Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара

© Sputnik / Марианна Кубрава Фонтан в парке на набережной махаджиров.
Фонтан в парке на набережной махаджиров. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иарбан милаҭзаалакгьы ахы злаӡырнаго иара амилаҭтә колорит, атрадициақәа, акультура рыла ауп. Иабанӡацәыргоу урҭ ақалақь ахаҿраҟны, асасцәеи ҳтәылауааи ахьынаԥшы-ааԥшуа урҭ зегьы рбартә аҟаҵара ҵакыс иамоуи уҳәа афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҟны.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Идыруп, иарбан милаҭзаалакгьы ахы злаӡырнаго иара амилаҭтә колорит, атрадициақәа, акультура рыла шакәу. Уи иаднаԥхьалоит анҭыҵтәи асасцәагьы, иара амилаҭ ахаҿрагьы шьақәнаргылоит. Ақалақь абрендқәа рыӡбахә ануҳәо, аԥхьа ухаҿы иааиуа уи архитектура ауп, иара убас асимволтә ҭыԥқәа – еиуеиԥшым абаҟақәа ахьгылоу, аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа. Урҭ иаадырԥшуеит ажәлар рнысымҩа, ртрадициа, ркультура, иара убри аангьы ақалақьтә уаҩы исубкультурагьы шьақәдыргылоит.

Есыҽнытәи ауаҩы иԥсҭазаараҿы илаԥш иҵашәо, лассы-лассы дызҭаауа аҭыԥқәа илаԥшҳәаа шьақәзыргыло ракәны иҟоуп, иузгәамҭо асимволқәа рыҵоуп, урҭ, иуҭахы-иуҭахым, маӡала иулаҵәоит, ухәыцра шьақәнаргылоит. Ҳаамҭазы аҿар атрадициа рылааӡара, абызшәа ашьҭыхра азҵаарақәа рыӡбахә ануҳәо, аҿар иаарыкәыршан ирбо ақалақь ахаҿра дара рсубкультурагьы арҿиоит.

© Sputnik / Марианна КубраваЖәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара - Sputnik Аҧсны
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара

Иаҳҳәап, ақалақь уахьналсуа улаԥш иҵашәо аӡыргарақәа рбызшәеи раарԥшышьеи, есыҽны ауаҩы дызҭаауа адәқьанқәа рыхьӡқәа, иара убас еиуеиԥшым ақьафурҭақәеи аԥацхақәеи рхаҿреи рыхьӡқәеи. Жәаҳәарада, атәым милаҭқәа рҟынтәи иаарго ахьыӡқәа раасҭа аԥсуа хьыӡқәа иаҳа улаԥш рыдхалоит, аԥсуара рныԥшуеит, убриала асасцәагьы азҿлымҳара рнаҭоит. Аха иҳамҳәар ҳиашахом, аԥсуа дҩылақәа убас имаҷуп, ак анаҳбалакгьы "ари аҩыза ахаан иаҳмаҳац" ҳәа иџьашьо ҳнықәлоит, убри аан иара улаԥш зышьцылоу, иудыруа акәны иаҟазар анакәу.

Ари иаҿурԥшыр ауеит ҳаамҭа даҽа рыцҳаракгьы: жәаҩык ахьеилагыло аӡәы ԥсышәала дцәажәо даҳбар, "ҳаи, Анцәа иџьшьоуп" ҳәа дахьџьаҳшьо. Убри аҩыза арыцҳара еиҵаҳтәырц азы иааҳакәыршан иҟоу зегьы аԥсуа цәа рхызароуп.

© Sputnik / Марианна КубраваЖәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара - Sputnik Аҧсны
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара. Ақьафурҭа "Аӡыхь"

Иахьазы ус иҟоу иреиуоуп ақалақь аҟәараҿы игылоу аԥацха "Нарҭаа", ақьафурҭа "Ӡызлан", ашәарыцагатә маҭәахәқәа ахьырҭиуа адәқьан "Ажәеиԥшьаа". Акыр иблахкыгоуп, аԥсуа цәалагьы иҩычоуп аԥацха "Аӡыхь".

© Sputnik / Марианна КубраваЖәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара - Sputnik Аҧсны
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара. Ақьафурҭа "Аӡыхь"

Уи асасцәа ирбар рылшоит адәахьалагьы аҩнуҵҟагьы иқәыргылоу еиуеиԥшым амифологиатә персонажцәа. Уи аҽыуаҩ ала-шәарыцақәа зцу инаиркны еиуеиԥшым аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхаҿсахьа, ахьча исахьа уҳәа.

© Sputnik / Марианна КубраваЖәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара. Ақьафурҭа "Нарҭаа"
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара - Sputnik Аҧсны
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара. Ақьафурҭа "Нарҭаа"

Убас, Аҟәа ақалақь аҿы иргылоу жәлар рҳәамҭақәа ирылху аперсонажцәа рсахьақәа иреиуоуп, уажәшьҭа ақалақьуаагьы аԥсшьацәагьы бзиа ирбо хаҿсахьаны иҟалаз, маанала адау ииааиз аԥсуа лакә афырхаҵа Ҭаҷкәым искульптура. Иара убас Ӡызлан лфонтан. Ари аганахьала аусурақәа шцо убарҭоуп, аха иҵегь еиҳандаз ҳәа угәы азыҳәо иҟоуп.

© Sputnik / Марианна КубраваАԥсуа лакә афырхаҵа Ҭаҷкәым
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа лакә афырхаҵа Ҭаҷкәым

Иаҳҳәап, Аԥсны злеицырдыруа аԥсуа нарҭтә епос афырхацәа брендк аҳасабала ақалақьтә субкультураҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылар алшон. Зегьы ирдыруеит ақәранҵырақәа рансамбль "Нарҭаа" иарбан хьӡу иарҳаз Аԥсни уи анҭыҵи. "Нарҭаа" рыӡбахә анырҳәоз иаразнак Аԥсни аԥсуааи рхаҿсахьа уаԥхьа иаацәырҵуан. Уи Аԥсны аӡбахә ӡырызгоз брендк аҳасабала иҟан. Иахьа ус еиԥш ала узлаҽхәаша маҷуп.

© Sputnik / Марианна КубраваАԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Нарҭаа". Аԥсуа ԥацха
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа Нарҭаа. Аԥсуа ԥацха - Sputnik Аҧсны
1/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Нарҭаа". Аԥсуа ԥацха
© Sputnik / Марианна КубраваАԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Нарҭаа". Амҵәышә
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа Нарҭаа. Амҵәышә - Sputnik Аҧсны
2/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Нарҭаа". Амҵәышә
© Sputnik / Марианна КубраваАԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа Аӡыхь - Sputnik Аҧсны
3/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
© Sputnik / Марианна КубраваАԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа Аӡыхь - Sputnik Аҧсны
4/7

5/7

6/7

7/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
1/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Нарҭаа". Аԥсуа ԥацха
2/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Нарҭаа". Амҵәышә
3/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
4/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
5/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
6/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"
7/7
Аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы. Ақьафурҭа "Аӡыхь"

Аԥацха "Нарҭаа" акәзар, иара ахьӡ ада аԥсуа нарҭҭә епос иатәу ҳәа акгьы убом (уаҟа ицәырҵыз Таҷкәыми иԥҳәыси рхаҿсахьа улаԥш аигәырӷьо ишыҟоугьы). Ари иаҿурԥшыр ҟалоит ҳашьцәа аҟабардақәа рҿы Нальчик ақалақь аҟны (Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика) иҟоу Нарҭаа рынхарҭеиԥш абааш ҵәца асахьа змоу, иара афырхаҵа ихаҿалагьы иҩычоу ақьафурҭа "Сосруко".

Иазгәаҭатәуп асувенирқәа рганахьалагьы аԥсуа мифологиатә персонажцәа рсахьақәа рхархәара шазулатәу: уи ахәышҭаара ахылаԥшҩы Ҷап иоума, амышьҭа, алаԥш аҽацәыхьчаратә маҭәарқәа, Ӡызлан лыхҳәа, мамзаргьы дызныԥшыло асаркьа уҳәа. Гәында-ԥшӡа лхаҿсахьа акәзар, аԥшӡара аазырԥшуа символны иҟалар ауан есышықәсатәи аԥшӡацәа реиндаҭлараҿы.

Уажәы нап здыркыз ақалақь арԥшӡараҿгьы аԥсуа культура аазырԥшуа асахьақәа алагалахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Убас "Алакә" ҳәа ахьӡ змоу ақалақь апарк аҟны аԥсуа лакәқәа рфырхацәа рбара ахәыҷқәеи адуцәеи акыр еигәырӷьарын: уи Анҷакәынҷа, Кәтаӷьцәахылԥа, адау, мамзаргьы аԥсуа лакәқәа иргәылоу аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи – аӡыси, аҭсыси, асыси, абгахәыҷи аҵысӷреи уҳәа, иара убас дара ахьынхо рыҩны хәыҷы.

"Атәым рбаӷь ааины аҩнатә рбаӷь дәылнацон" ҳәа, изыҟаҳҵарызи ҳара ҳхатәы иӡыраҳгаша анҳамоу. Асасцәагьы ирбалар ирҭаху дара зышьцылахьоу акәӡам, ирзымдыруа, ирымбац ауп. Асас изы даҽа милаҭк акультура аҵара еснагь азҿлымҳара ацуп, убри аан уаргьы уҩны ушыҟоу, ушаԥшәымоу убо уҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0