Лахьынҵа узаахәом, насыԥ каршәны иубом: аԥсуаа рдунеихәаԥшразы азгәаҭарақәак

© Sputnik / Василий Малышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский долгожитель
Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҟны алахьынҵа, аџьал, аԥсаҭа, ахараҭ ртәы зҳәо згәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ҳажәаҳәаҿы ахархәара ҭбаа рымоуп абас еиԥш иҟоу ажәақәа: "Лахьынҵа узаахәом, насыԥ каршәны иубом", "Улахьынҵа бзиахааит", "Доус илахь иану дақәшәоит", "Лахьынҵоуп иҟоу", "Длахьынҵадахеит", "Улахь абзиа анылааит". Ас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа ишьақәдырӷәӷәоит адунеи иқәу ауаа зегьы разҟык-разҟык, лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп ҳәа ҳмилаҭ агәрагара шрымоу. Гәаҭалеи сахьалеи зегь ҳшеиԥшым еиԥш, досу ҳлахьынҵақәа, ҳразҟқәа еиԥшым.

Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

Алахьынҵа

Аԥсуаа ржәытә мифтә хәыцра зеиԥшраз ала, ауаҩы дзықәшәараны дыҟоу илахь иануп. Дарбанызаалак ауаҩы данилак ауха иҷыдоу анцәахәкәа рымчала илахьынҵа ӡбахоит. Алахьынҵа зыӡбо анцәахәқәа ирыхьӡуп – Ашацәа, ма Ашацәа-чаԥацәа. Арҭ анцәахәқәа рыхьӡ арацәа хыԥхьаӡараҿы иргыланы баша ирҳәом, избан акәзар, урҭ хҩык ыҟоуп. Изларҳәо ала, ахәыҷы даниилак ашацәа аҩны ахыӷәра иқәтәан илахьынҵа рыӡбоит, урҭ ахәыҷы изыршаз алахьынҵа хырԥашьа изаҭом, уимоу иаџьалгьы дзахыԥом.

Иазгәасҭарц сҭахуп, ажәытә бырзентә мифологиаҿгьы ишыҟоу Ашацәа ирышьашәалоу ауаҩы илахьынҵа азԥхьагәазҭо хҩык аиҳәшьцәа-нцәахәқәа: Клото, Лахесис, Атропос. Иааидкылан урҭ Амоирақәа (алахьынҵа анцәахәқәа) ҳәа ирышьҭоуп. Арҭ анцәахәқәа аԥшқа даниилак нахыс изырыӡбаз алахьынҵа хырԥашьа уаҩытәыҩса изаҭомызт.

Аԥсуа жәлар ҳҿы иахьагьы иҟоуп алахьынҵа агәра згаҵәҟьо. Ауаҩы (аӡәы) имацара иакәым, жәларык, жәлантәык шеибгоугьы алахьынҵа рымоуп ҳәа аназгәарҭогьы ыҟоуп.

Анасыԥ ахь ҳамҩа нагоуп: аҭаацәара алалара иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа - Sputnik Аҧсны
"Анасыԥ ахь ҳамҩа нагоуп": аҭаацәара алалара иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа

Аџьал

Аԥсуа мифтә дунеихәаԥшышьала дарбанзаалак ауаҩы ихатәы аџьал имоуп. Дасу дыԥсраны даныҟоу, дшыԥсыша аџьал ҳәа иашьҭоуп. Ауаҩы иага ҟаиҵаргьы иаџьал хырԥашьа изаҭом. "Досу иаџьал иара дагоит", "Аӡә иаџьал даҽаӡәы дагом", – рҳәоит. Иҟоуп абас еиԥш ашәииратә формагьы: "Уаџьал цәгьахааит" ҳәа. Чмазароума, ма даҽа гәаҟрак алоума акыр аџьабаа баны иԥсыз ауаҩы изы ирҳәоит "иаџьал цәгьахеит", "иаџьал цәгьан" ҳәа. Ус акәымкәа, ауаҩы акыршықәса ниҵны, ихы, ихшара, иҭынхара, инхамҩа уҳәа деиҵаҩҩы дшыҟоу дыԥсыр, "Иаџьал бзиан", – рҳәоит. Дшымгәыӷӡоз машәырла иҭахаз изынгьы "Уи иаџьал убри иалан", "Иаџьал убри акәын", – рҳәоит.

Аԥсаҭа

Аԥсаҭа амифтә хәыцра иахылҵыз мифтә ҭыԥуп – иԥсыз, иԥсхьоу ауаҩы иԥсы ахьҭоу ҳәа ирыԥхьаӡо ауп. Иԥсхьоу ауаҩы данырныҳәо "Уԥсаҭа бзиахааит", – рҳәоит. "Уԥсаҭа шкәакәахааит!" – зҳәогьы ыҟоуп. "Уԥсы аҭыԥ бзиахааит (ишкәакәахааит)" ауп иаанаго. Уи даныршәиуа "Уԥсаҭа цәгьахааит!" – рҳәоит. "Уԥсы аҭыԥ цәгьахааит", ҳәоуп иаанаго.

Ахараҭ

Ауаҩы даныԥслак дзықәшәараны иҟоу, днанагараны дахьыҟоу амифтә ҭыԥ ахараҭ ҳәа иашьҭоуп. Аԥсы иахараҭ цәгьахар, ма ибзиахар ауеит. Абри азы ауп аԥсы аҵыхәтәантәи имҩа ныҳәауа "Ухараҭ бзиахааит!", – зырҳәо.

Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа Мифы и Легенды Абхазии - Sputnik Аҧсны
Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы

Ашьаҳиҭ

Ашьаҳиҭ иантропоморфтәу мифтә хаҿуп. Иԥшьоу, ицқьоу, иԥсхьоу уаҩуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Абызшәадырҩы Гь. З. Шьакирбаи излаиҩуаз ала, ашьаҳиҭ уахынла адамра дҭыҵны адунеи ақәлара илшоит, аус бзиақәа, аус қьиақәа рынагӡароуп функциас имоу, дзызку. "Ашьаҳиҭ" ахаҭа аҭырқәшәаҟынтә аԥсшәа иаланагалақәаз ажәақәа иреиуоуп.

Аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа ианылҵаз ажәабжьҳәаҩ Ҟалӷьы Ҳалиҭ иҳәамҭақәа руак аҿы абас азгәаиҭоит: "Ашьаҳиҭра – аԥсуаа, аԥсылман дин еиҳа иадҳәалаз изларҳәо ала, Аллаҳ ҷыдала дызхылаԥшуаз, акраамҭа аԥсцәаҳа зааигәара днаимышьҭуаз ауаа цқьақәа, џьанаҭ агылара зҽазыҟазҵоз рҭагылазаашьа ауп. Акыр зықәрахь инеихьоу ауаа цқьақәа роуп ашьаҳиҭхара Аллаҳ изанаишьо. Рыԥсҭазаара ианалҵлакгьы урҭ џьанаҭ гыларҭас ирзыҟалоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ауаҩы идагьы ишьаҳиҭхар ҟалоит аҵлақәагьы. Урҭ рахьтә ашьаҳиҭхара Аллаҳ изанаишьаз Аџьҵла ауп".

Ажәабжьқәа зегьы
0