Ныҳәара ҳагмыз, ҳныҳәаз зегьы...

© Sputnik / Томас ТхайцукНыҳәара ҳагмыз, ҳныҳәаз зегьы...
Ныҳәара ҳагмыз, ҳныҳәаз зегьы... - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхьаҩцәа шьҭа игәарҭахьеит еснагь зыӡбахә сҳәо аԥсуа жәлар рамзар ала иазгәарҭо аныҳәарақәеи урҭ ирыдҳәало ақьабзқәеи шракәу. "Амҩазаҩ" иснарбеит арҭ азҵаарақәа азҿлымҳара бзиа шрымоу. "Амҩазаҩи" сареи ҳхеибарҭәаауа ҳаауеит.

Есма Ҭодуа, Sputnik

"Ахьы уҳәоит" иҳәоит аӡәы ииҳәо ҽаӡәы ианигәаҧхо, "уажәа хьыла иҧысҟоит" иҳәоит даҽаӡәы иажәа наигӡаанӡа ианимидо… Ажәа хьызар, ныҳәара злоу ажәа ахьҟәыршәоуп. Ныҳәара ҳагмыз, ҳныҳәаз зегьы!

Абхазский стол  - Sputnik Аҧсны
Гәныҳәа – ашықәс ҿыцазтәи шьыжьхьа

Исызҳәом 2018 ашықәс мариан сара сзын ҳәа, аха иуадаҩны иуоуа ауп иаҳагьы ахаара зду. Уи ашықәс ҳаилаҩынтуа ҳашҭалаз еиҧш – ҩымзи ҩымчыбжьи зиира аҿҳәара намӡацыз, аха заа адунеи иқәларц ӡыӡбаз сыҧҳа хәыҷы лиралеи, ҳшеилаҩынтуаз ҳагьынҭыҵит – амҩатә машәыр ала. Аха Анцәа иџьшьаны лыҧхала ҳаилгон. Иҟалап, ушьапы нкыдҟьаргьы ныҳәара ҳагызмырхо, иара усгьы абжьааҧынгьы ныҳәарыла зажәа ҭәу Ан – санхәа лныҳәарақәа ҳрыхьчозаргьы – ирымҳәои "шәкы рҟынтәи ак наӡоит" ҳәа.

"Амҩазаҩ" иҟны аусура ансыдыргалагьы машәырны иҟамлеит аныҳәарақәа ртема ахьышьҭысхыз, акы - издыруан ари азҵаараҿы аҵаҳәа сызҭало, ацхырааҩ дышсоуаз. Ҩбагьы – сзанааҭтә ус ала афольклорҭҵаара снапы шалаку ала, уигьы хымҧада исыцхраауеит.

Аԥсаӡ архиашьеи уи аҵаки аԥсуаа рдунеихәаԥшышьала

Изӡом "Амҩазаҩгьы" сзанааҭтә ус иахьацхраауа маҷым: уи сареимдоит, изаамҭанытәим адәынтәи афольклор еизгаратә усурақәа еиҳангьы иснарҟаҵоит – уигьы ҳәарада сазхәыцуан абри азҵаара шьҭаҳхып ҳәа аредакторцәеи сареи ҳанеизааибага.

Ажәакала "Амҩазаҩи" сареи ҳхеибарҭәаауа ҳаауеит. Уи синформантцәа рсиа акыр иханарҭәааит. Адәынтәи афольклорҭҵаара аус акыуп, уи ахаҭа ыргьежьны ауаа ианрылауҵо зынӡа даҽакуп. Сгәанала, аинформациа-технологиатә аамҭазы арҭ аҩ-уск реилазаара иалнаршаша еиҳауп, хаз-хазы ианыҟоу аасҭа.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Аҧхьаҩцәа шьҭа игәарҭахьеит еснагь зыӡбахә сҳәо аҧсуа жәлар рамзарала иазгәарҭо аныҳәарақәеи урҭ ирыдҳәало ақьабзқәеи шракәу. Актәи сматериал аҟынгьы аилыркаара ҟаҵан амзар иаҵанакуеи уи ахәҭақәеи ртәы. Хәымз ирылагӡаны есымчыбжьа, мчыбжьык знык, зны-зынла ҩынтә ныҳәарак, қьабзк аӡбахә шәыдызгалон. Ари иунарбоит аҧсуа жәлар рымзар акыр ишбеиоу.

Иазгәаҭатәуп, аҧсуаҭҵаараҿы лымкаала иара иазку усумҭакгьы шыҟам, ана-ара еиуеиҧшым аетнографиатә, афольклортә, аҭоурыхтә ҭҵаарадырратә усумҭақәа рҟны иргәылоуп умҳәозар ( ахәыҷтәы календартә цикл иаҵанакуа атәы аалхны – уи иазкуп аетнограф Сима Дбар лмонографиа).

"Амҩазаҩ" иснарбеит аныҳәарақәеи урҭ ирыдҳәалоу ақьабзқәеи рымҩаҧгашьазы азҿлымҳара бзиа шамоу. Асоциалтә ҳақәа рҟны лассы-лассы исзаарышьҭуа иалагеит еиуеиҧшым азҵаарақәеи абжьгарақәеи. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп сҩызцәа, сколлегацәа еиҳабацәа реиҧш, зынӡаск исзымдыруа ауаагьы. Иҟоуп аҧхьаҩцәа рхаҭа исыдыргало аматериалқәагьы. Урҭ иреиуахеит "акәырбан – аҿаҭахьа" иазкыз аматериали ахәыҷы раҧхьатәи имшира азгәаҭашьа атәы азҵаареи.

Хәымз ирылагӡаны ажәлантәқәа рныҳәара ацикл аҟынтәи ианҵан Аирааи Амҧарааи рныҳәара аҭоурыхи амҩаҧгашьеи ртәы, аамҭа иҳаднагалоз анхамҩа-бзазаратә ныҳәарақәеи, ахәыҷтәы цикл аҟынтәи ахәыҷы ииреи шықәсык ихыҵаанӡа имҩаҧырго ақьабзқәеи ирызку азҵаарақәа. "Амҩазаҩи" сареи иара убас Нанҳәеи Ашықәс ҿыци ҳаицаҧылеит, урҭ ирыдҳәалаз ақьабзқәагьы ҳшьеит.

Аԥсуа мзар: амзақәа рыхьӡ ашьақәгылашьа иазку згәаҭарақәак

Исыздыруам заҟа аамҭа "Амҩазаҩ" сицзаауа, аха зыӡбахә ҳамҳәац аныҳәарақәа макьана ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп.

Ныҳәара ҳагмыз! Шәныҳәаз зегьы!

Ажәабжьқәа зегьы
0