа хадақәа ирыхәҭакуп. Абырҷман зыҟәшәо, еизызго аҳәса роуп. Урҭ ашьыжь шаанӡа акы иамҟаҭәаразы рҿы акы нҭаршәны, мамзаргьы аџыш рџьыба инҭаҵаны, ркаҵкәыр хәыҷы нышьҭыхны абырҷманҟәшәаразы абнахь ицоит. Аиаҵәара зыҟәшәо даҽа шьоуки дареи анеиқәшәалак, "ҽаанбзиала!" ҳәа еидныҳәалоит.

Абнараҿы, ачықьқәа рҿы ишдыру еиԥш, аҳәазақәа цәырҵыр ҟалоит, убри аҟнытә ари аиаҵәара аизгараан агәҽанызаара аадырԥшуеит. Ажәлар рҟны ишазгәарҭо ала, ааԥынра аҿыхара анаҩсгьы, ари амзартә цикл иацуп еиуеиԥшым ауаҩы иԥырхагоу амч лашьцақәа рцәырҵрагьы. Убри аҟнытә урҭ рҽырцәырыхьчар акәын.

Ажәа амагиатә мчы

Абырҷман ҟәшәаны аҩны ианааилак, иӡәӡәаны, иҭарбааны иржәуеит. Уажәы уи аӡы баша икарҭәоит, аха ааигәанӡа имҩаԥыргон абас еиԥш иҟаз ақьабз: абырҷман ааӡаахны, уи зларжәыз аӡы адәахьы идәылыргон.

© Sputnik / Анжелика БенияАбырчман ачуан иҭаҵаны ажәра
Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
Абырчман ачуан иҭаҵаны ажәра

Аԥшәмаԥҳәыс лҭаацәа зегьы еизганы раԥхьа днагыланы абри аӡы ашьшьыҳәа инкалҭәон, икаҟьаны акәымкәа, аӡы аҩаршьҭра ҟаҵаны илеиратәы. Аӡы ацәаҳәа алданы анҿыланахалак, аҭаацәа зегьы аӡәаӡәала наҟ-ааҟ хынтә иахыԥон, рыбжьы ныҵакны абас ҳәо: "Уцәгьа-сыцәгьоуп, сыцәгьа-уыцәгьоуп. Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп!"

 

© Sputnik / Анжелика БенияАбырҷман аныржәлак ашьҭахь, ирссаны ирхыхуеит
Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
Абырҷман аныржәлак ашьҭахь, ирссаны ирхыхуеит

Аӡы зыԥсы ҭоу акы акәны ишахәаԥшуа ала, уи ахьхьаҳәа ишлеиуа иаангылар, мамзаргьы ицәар зылшо анакәу, убри аан ауаҩы ииҳәо иажәа амч аманы иҟазҵо акәны ишыҟоу ала, ас еиԥш аритуал амҩаԥгара хымԥада амагиатә мчы аман. Арҭ ажәақәа ҳәаны аиаҵәара злажәыз аӡы иахыԥаз алшықәсанык иааигәара амаҭ ааиӡом, иԥырхагаӡам ҳәа иԥхьаӡан. Уи адагьы, ацәгьа-мыцәгьа хара ирԥырцаны аиаҵәара иақәныҳәон.

© Sputnik / Анжелика Бения Абырҷман раԥхьаӡа ианырчаԥоз аџьымшьы иаҵәеи акәландыри аџьыкаҵәаҵәа аҭаны рыла акәын ишырчаԥоз, анаҩс егьырҭ архаагақәагьы арҭон
Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
Абырҷман раԥхьаӡа ианырчаԥоз аџьымшьы иаҵәеи акәландыри аџьыкаҵәаҵәа аҭаны рыла акәын ишырчаԥоз, анаҩс егьырҭ архаагақәагьы арҭон

 

Афольклорист Цира Габниа ажәабжьҳәаҩ Арда Смыр-Габниа лҟынтәи ишанылҵаз ала, абырҷман анырҟәшәа аҽны ирзымчаԥозар, чуанк иҭаҵаны адәахьы икнарҳауан, аҩныҟа аҩнагалара, аҵырԥхьара ҟаломызт, аҩны инхо рзы иҽеим ҳәа, амаҭ рчычоит ҳәа ишьаны. Насгьы уи раԥхьаӡа ианырчаԥоз иаҵәара мацарала акәын ишырчаԥоз – аџьымшь ҿа иаҵәеи аҟәландыри рыла мацара аџьыкҵәаҵәа аҭаны. Уи нахыс ианыҟарҵоз каканла, егьырҭ архаагақәа аҭаны ирчаԥар ҟалон.

© Sputnik / Анжелика Бения Абырҷманчаԥа
Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
Абырҷманчаԥа

Иахьатәи ҳаамҭазы абырҷман, мамзаргьы ахәац чаԥара ас еиԥш аритуал ацны имҩаԥыргаӡом, аха уи раԥхьаӡа ианырфо аҭаацәа "уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп" ҳәа уажәгьы еибырҳәоит, еиуеиԥшым архаагақәа аҭаны иҟарҵоит. Ари ачысхкы уԥылоит акрыфарҭақәеи ақьафурҭақәеи рҟынгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0