Дахьыҟоу ахыхәа, иҟалоит аԥсыхәа: алабжьара зныԥшуа аԥсуа жәаԥҟақәа

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДолгожители из абхазского села Джгерда
Долгожители из абхазского села Джгерда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәаԥҟақәа раӷьырак ирнубаало аԥсҭазаараҿы умҩақәызҵаша алабжьарақәа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ишдыру еиԥш, аԥсуаа ҳҟны аҭыԥ аман аимак-аиҿак, ма аусӡбатә ахьыҟалоз абыргцәа-ҟәыӷацәа радгалара. Ицәырҵыз аус аҭыԥ ақәҵаразы аҟәыӷацәа анеилацәажәоз, аӡәи-аӡәи еиԥырхагахомызт, еизыӡырҩуан. Аха еилацәажәоз руаӡәк егьи иажәа даԥыҩланы акы имҳәар ада ԥсыхәа аныҟамыз, ицәажәоз иҿаԥхьа дҩагыланы "уажәа хьыла иԥысҟоит!" ҳәа аҭамзаара шьҭаҵаны, иажәа ԥиҟон.

Ҩырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа - Sputnik Аҧсны
Ар еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа

Абасала, ажәа аԥсуаа ахьы иадыркылон, ахьы иаҟарартәуан. Пату рықәырҵон зажәаҳәа ҭбааз, ираӡаз, жәаԥҟала ихырҷаз ауаа ҟәыӷацәа.

Ажәаԥҟақәа ҳрызхьаԥшуазар, аԥсуа жәлар еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥырҵеит хыԥхьаӡарала ҵҩа змам ажәаԥҟа ссирқәа. Урҭ шәышықәсала, зқьышықәсала ҳажәлар абиԥарала имырӡкәа иааргон. Мҩашьарада иуҳәар алшоит, аԥсуаа ҳҿы дарбанызаалак ажәабжь зҳәо иакәзааит, ҩыџьа ааидгыланы иахьеицәажәо акәзааит, жәлар рыгәҭа игыланы ицәажәо иакәзааит, рцәажәараҿы ажәаԥҟак рхы иадмырхәакәа ҟалашьа амам ҳәа, избан акәзар, ахшыҩҵак инакәша-аакәшаны акәымкәа, икылкааны, инҭкааны иаанарԥшуеит.

Аҵарауаҩ, афольклорист Сергеи Зыхәба иҩуан: "Аџьажәлар рыԥсҭазааратәи, рсоциалтәи, рҭоурыхтә ԥышәеи сахьаркырала изныԥшуа, иааркьаҿӡаны ҳәоук иҭагӡаны еиқәыршәоу, ахшыҩҵак нагӡа аазырԥшуа, ацәажәараан ауаа ражәа иалаҵаны ирҳәо ажәаԥҟа ҳәа иашьҭоуп".

Жәаҳәарада, ажәаԥҟақәа ссиршәа ирныԥшит жәлар рдунеихәаԥшышьа, рҵасқәа, рԥышәа, рыхшыҩ, рхәыцрақәа, ацәгьеи абзиеи рахь ирымоу агәаанагара уҳәа.

Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлон: аԥсыуа жәаԥҟақәак рҵаки рхархәашьеи>>

Ажәаԥҟақәа рҿы еизыркәкәоуп ҳауаажәлар ацәгьеи абзиеи рахь ирымоу агәаанагарақәа, ахшыҩзцарақәа, убри азы жәлар рҳәамҭақәа иреиуоу ажәаԥҟақәа раӷьырак ирнубаалоит аԥсҭазаараҿы умҩақәызҵаша алабжьарақәа. Ҳрызхьаԥшып урҭ:

Алабжьаратә ҵакы знубаало аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәак:

  • Уқәҵатәы баны ушьапы еиҵых; уахьзынамӡо ушьапы кыдумыргылан; иулшо дырны унапы ҟьа; уахьзынамӡо уҽаԥыумшьын – иулшои иулымшои, иумои иумами дырны ухы ныҟәгала ҳәоуп арҭ ажәаԥҟақәа иҳаларыбжьо.
  • Уаххьа ануфа шьыжьхьа уазхәыц – иахьатәи уԥсҭазаара мацарала умхәыцроуп, уаҵәи уаҵәашьҭахьи шыҟоу удыруазароуп.
  • Асаба зыргыло ила асаба хылоит; ацәгьа зыршо иара дагоит; ажра зжыз иԥа дҭаҳаит; ацәгьара згәы иҭоу ацәгьара дақәшәоит; ацәгьа зуз абжа изацуп; анышә ужыр анышә аауеит – ауаҩы аиакәым изуур, мышкы зны уаргьы ишухьӡо агәра ҳдыргоит арҭ ажәаԥҟақәа.
  • Дахьыҟоу ахыхәа, иҟалоит аԥсыхәа; агәаҳәара ахьыҟоу алшарагьы ҟалоит; ахы ыҟазар, ахылԥа ахалоит – ауаҩы акы игәы иҭакны даныҟоу, уи анагӡаразы хшыҩла, махәҿала илшо зегьы аныҟаиҵа, знымзар-зны игәахәтәы дахьымӡар ауӡом.
  • Ах зҵам ҩы ыҟаӡам; акы згым уаҩы дыҟам; аҽы ԥшьшьапык шаҵоугьы ишьацәхныслоит – арҭ зҵакы еиҭарсу жәаԥҟақәоуп, агха ҟазымҵо, амашәыр иақәымшәо аӡәгьы дыҟаӡам ауп иаанаго.
  • Аанда (агәара) ахыԥара иашьцылаз аҽы, знымзар-зны амгәа ԥнажәоит – ацәгьара иашьцылаз, аҟазшьа бааԥс ҵызгаз дахьымхәыр, цәгьала дҭамхар ауӡом, абри аҩыза алабжьара аанарԥшуеит ари ажәаԥҟа.
  • Азҩа зӡаз иан дагеит; азҩа маӡа уаҩ дагоит; азҩа зыршаз иҷкәын дагеит; – ауаҩы игха иҵәахыр, иара ихаҭа изеицәахоит, убасҟан "азҩа зӡаз иан дагеит" рҳәоит. Иара убас, ауаҩы изы ахәымгара зҳәо, иҟазҵо иара ихаҭа ацәгьара дақәшәоит.
  • Аҟама акәым узыцәшәаша абз ауп; абз аҟама аиԥш иҵаруп; абз ахәыц еихнаҵәоит – гәаӷшақә, мамзаргьы ушны уаныҟоу ауаҩы иауҳәаз ажәа ахаан ихашҭраны дыҟаӡам, еснагь иуҳәо уацклаԥшлароуп акгьы зхарам ауаҩы игәы умхәырц, аха иҟоуп аҭагылазаашьақәа ажәа ҵар ахьаҭаху.
  • Аӡәы итәы иашьҭалаз, иара итәы шатәхоит – иутәым, уџьабаа здым, уус злам уашьҭалар, аиакәым уақәшәар алшоит.
  • Ахьа анцәҟәыншьа, иахырхыз ацәа иахыччон; ахьаԥарч зхылҵыз, иахәлаӷыӷуан; – ауаҩы дызхылҵыз, дзааӡаз иҭаацәа, иуаажәлар дырҿагыло, дырзымхәыцуа далагар, абас изырҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0