Умыцәҳан, уҽхыумтын, баша умхысын, иумжәын: ашьхараҿ ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукГоры Ауадхары
Горы Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ашьханыҟәара еснагь ҷыдала иазнеиуан, ирыман агәрагарақәа, аԥҟарақәа, ақәиҭымтәрақәа. Урҭ ирызкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә центр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
"Ажәытәӡа зны, абыржәы Риҵа газго иахьҭажьу, иҟан ақыҭа. Аԥшысба ҳәа изышьҭаз ажәла мацара акәын уа инхоз. Изларҳәоз ала, урҭ уаа ԥагьақәан, дара иреиуамыз дызусҭзаалакь аӡә дрыларыжьломызт. Уахык зны харатә иаауаз ҭаҳмадак абри ақыҭа даланагалеит. Амла дакуан, дааԥса дыҟан, иҭахын џьара днымҩахыҵырц, аха дахьнеилакгьы, "Бзиала уаабеит!" аҭыԥаны, "Узлааз удыруазар, убри амҩа уқәланы уахьааз уца!" ҳәа иаҳауан. "Ԥсыуак идгьыл аҿы иҟамлац, амҩасҩы днармышьҭуа, амла иакыз акы дадмырцҳауа!" дхәыцуан аҭаҳмада. Ақыҭа агәҭаны хаҳәы еиқәаҵәа дук кажьын, абри ахаҳә даақәгылан, дшәиит: "Ауаҩра зцәыӡыз рынасыԥ абри ахаҳә еиԥш еиқәаҵәахааит, рҭыӡҭыԥқәа рҿгьы аӡы ҩеиааит!" ҳәа. Абасоуп Риҵа шыҟалаз ҳәа рҳәоит. Уи ақыҭаҿы инхоз, аҭаҳмада дыздызкылаз, ԥҳәысеибак лыҷкәыни лареи рыда, уи ақыҭа зегьы аӡиа аҵахь ицеит" (Б. Шьынқәба. "Ахьырҵәаҵәа", 1990.)

архив - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
"Ахаҳә шкәакәа", "ахаҳә еиқәаҵәа": зыԥсы ҭоуи иԥсхаԥсуи аԥсабаратә символқәа

Ари аҳәамҭа ала иубоит зыуаҩра зцәыӡыз ауаа рынасыԥ шеиқәаҵәахазгьы. Аԥсуаа ирымоуп ажәаԥҟа "Амал уцәыӡыр, ҿыц иурҳауеит, ауаҩра уцәыӡыр – иузыргьежьӡом" ҳәа. Аԥсуаа иахьыҟазаалакгьы еснагь дара ртрадициатә нормақәа ирықәныҟәоит. Ауаҩы ихымҩаԥгашьатә кодқәа рыла ишьақәгылоит иара итрадициатә культурагьы. Еснагь иҟоуп ҩ-ганк: ацәгьеи абзиеи, иҟауҵар иҟалои иҟамлои. Иҟауҵар иҟамло аилагара иахылҿиаауеит иҽеим ахҭысқәа.

Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ухы шымҩаԥугаша аԥҟарақәа ыҟоуп. Иаҳҳәап, сасра иҟоу ихы шымҩаԥиго инаркны, аԥсраҿы ма ачараҿы рхымҩаԥгашьа ахатә ҵасқәа шамоу еиԥш, еиуеиԥшым аԥсабаратә ҭыԥқәа рҿы аныҟәарақәагьы ахатә ԥҟарақәа амоуп.

Ашьха аԥсуа изы Ацқьаҭыԥ ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи зырҵабыргуа иреиуоуп ҳныхақәа, урҭ зегьы ашьха иаԥнуп. Аԥсны шьхатәылоуп, аԥсуаа ашьхауаа иреиуоуп. Убри инамаданы ирацәоуп ашьха иадҳәалоу аҵасқәеи ақьабзқәеи, анцәахәқәеи.

Горы Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2023
Адоуҳара: ашьха, аҳаракыра аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы

Ахыхьчара

Ашьха ихало ауаҩы дазыҟаҵазароуп. Абжьааԥны гәыԥ-гәыԥлоуп ишныҟәо, ашьха атәы здыруа аиҳабы дрыцны. Ашьха иҟоу еснагь зегьы дырзыхиазароуп, уаҟа лассы-лассы аҳауа аҽеиҭанакуеит, амш еилгаӡа ишыҟоу акәымкәа, иаалырҟьаны идыдымацәысыр ауеит, анаҟә хылоит. Анаҟә анхылалак, умҩа иацумҵар, уҽумырҵысыр еиҳа еиӷьуп, ишакәым ушьапы лаҿаургыр, улалҟьа уцар ауеит. Ахыхьчаратә ԥҟарақәа рыдагьы иҟоуп зеилагара ҟамло ахымҩаԥгашьатә нормақәа. Ауаҩы ихымҩаԥгашьеи ишәарҭадареи еицуп, акы аилагара иҽеим аҵыхәтәахьы унанагар алшоит.

Ажәа ацклаԥшра

Ашьха иҟоу дарбанызаалак иажәа дацклаԥшуазароуп: абжьы ардура, агәамҵра, ацәҳара ҟалаӡом. Уажәа мацарагьы акәым, ухы-угәы иҭоу ухәыцрақәагьы цқьазароуп. Иазгәаҭатәуп, иара аԥсабара ашәарҭадаратә ԥҟарақәа рылагьы абжьы рдура, аҿыҭра ашьхараҿы ишыҟамло, избанзар уатәи аҳауатә ҭагылазаашьа хазуп, абжьырдура "дгьылҵысрак" иаҩызахар ауеит, абахәра ахаҳә аҿыбгар алшоит.

Ашьхацамҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2020
"Мҩахәасҭала ахрақәа рахь" – Аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара

Аҽхымтра

Ихадароуп иара убас аҽхымтра. Ашьха ицқьоу ҭыԥны ишыԥхьаӡоу ала, уатәи аӡыхьқәагьы цқьоуп, уҽеилыхны аӡы уҭалар ҟалаӡом. Издыруа маҷуп, аха ари ахымҩаԥгашьатә ԥҟарагьы ахатә шәарҭадара аҵоуп. Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ашьхараҿы амра ашышьа хазуп, иаҳа ицоуп. Уҽырҟьантазны уатәи амра уаҵагылар, уцәа былуеит, ачымазара узнарҵысуеит. Ашьха иныҟәо аиҳабацәа иазгәарҭоит ашьха чымазара шыҟоугьы.

Ашәарыцара аԥҟарақәа

Ахысразгьы ашьхараҿы ахатәы ԥҟарақәа ыҟоуп. Шәарыцара иҭыҵуа дахьышәарыцо аҭыԥқәа идыруеит, ашәарах ишьуазаргьы, избеит ҳәа зегьы ишьуам. Уимоу, ашәарыцаҩ ҟаза иакәымзар, абџьар ҽаӡәы идыркуам, избанзар ашьхараҿы гәыԥ-гәыԥла ауаа ахьылоу, абнара иаҵәахуа ианыҟоу, ишакәым иҭҟьаз ахымҩас машәырла аӡәы дашьыргьы ауеит.

Охота на перепела - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2023
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа

Арыжә џьбара аҽацәхьакра 

Ашьхараҿы арыжәтә џьбара ажәра зынӡаск иҟалаӡом. Рыжәтәс уаҟа рхы иадырхәо ахарҵәыӡҩеи ацхаӡҩеи заҵәык роуп. Ацха уашьӡом ҳәа згәы иаанаго ыҟазар, урҭгьы ргәы иажьоит, ацхагьы уашьыр ауеит иурмыцхәыр. Ижәны иҟоу ауаҩы ихымҩаԥгашьагьы ицәажәашьагьы аҽеиҭанакуеит, иныҟәашәагьы еиланагоит (ашьхараҿы ушьапы ахьургыло убозароуп!), иакәым инарҟаҵар ауеит азы ашьхараҿы уи зынӡаск иҽацәхьеикыр еиӷьуп.

Шәаҳәареи кәашареи ҟалом

Абарҭқәа рнаҩсгьы иҟалаӡом иара убас ашьхараҿы ашәаҳәара, акәашара. Ашьха иҟаз ашәарыцацәа ашәаҳәара ианалагоз, рышәарыцарҭа ҭыԥ иҭыҵны акыр ианыласкьалак акәын, мамзаргьы лбаа ианыҟаз, ахалара ианалагоз.

Абарҭ ахымҩаԥгашьатә ԥҟарақәа ашәарҭадаратә ԥҟарақәа инарываргыланы зегьы ирдыруазар ахәҭоуп, урҭ аԥҟарақәа рыларҵәалатәуп ԥсшьара иаауа, ҳаԥсабара алеишәа ззымдыруа ауаагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0