Валери Бганба Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аҧсуа студентцәа дырҧылеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВалери Бганба Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аҧсуа студентцәа дырҧылеит
Валери Бганба Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аҧсуа студентцәа дырҧылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҧхынгәы 25 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аҭырқәуа университетқәа рҿы аҵара зҵо аҧсуа студентцәа дырҧылеит. Аиҧылара иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада ихаҭыҧуаҩ Гогәуа Сенер, Ҭырқәтәыла Аҧсны ахаҭарнак Гыцба Инар.

АҞӘА, жьҭ 9 — Спутник Аԥсны. «Аҳәынҭқарра Ахадара еснагь адгылара рырҭоит аҧсууа студентцәа аҳәаанхыҵ аҵара зҵо. Дара роур Аҧсны аҧеиҧш. Ҳара аекономика, ааглыхра, аҭыжьра рҿы азанааҭдырыҩцәа ҳазхаӡом. Ҳара ҳгәыӷрақәа рыдаҳҳәалоит арҭ астудентцәа. Дара Аҧсныыҟа иханҳәуеит зыквалификациа ҳараку азанааҭдырыҩцәаны, ирылшогьы зегьы ҟарҵоит ҳаҧсадгьыл арҿиаразы»,- иҳәеит Бгарба Валери. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада ихаҭыҧуаҩ Гогәуа Сенер иҭабуп ҳәан иеиҳәеит Ахада инапынҵақәа назыгӡо, иазгәеиҭеит ари аҩыза аусмҩаҧгатә раҧхьа акәны ишымҩаҧго. Гогәуа Сенер адырра ииҭеит Ахада инапынҵақәа назыгӡо шаҟаҩы аҧсуа студентцәа Ҭырқәтәылатәи ауниверситетцәа рҿы аҵара рҵо ала. «Иахьатәи амш азы Ҭырқәтәвлатәи ауниверситетқәа рҿы аҵара рҵоит 40-ҩык аҧсуа студентцәа, иаҭа сынтәа 16-ҩык шьҭын Ҭырқәтәылаҟа аҵара ҵара. Иазгәасҭарц сҭахын Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата адгылара шрынаҭо Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аҧсуа студентцәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палатеи Сҭампылтәи Ахәҳаахәҭра-ааглырхратә палатеи рыбжьара ибжьаҵо аусеицуразы аиқәшаҳаҭра иабзоураны Сҭампылтәи ауниверситет есышықәса х-ҭыҧк рынаҭоит аҧсуа студентцәа. Уажәы ааигәа ибжьаҵан аиқәшаҳаҭра Сакариатәи ААП. Аганқәа азааибагеит еисышықәса Сакариатәи ауниверситет жәа-ҭыҧк аҧсуа студентцәа рзы иалнахлоит», иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқрра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада ихаҭыҧуаҩ Гогәуа Сенер. «Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнакра аус ду мҩаҧнагоит Аҧснытәи астудентцәа рзы. Ацхыраареи адгылареи рырҭоит еиуеиҧшым азҵаарақәа рыла. Ҳара ҳастдентцәа Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарреи Аҧсны Аҳәынҭқарреи аҧсуа диаспореи еидызҳәало ҭыҧуп», — иҳәеит Гыцба Инар.

Ажәабжьқәа зегьы
0