Амзартә рыцхә иадҳәалам – еиҭаҵуа аныҳәақәа

© Foto / из архива Таисы ЛасарияНародные гулянья в селе Блабырхуа. Сельский ансамбль. 1953 г.
Народные гулянья в селе Блабырхуа. Сельский ансамбль. 1953 г. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амзартә рыцхә иадҳәалам – еиҭаҵуа аныҳәақәа дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Амзартә ныҳәақәа раан ажәлар нцәахәқәак ирымҵаныҳәозар, аныхақәа ирзыркуазар, мамзаргьы еиуеиԥшым аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдырҳәалозар (иаҳҳәап, ақәа арура), иҟоуп хазы игоу, ауаа реибабара иазку аныҳәақәа (иаҳҳәап, ажәлантә реизара). Урҭ "еиҭаҵуа аныҳәақәа" ҳәа рыхьӡуҵар ауеит. Еиҭаҵуа аныҳәақәа иалкаау рыцхәк иадҳәаланы иҟам, иара убас ҭыԥкгьы иадҳәаланы иҟам, иахьа џьара имҩаԥысуеит, уаҵәы – даҽаџьара.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Ажәлантә реизарақәа рнаҩсангьы, аиҳаракгьы ақыҭауаа реимадарақәа рырӷәӷәаразы, аҿар реибардырразы имҩаԥыргон ақыҭатә ныҳәақәа. Иҟан иаҳа идуны имҩаԥыргоз, иҟан имаҷыз. Идууз аныҳәа мчыбжьык, ҩымчыбжь ианымҩаԥысуаз ыҟан.

Аныҳәа анаҳҳәо, уи иаанаго аишәа архиара, акрыфара, акрыжәра мацара акәым, арахь иаҵанакуеит еиуеиԥшым ахәмаррақәа, аицлабрақәа, ашәаҳәара, акәашара. Ас еиԥш аныҳәа азкын ауаа реибадырра, реигәныҩра, реиҭанеиааира. Аиҳабацәа хазы еидтәалозҭгьы, аҿар реиқәшәаразы хазы иалхыз аҭыԥқәа ыҟан.

Аныҳәа иузаҟәымҭхоз аиндаҭларақәа иреиуан аҽырыҩра, аҽырхәмаррақәа, аҵәы аршәра, ақәԥарақәа уҳәа. Иахьа қыҭак аҟны аныҳәа мҩаԥгазҭгьы, уаҵәы даҽа қыҭак ахь ицон, иныҟәон. Ас еиԥш иҟаз аиҭанеиааирқәа инарыгӡон асоциалтә функциа хадақәа: аиуаратә, аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәара рнаҩсгьы, абзазаратә, аџьармыкьатә еимадарақәа рыбжьалон. Аҿар рзы акәзар, иаԥнаҵон аҭагылазаашьа урҭ реибадырра, аҭаацәарақәа раԥҵаразы арманшәалара.

Иахьа ас еиԥш иҟоу "еиҭаҵуа аныҳәақәа" даҽа формак аархәеит. Урҭ рахь иаҵаукыр ауеит, иаҳҳәап, аспорттә еицлабрахь ииасыз есышықәсатәи аҽырыҩрақәа, аџьармыкьатә еимадара иаҳа иазааигәоу аҽаҩра аныҳәа. Аха урҭ рҟны иубаӡом ихадоу асоциалтә функциа – аиҩызаратә, аиуаратә еимадарақәа рырӷәӷәра. Ҳаамҭазы аџьармыкьатә хықәкы аԥыжәара агоит, зехьынџьара ишыҟоу еиԥш.

Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Арда Ашәба: аибааӡара аус аҿы аижәлантәқәа рчара аҵакы дууп

Иахьагьы имҩаԥысуа ажәлантәқәа реизара акәзар, аформалтә ҵакы аархәоит, "зегьы иҟарҵо ҟаҳҵоит" ҳәа. Убри аан ажәлантә уаанӡа иаадырԥшуаз аидгылара аҩыза иахьа иаадырԥшуам, макьанагьы еицхыраауашәа ишыҟоугьы, иаҳа-иаҳа аԥсыҽхара ишаҿу убоит. Уимоу, аԥсуа иажәаԥҟа "агәыла агәы даҩызоуп"-гьы иахьа актуалра ахьамам ыҟоуп.

Аглобализациа апроцессқәа аԥсуа иԥсҭазаарагьы ианыԥшуеит ҳәарада, убри аан, атәылақәа жәпакы, иахьа ҳара ҳазнысуа амҩа иахысхьоу иреиӷьу рытрадициақәа рышьҭкаара иаҿызар, ҳара макьана уи ахдырра аҟынӡа ҳамнеиӡац. Издыруада иарбан ҳәҳәагақәоу ҳзықәԥалараны ҳаҟоу макьана ҳахдырра аҭыԥ ахь иааирц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0