Иахзырҟьаз - иааигоит: агәарабжьаратә шьапылампыл аԥҟарақәак

© Фото : CCOАгәарабжьаратә шьапылампыл
Агәарабжьаратә шьапылампыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пхынҷкәын 10 рзы адунеи атәылақәа жәпакы рҟны традициала иазгәарҭоит ашьапылампыл амш. Абри аҽны ишәыдаагалоит ашьапылампыл абзиабаҩцәа ируаӡәку Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ари аспорт хкы иадҳәалоу ихәыҷтәы гәалашәарақәа. Зегьы шьҭрала ҳхәыҷраҟынтә ҳаауеит шырҳәо еиԥш, ашьапылампыл ду ахь уназго амҩагьы ахәыҷраҟноуп иахьалаго.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Схәыҷра инаркны сгәалашәараҿы инхаз ахҭысқәа рыбжеиҳарак ампыл иадҳәалоуп. Актәи-аҩбатәи аклассқәа рҟны аҵара зҵо ахәыҷы макьана амультфильмқәа дрыхәаԥшуеит, ахәмарга машьынақәа дрылахәмаруеит. Аха сара схәыҷраҿы хәмаргас исҭахӡаз мпылын, ателехәаԥшыгагьы санадтәалаз ашьапылампыл аҿакызар акәын. Ачемпионцәа рлига ҵхыбжьон жәеиза рыбжазы акәын ианалагоз, убри аҟнытә сҭаацәа сыцәахьеит ҳәа ргәы ианаанагоз маӡала ашьапылампыл наҿаскуан. Жәаҳәарада, уахынла суада ҳаскьынԥшшәыла ишыҩнылашаауаз саб игәаимҭарц залшомызт, аха иаргьы ашьапылампыл дабзиабаҩы ӷәӷәан. Убри аҟнытә хаҵаҵас сеиликаауан.

Лука Модрич - Sputnik Аҧсны
Инҵәама аепоха "Месси-Роналду"?

Ашьапылампыл ахәаԥшра еиԥш ахәмаррагьы агәыбылра зааӡа ишьҭаҳкааит сҩызцәеи сареи. Иҟамзар ҟалап ҳаблакгьы зхатәы шьапылампылтә чемпионат змам. Агәарабжьара "ахраҿа" аҽаԥсатәразы ааигәа-сигәа еиҳа иҭбаашәа иҟоу ашҭа стадионс иҟаҵаны ҳахәмаруан ҩыџьа-ҩыџьала ма хҩы-хҩыла еизгоу ахәыҷтәы командақәа. Ари ашьапылампыл ахкы аԥҟаррақәа абӷьыц ианӡам, ихәмаруа дарбанызаалак урҭ зегьы аҷҷаҳәа идыруазшәа ҟаиҵоит, аха аиашазы инагӡаны аӡәгьы издырӡом. Дара акала аԥсҭазаара азакәанқәа иреиԥшуп. Шьапҿаршә уҭаны укарыжьзаргьы узинқәа ухаҭа рыхьчашьа уақәымшәар ампыл ааганы аӡәгьы унапы иаиркӡом. Уажәа агәра рымгозшәа убар уиашара шьақәнарӷәӷәоит иԥшьоу "мама дымсааит". Уигьы амыхәар америкатәи абоевикқәа иудырҵаз акы-ҩба напҟьашьапҟьара ухы иаурхәар акәхоит.

Аха уҳәатәы иақәныҟәарц ануҭаху кырӡа уус армариоит шәызлахәмаруа ампыл уара иутәызар. Абыржәыҵәҟьа сымпыл сыманы аҩныҟа сцоит ҳәа уалагар иҟалап жәеиза метрантәи ампыл асрагьы азин урҭар. Ганкахьала еснагь игәаауа ахәмарҩцәа реилазаараҿы рацәак пату иқәӡам, лассы игәаӷ шьҭырхуеит. Аха идагьы ԥсыхәа рымаӡам, избанзар ампыл змоу иара иоуп. Чынла ампыл зтәу дизааигәоуп "астадион" аԥшәмагьы. Арҭ рҩыџьагьы рыргәаара иаԥсам, избанзар ахәмарра зегьы дара рнапы иакуп. Иааргәамԥхаргьы аиԥҟьара рзыуадаҩӡам. Абри акәхап изахьӡугьы зашҭа уҭоу иашәа ҳәа.

Агәарабжьаратә шьапылампыл иамоуп ахатәы фырхацәагьы. Урҭ еиҳа ампыл аҭаршәра иазыманшәалоу, ампыл аус адулашьа бзианы издыруа ахәмарҩцәа еснагь еимаркуеит, дара ркомандаҿы аҟазаара зегьы еицырҭахуп. Аха, ашьапылампыл аҟны аханатәгьы ҩ-командак наҟ-ааҟ еиҿагыланы ихәмаруан, акы ахала ианыҟоу ахәмарра зыҟалаӡом. Убри аҟнытә ахәмарҩцәа ииашаны реихшашьа агәарабжьаратә еиндаҭлараҿы ӡбашьак змауц зҵаароуп иахьагьы.

Футбольное поле - Sputnik Аҧсны
Рафик Багаҭелиа: Аԥсны ашьапылампыл ахәыҷтәы командақәа рыда изыҿиом

Ашьапылампыл зцааиуа абомбардирцәа реиԥш иҟоуп иара убас ари аспорт аҟны аԥсабара баҩхатәрада иннажьызгьы. Дара урҭ, дырҩегьых иҩым агәарабжьаратә ԥҟарақәа инарықәыршәаны, амбақәа рҿы рҭыԥқәа ааныркылоит. Ахәмарра убас ишоуп, аӡәы даҵахоит — аӡәы даиааиуеит. Аха иџьоушьаша, иаҵахаз акоманда ахәмарҩцәа зегьы еидгыланы иахьрықәымҿиаз амбахьчаҩ ихарарҵоит, "ани иузымкыз ампыл санду дҭаргылазҭгьы анкылара лылшон" ҳәа аҵәы иҵаҵо аҽԥныҳәа дадыргоит. Еснагь зехьынџьара ишыҟоу еиԥш, аанда еиҳа иахьылаҟәу ауп зегьы ахыҵра ахьырзаауа.

Аанда ахыҵра ахаҭа ҳалацәажәозар, ари азанааҭ профессионалтә ҩаӡарак аҟынӡа ихаҳгалахьан. Абжьааԥны ампыл аазгоз иахзырҟьаз ихаҭа иакәын, аха аамҭак азы "амбахьчаҩ аҵыхәтәантәи иус" захьӡыз иҷыдоу агәарабжьаратә ԥҟарагьы аус ауан. Аха ишнеи-шнеиуаз урҭ амбахьчаҩцәагьы ҟәышхо иалагеит. Издыруада уи ҳара ҳхаҭақәагьы ҳахьеизҳауаз акәызҭгьы измааназ…

Аиашазы ҳампыласра зны-зынла амашәыр анахылҿиаауазгьы ыҟан. Убас ҽнак сҩызцәа зегьы еизызган сара "сыстадион" аҟны ахәмарра ҳалагеит. Еилкаау усуп, цәгьак мукәа еилгашьас иҳамааз, аха аиҳабацәа зегьы рыла ишабоз аԥенџьыр ҭаԥаҳаххаап ҳәа сгәы иаанагомызт. Аха, Анцәа иџьшьаны ҳампыл ԥымжәакәа еиқәхеит, ҳлымҳақәа ахьдырҵәиуаз хьаас измадаз.

Футбольное поле - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл маҷ ахраҿазы ачемпионат раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит

Хьаас иҳамамызт амш аҭагылазаашьагьы. Аҭакар ыҟазу, амҟәыл леиуазу, зегьы дара ракәын. Акызаҵәык – ҳҭаацәа ҳрымбартә еиԥш ихәмарлатәын. Аха ари аҩыза атактика кыр аамҭа ннаҵуам. Хымԥада, даацәырҵуан нандук ма бабадук, ҳҭаацәа рҿы ҳазрыраргамоз. Ԥхынразар ашоура еихсыӷьаанӡа иааԥштәхон, амш цәгьазар — ампыл уагьазымԥшын. Ажәакала, иуадаҩын ҳҭаацәа реилыркаара ампыл ҳамысыр ада ԥсыхәа шыҟамыз.

Ҳгәарабжьара акоманда иалахәыз аӡәык-ҩыџьак иахьа ашьапылампыл ду аҟны ҩаӡара ҳаракыла рҽазыҟарҵоит. Егьырҭ ҳакәзаргьы ҳхәыҷра иациз ашьапылампыл агәыбылра каҳмыжьӡеит, бзиабаҩцәак раҳасабала ҳаизаны ҳахәмарлоит. Ҳҽалаҳархәуеит еиуеиԥшым ашьапылампылтә еицлабрақәа. Ҳалҵшәақәагьы ҟәнушьартә иҟаӡам. Аха хаҭала сара сзы хәы змаӡам цәанырроуп усҟан ашҭаҿы ампыл исыцасуази сареи уажәы дырҩегь ҳажәҩахыр еибыҭа ҳанеицыхәмаруа. Усҟан ҳара аамҭа кьаҿк азы иадамзаргьы дырҩегь ҳхынҳәуеит ҳхәыҷрахьы. Аха уажәшьҭа аԥенџьыр ҳцәыԥҽыр ҳәа ҳшәаӡом.

© Fotolia / NeirfyМальчик держит ногой мяч на поле
Мальчик держит ногой мяч на поле - Sputnik Аҧсны
Мальчик держит ногой мяч на поле

Ажәабжьқәа зегьы
0