"Аӡы ыҟанаҵы адунеи уагымзааит": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукГорная речка
Горная речка  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩытәыҩсеи аԥсабареи рыԥсы зыҿҳәароу аӡы аԥсуаа шазыҟоу азы згәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аӡы зда ԥсҭазаара ыҟам, иԥсҭаҵагоу, амчра ӷәӷәа згәылаҵәаху, ауаҩытәыҩсеи аԥсабареи рыԥсы зыҿҳәароу акы акәны иахәаԥшуеит аԥсуаа. Ауаҩы такәаамҭа акримфар ауеит, аха ӡыда изычҳауам, аԥсабарагьы ӡыда ихәарҭам. Аԥсуаа ргәаанагарала аӡы аԥсы ахоуп, иалшоит агәаара. Ҭаацәарак рҿы зырцәажәо аӡыхь азааигәара агәамсам каужьлар, аҳаҭыр умбар, лассы-лассы еиҵумхлар (иумрыцқьалар), аӡы гәаан иҭабар, мамзаргьы аҽаҵәахыр алшоит.

Аҟармаратәи аӡиас иху ацҳа ҭакнаҳа - Sputnik Аҧсны
"Бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

Жәлар разгәаҭарақәак ишырҳәо ала "Аӡы шыцәоу иубаны акы уаҳәар, узҳәаз уоуеит", "Аӡы шыцәоу иубар, ушәир ҵасым, иуҳәо ҟалоит", "Аӡы шыцәоу иубаны ҿумҭыр, ашықәс рацәа нуҵуеит", "Аӡы амца иақәуҭәар ҵасым, "уӡи умцеи еиқәҭәааит" аҳәоит".

Аӡы аӡбахә аҳәара аԥсуаа ҳҟны ныҳәаԥхьыӡк иаҩызоуп, иаагозар, ауаҩы ҵәыцак азна аӡы аниуржә, "Аӡы амч уоуааит", "Аӡы ыҟанаҵы адунеи уагымзааит", "Аӡы лыхәҭала ашьха иганы иаазгаанӡа адунеи уагымзааит" рҳәоит, ахәыҷы иануиҭа, "Аӡы ашәа узҳааит" ҳәа иарҳәоит.

Аӡы ауаҩы ацәгьа-мыцәгьа иҟәнацоит, ахахьы иагоит алаԥш. Алаԥш цәгьа ихҭанакыз ауаҩы аҭәҳәаҩ даниҭәҳәалак, алаԥш иакны иҟаз иеидара зегьы аҭәҳәаҩ лахь ииасуеит. Убасҟан, алаԥш лҽацәылгаразы, ҵәыцак азна аӡы хынтә дынхыҭәҳәаланы илжәуеит.

Асаби дахьыҟоу аҭаацәара алахәылацәа гәаҟрак аҟнытә иаазар, ӡык рыхьдмыршакәа ахәыҷы иааигәа инеиуамызт, алаԥш идмыркырц. Убасгьы аԥсрахьы, агәаҟрахь иугаз, алаӷырӡ зықәҭәаз ачабра мыӡәӡәакәа аҩныҟа анагара ҵасым ҳәа рыԥхьаӡон.

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Аԥсуаа рҟны аԥхыӡ бааԥс анырбалак, иҩагыланы рҿы рыӡәӡәон, "аӡы шцара уцааит, аӡы шцара уцааит" ҳәа хынтә иҳәо, ԥхыӡла иубаз ацәгьара зегь аӡы иагарц азы.

Аԥхыӡқәа рҿы аӡы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирҟазшьарбагоуп: ԥхыӡла аӡы ҵқьа ухыԥшылошәа убар – ажәабжь бзиа иатәуп, аӡы хәашь уаԥхьа илеиуазар – ажәабжь бааԥсы, абыз, ацәгьаҳәара иатәуп, аӡы хәашь уҭаҳазшәа убар – аӡәы ацәгьа уалеигалоит, абз уаҟьашьуеит, аӡы цқьа ухиааланы уӡсошәа убар, абзиабара цқьа узааиуеит.

Аӡы иамоу амчреи аҷыдарақәеи рнубаалоит ажәаԥҟақәа, иаагозар: "Ӡыда аԥсҭазаара ыҟам", "Аӡы ахьышьҭрахь игьежьуеит", "Аӡы цәыкәбарқәагьы ахаҳә кылырҵәоит", "Аӡы иаанаго, аԥша иагоит", "Адаӷьгьы сызҭоу аӡы зегьы иреиҳандаз аҳәеит", "Аӡы ҭабаргьы аӡышьҭра нхоит", "Аӡы иамыӡәӡәо егьыҟам, аламыс ада", "Аӡы уҽалажьны убахҵәаӡа узҭыҵуам", "Аӡы иашьуаз аӡы иҿадырхәхәон", "Аӡы иаго аҭәыцгьы дахьынҳалоит", "Аӡы иацәшәаз ӡыӡлан дылхьынҳалон", "Аӡы иаанахәаз ҳәҳәабжь иаҳауам", "Аӡы иалаҳаз ақәа ацәшәара даҟәыҵит", "Аӡы иашьуаз "Анцәа, анцәа!" аниҳәа, "уаргьы унапы ҟьа!" иҳәеит", "Адаӷьгьы аӡы ианаанахәа, саргьы уахь агаҟа (амшын ахь) сцарц сҭахын аҳәеит".

Ацәаҟәа - Sputnik Аҧсны
Дгьыли жәҩани еимаздо: ацәаҟәа аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы

Аӡы астихиа иузаҟәымҭхо иадҳәалоу ԥсабаратә цәырҵроуп ацәаҟәа. Иара наџьнатә аԥсуаа рыхдырраҿы зыԥсы ҭоу акы акәны ирыԥхьаӡон. Убри инаваргыланы дгьыли-жәҩани еимаздоз цҳак аҳасабала иахәаԥшуан. Аԥсуаа ишазгәарҭо ала, ацәаҟәа ауаҩԥсы иԥшра амоуп, алымҳақәа дууп, иамоуп алақәа, аҿы, ианаҭаху жәҩанахьтә адгьыл ашҟа илбааны ахаҿы аӡы иӡаакыланы иажәуеит, убри азоуп изырҳәо "Ацәаҟәа аӡы ажәуеит" ҳәа.

Ацәаҟәа анхарҭа азааигәа икыдны ирбар иазырҳәон "Ацәаҟәа ҳҭааит". 

Ажәытәӡан аԥсуаа рҿы Ацәаҟәа анцәахәқәа дырхыԥхьаӡалан. Уи даара илеишәа цәгьан, дыџьбаран. Аҵарауаҩ Симон Николаи-иԥа Џьанашьиа иусумҭақәа руак аҟны ишазгәеиҭоз ала, ацәаҟәа анцәахәы аԥсҭҳәақәа дрылоуп, игәамԥхо ҟазҵо димеигӡакәа дахьирхәуеит, дирчмазаҩуеит. Ари анцәахәы дыдмыргәаарц азы аԥсуаа ацәаҟәа хны ианырбалак нахыс ихыҵаанӡа рҿы рыӡәӡәомызт, аҵеџьқәеи аӡыхьқәеи рҿы аӡы ртомызт, аӡиасқәа рааигәа инеиӡомызт, иахьынӡазалшоз аӡы рҽацәырыхьчон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0