Шьапымшыла: амшра зцу ауаҩы иныҳәара

CC0 / / зшьапы мшу ауаҩы
зшьапы мшу ауаҩы - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа агәра ргоит зымшьҭа бзиоу, зшьапы мшу ауаҩы дшыҟоу, уимоу, амшра зцу иныҳәарагьы мҩаԥыргалоит. Есма Ҭодуаԥҳа иҳадылгалоит уи ауаҩы дарбан шеилыркаауеи, ишизныҟәои, насгьы иара дшырныҳәои атәы.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ауаҩы иҿыцу шьаҿак ҟазҵо изы аԥсуаа рныҳәара иалаҵаны ирҳәоит "шьапымшыла", "мышьҭа бзиала" ҳәа. Ахәыҷы данилакгьы "дҵеи мышхааит" ҳәа ирыдныҳәалоит. Аҭаца лзы акәзар, раԥхьаӡа акәны лшьапы ахьалалгало аҭаацәараҿы "шьапымшыла ҳашҭа бҭалааит" ҳәа ларҳәоит. Ажәлар рҿы ишазгәарҭо ала, иҟоуп амшра зцу, аманшәалара зцу ауаа. Аҭаацәараҿы ахшара еиҳабы (дыҷкәыноума, дыӡӷабума) амшра ицуп ҳәа дыԥхьаӡоуп.

Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2019
Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара

Аҩны џьара уск рҽаназыркуа, абри ҳақәманшәалахандаз ҳәа ргәы ианҭаркуа зымшьҭа бзиоу ауаҩы дрықәшәар рҭахуп. Ус еиԥш "абри дымшуп" ҳәа игәарҭахьоу аӡәы даныҟоу, аҩныҟа даарыԥхьоит, пату иқәырҵоит, "зымшьҭа цәгьоу аӡәы илаԥш ақәшәаанӡа, аԥхьа уара ушьапымшыла ҳалагар ҳҭахуп" ҳәа.

Дарбанызаалак узазҵаалакгьы, "амышьҭа ыҟоуп, ишԥаҟам" ҳәа уарҳәоит. Ауаҩы имышьҭа шыцәгьоу иара ихаҭагьы изымдыруазаргьы ауеит. Уимоу ангьы лыхшара изы лылаԥш ҽеимхар ауеит. Уазхәыцыр, ан лаҟара зыхшара дызҭахыда, аха ус еиԥш аныҟало ыҟоуп лара илзымдырыкәа ҳәа ҳалҳәеит Оҭҳара ақыҭан инхо Ира Қапба.

"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз>>

"Амышьҭа ыҟоуп, ишԥаҟам! Алаԥшгьы ыҟоуп, амышьҭагьы ыҟоуп. Уи са сыцәгьоуп ҳәа игәы иаанаго џьыбшьома, изымдыруазар ауеит. Ангьы ахәыҷы изы лылаԥш цәгьахар ауеит. Иаҳҳәап, ахәыҷы агәыԥҳәыхш изымфо, хьаак изҵысуа, арахь ихьыз узеилымкаауа иҟалоит. Нас ус ианыҟоу аҭәҳәақәа ҟазҵо аԥҳәыс дааганы ахәыҷгьы, ангьы дрыҭәҳәоит "лылаԥш лзеиӷьхааит" ҳәа. Саргьы сыҭәҳәоит. Егьи, имшу ауаҩы дыҟоуп. Уажә сара игәасҭахьеит абра ҳара иаҳзааигәоу аӡәы имшьҭа бзианы. Убри сҟәарҭ аныхтәалоу аума, ма ныҳәак аан аума, убри аԥхьа дааир сҭахуп. Убри данааилак, сусқәа зегь маншәалахоит", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит.

"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа>> 

Даҽа ҳинформантк ишаҳзеиҭалҳәаз ала, лара дақәшәахьеит аргама зыҩнра идәылҵны аҭаацәара иалалоз аӡӷаб данцоз лымшра лымгарц азы аныҳәара шымҩаԥыргаз. Амшра змоу аҩны дандәылҵуа имшрагьы иццоит, аҩны алԥхара цар ҟалоит ҳәа рҳәоит.

"Сара убас сақәшәахьеит аӡӷаб аргама хаҵа дцон, лара ахәыҷқәа зегьы дреиҳабын, дымшуп ҳәа дыԥхьаӡан. Убри данцоз амш аҽны акы лзышьны дырныҳәеит, абри агәара ааныжьны дцоит, лымшра лҭаацәа рҿгьы инхарц. Дахьнанагогьы дырныҳәоит, уа ишахәҭоу еиԥш. Амшра зманы иҟоу уахь илгар ҟалоит, нас аҩны рыманшәалара цоит ҳәа иԥхьаӡаны абас иҟарҵо збахьеит", – ҳәа ҳалҳәеит Аҷандара ақыҭа иеиуоу Сусанна Ҳашыг.

"Дахьдәылырго еибарҵәуоит, дахьнанаго еибаргәырӷьоит" ҳәа аҭаца лзы ирҳәо ачарашәа амшра зцу ауаҩгьы идукылар ауеит ганкахьала, избанзар амшра зцу дахьдәылҵуа аҩнаҭа уаанӡеиԥш аманшәалара рыцны иҟамлар ауеит, дахьнеиуа акәзар – имарымажахоит. Аҷкәын иакәзар амшра зцу, иаҳҳәап, аҷкәын еиҳабы аҩны даҿыҵны хазы нхара дцозаргьы, убас хазы аныҳәара мҩаԥыргон дахьдәылҵуа аҩнаҭаҿгьы имшра аанхарц, имшра зегьы имгарц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0