Асымпыли аҽҵыхәеи, мамзаргьы аԥхыӡ агәра шызгаз

© Sputnik / Роман Владимиров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсымпыли аҽҵыхәеи, мамзаргьы аԥхыӡ агәра шызгаз
Асымпыли аҽҵыхәеи, мамзаргьы аԥхыӡ агәра шызгаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыцаз ирацәахоит агәырӷьаҿҳәашеи ассири. Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа дазааҭгылоит шықәсқәак раԥхьа ахаан ихамышҭыртә ашықәс ҿыц аламҭалазы дзыниаз ахҭысқәа. Урҭ ирыцын аџьашьахәгьы, иҟан агәырӷьаҿҳәашагьы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ахьӡымҳәа ашықәс ҳҭагылан. Ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭазы салахәхараны сыҟан жәларбжьаратәи ашьапылампылтә еицлабра. Есыуаха ахәмаршьатә тактикақәа гәаныла реилыԥшаара, иҭасыршәша ампылқәа разгәаҭара заа аҽазырхиара, ахраҿа хада ансанаршьалакь амикрофон аанкыланы ажәахә шысҳәаша уҳәа, ирацәан изызхәыцтәыз. Нас ианаашалакь ашколахь, аурокқәа рышьҭахь астадионахь ҽазыҟаҵара. Оф-гәышьа ҳәа уаха сызқәа сшаарықәиалак - дырҩеигь атактика, ампыл аҭаршәра, агәырӷьара ду.

Новогодняя елка - Sputnik Аҧсны
Аҳәахәдеиԥш икьаҿу ажәабжь: ииасыз ашықәс иазкны

Анкьа аӡын зеиԥшраз сыздыруам, аха сара схәыҷраҿы есышықәса асы аура сшеилаҳауаз, схы раҳаны ажәҩан сшаҵаԥшуаз, шамахамзар аӡынрақәа зегьы ҟәандашьшьыраӡа иниабганы ицон аҟнытә, уи ашықәсангьы аԥсабара аганахьала аҳамҭа сазыԥшӡамызт. Ауаҩы дыззыԥшым аҳамҭа игәиҽанӡамкәа ианирҭо ҩынтәны даргәырӷьар алшоит, аха аҳамҭазы аамҭа алхшьагьы дырлатәуп. Аԥсабара уи ашықәсан аамҭа алхраҿы маҷк ихьысҳахеит ҳәа аҳәара азин сымоуп. Избан акәзар аицлабра актәи амш аҽны инеимагыланы асы аура иалагеит, арахь инеиқәырццакны хәымш ихәмарлатәын. Усҟан, "абгахәыҷы аԥҳәысаагашьала" амш зеиԥшрахо здыруа "аҳауагәаҭаҩцәа" неиҿаԥшы-ааиҿаԥшын, знызаҵәык агәыҩбара рынмырԥшкәа, еицҿакны ҿаарҭит "хәылбыҽханӡа еилгоит" ҳәа. Ирзақәмыршәаӡеит узҳәом. Хәылбыҽханӡа еилгеит. Аха хымш рышьҭахь, иааилахәлоны.

Аԥынгыла азаҵә хыԥхьаӡара азымдыруазаап, ианаауа даҽакгьы ацранаҳәоит. Ианакәым ҭаҷкәым ҳәа, актәи ахәмарра анынҵәа рацәак сгәы ҽеимшәа збо салагеит. Аҩны санааи ашоурашәага насҩыҵраскын, хә-минуҭк рышьҭахь санахәаԥш, сыла иабоз мцызар сҭахын- "38.8". Абжьааԥны акәзар мышқәак ашкол абжьажьразы аҭагылазаашьа бзиа схы иасырхәарын, аха уажәы ачмазаҩхаха сымамызт. Парацетамол хԥа-ԥшьба цыра насҿасыҟәшәан, сыԥсы ӡаны схыза насықәысҵеит. Убри аамҭазы адәаҟны аимаа иааҭаԥсо асы шьҭагылахьан.

Агәарабжьаратә шьапылампыл - Sputnik Аҧсны
Иахзырҟьаз - иааигоит: агәарабжьаратә шьапылампыл аԥҟарақәак

Ашьыжь сааԥшит ҿыц ихшәаз аҳәынҵәраԥшьеиԥш, схы цқьа сгәы цқьа. Астадион иқәнаухьаз асы аҽны ҳахәмаруанаҵы "ишысцәаӷәоз" збоз ауаа сааҭқәак раԥхьа амцашоура сҭаршәын ҳәа рыԥхыӡгьы иалашәарымызт. Уимоу, ҳазыҟаҵаҩ "амца укызшәа уабаццакуеи" ҳәа иџьашьаны дсызҵаауан. Идыруандаз уи амца аҵыхәала заҟа диашаз.

Хәымш рыҩнуҵҟа "учхоз" асы ҳалакәымпылуан. Ашьапылампыл аҟны ампыл амба аҭаршәра иара усгьы иуадаҩуп. Ахаҳәеиԥш ишәыз ҳшьапқәа рыла ампыл аграпара илырҟьаны амба ақәыршәара шәынтәны ицәгьахеит.Амбахьчаҩцәа ракәзаргьы такәаамҭа усда ианынхалакь, ахьҭа иԥсха, изымқәацо, абаҟақәа реиԥш иџыџӡа игылан. Ажәакала, ашьапылампыл акәзу ахоккеи акәзу иаҳахәмаруаз ус уаҩы днадыххылангьы изеилмыргар ҟаларын.

Аҵыхәтәантәи ахәмарра 0:5 ҳәа ҳшаҵахазгьы аҳаҭыртә мардуан аҟны ҭыԥк ҳхазы иаанҳажьит.Сахьгылаз, ицәгьамкәа ҳхы ааҳарԥшит ҳәа гәаныла алкаақәа ҟасҵон, аха "ишәыхәмаруаз шьапылампылызма?" ҳәа ҳаҵазырхаз сҩыза ҷкәын аҵәы сылихуа даналага урҭ алкаақәа зегь акрызхыҵыз амгьалеиԥш ихәашхәашеит. Аха абар агәырӷьаҿҳәашагьы: иреиӷьу ахьчаҩбжа ихраҿа сара исанаршьеит. Сгәырӷьара ҳәаак шамамызгьы, ахәмаррақәа зегь рахь исыцыз саб цас иауазшәа аҽны дахьзымааз кыр сгәы еихьнашьит. Ари ахраҿа идеиала ԥхьаҟатәи сшьапылампылтә еихьӡара дуқәа ирызҳәан, аха сара "скарера" цқьа иаламгацкәа ахыркәшарахь аҿаанахеит.

Амҩа - Sputnik Аҧсны
Хҭак еицҭазмыршәыз, мамзаргьы амҩатә ҭоурыхк

Иҳәатәума анаҩстәи амчыбжь зегьы ашоурашәагеи сареи сааҭкгьы ҳнеицрымшәо ҳшеиҩызцәахаз. Адәныҟа асы макьана имӡыҭыцызт, сара кәыркәамза ҳҭагылоушәа снарбон умҳәозар. Ашықәс ҿыц зынӡа ашәхымс ианаалагыла саргьы маҷ-маҷ сшьарахь сааит. Аҽны ҳшынҭаацәаз сандуи сабдуи рҟны ҳаҟан, аха аныҳәа аҩны иаԥылатәын аҟнытә ҩба-хԥа сааҭ шагыз амҩа ҳақәлеит. Амашьынақәа рацәан. Ҳмыццакӡакәа аҵх ҳагәылсны ҳнеиуан.

Иаалырҟьаны, ауха исбаз аԥхыӡ сгәалашәан, сҭаацәа ирзеиҭасҳәеит. Сыԥхыӡ аҟны ҳмашьына гылахуп, аха ишызбац акәымкәа, иҿыцҳаҳараӡа, аҩныҵҟагьы адәахьгьы абыржәыҵәҟьа азауад иҭыргазар еиԥш ицырцыруа. Саб иаразнак дахлафшәа исаҭеикит сыԥхыӡ рацәакгьы ишҽеим. Иҵабыргыҵәҟьаны, минуҭкгьы мҵыцкәа, ҳаԥхьа иаауаз амашьына харатәи алашара ала ҳабла хикын, ҳамҩа агәҭаныҵәҟьа иџыџӡа игылаз аҽы аӷьеҩҳәа ҳнеины ҳасит.

Амашьына сара сганахьала ауп ишкыдҟьаз. Саб изнапыкала скыдырӷәӷәалара дахьымӡар ааха ӷәӷәа соур ҟаларын. Анцәа ила ҳаибга-ҳазҩыда ҳаанхеит. Акызаҵәык, амашьына алахь иҭасаз асаркьа башак акәзаарын, аԥслымӡеиԥш ихәашхәаша ианца аԥҽыхақәа сыла иахьҭаԥсаз ԥыҭраамҭак ахәышәтәра рҭаххеит. Аха уи шьҭа схы иқәыскрын.

Абасала ахьӡымҳәа аҵыхәтәантәи амш азы имыцҳакәа изымҩамсит. Аҽгьы иара иахьашықәсыз азы қәнагала ҳзаԥымлазар ҟалап, аха иаҳцәымгәааӡеит ҳәа агәраганы сыҟоуп, хымԥада еилнакааит акгьы шаҳхарамыз.

Сынтәатәи ҳҳәозар, ашықәс ҿыц ауха амҩа анылара сҽацәысыхьчеит. Зеиԥш ҟамло егьыҟам, издыруада ҳәа дук сымҩа акырц иақәнакызҭгьы?

 

Ажәабжьқәа зегьы
0