Денис Царгәыш Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара афедерациа ахадас далхуп

© Sputnik / Владимир Баранов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУниверсиада.7-й день. Вольная борьба. Архивное фото.
Универсиада.7-й день. Вольная борьба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зхы иақәиҭу аиқәԥареи абырзен-аурым қәԥареи рфедерациа аихшьаалатә-алхратә конференциа мҩаԥысит ԥхынгәы 31 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 31– Sputnik. Денис Царгәыш Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥареи абырзен-аурым қәԥареи рфедерациа ахадас далхуп ахәаша, ԥхынгәы 31 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Денис Царгуш и Кан Тания - Sputnik Аҧсны
Денис Царгәыш Аԥсны "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩыс" дҟалеит

Зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ еиҳабы Џьарназ Бениа дықәгылеит Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥареи абырзен-аурым қәԥареи рфедерациа ахадас Денис Царгәыш дҟаҵазарц ажәалагала иманы. Зегьы еицҿакны иақәшаҳаҭхеит ари ажәалагала, иагьырыӡбеит Афедерациа ахадас Денис Царгәыш иалхра. Царгәыш – Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны араӡны медал занашьоу, адунеи, Европа ачемпионатқәа рҟны хынтә-хынтә аиааирақәа згахьоу, хәынтә раахыс Урыстәыла ачемпионс иҟалахьоу қәԥаҩуп.

"Сара схаҭагьы Афедерациа ахадас салырххьан, аха иахьа иҟаз аҩыза раԥхьаӡа акәны салаԥшит – аиҳабацәа рхала рашьҭахь иааиуа аҿар рҭыԥ анрымардо. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит Рашь Хабыгә-иԥа (Хәытаба – уаанӡатәи Афедерациа ахада – аред.) абас ҟәышрала дахьныҟәаз азы", - ҳәа азгәеиҭеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәыбаз.

Дениса Царгәыш иажәақәа рыла, иара изыҳәан ари амаҵура ҳаҭыр дууп, иагьҭакԥхықәра ҳаракуп.

"Саргьы сықәԥаҩын аҟынтә, ҳәанҳәахла акәым ишыздыруа зхы иақәиҭу аиқәԥараҿы иҟоу апроблемақәа ртәы. Урҭ рыӡбаразы иконкреттәу ашьаҿақәа ҟасҵалоит. Аус здаҳулаша ҳамоуп, азыҟаҵаҩцәа зегьы рҟынтә адгылара ҳҭаххоит. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит Џьамал Гәыбаз иахьа абра дахьыҟаз азы. Уаанӡа иареи сареи ҳаицәажәахьан, Аԥсны аиқәԥара адагьы егьырҭ аспортхкқәагьы зегьы рырҿиразы аус шеицаҳуо ҳәа", – иҳәеит Царгәыш.

Аконференциа иалахәын Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥареи абырзен-аурым қәԥареи рфедерациа алахәцәа, азыҟаҵаҩцәа, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәыбаз, Аԥсны Амилаҭтә олимпиатә еилакы ахада Валери Аршба.

Денис Царгәыш – 2012 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны араӡны медал игеит, хынтә адунеи дачемпионхахьеит (2009, 2010, 2014), хынтә Европа ачемпионс дҟалахьеит (2010, 2011, 2012), хәынтә Урыстәыла ачемпионс дҟалеит (2006, 2009, 2010, 2012, 2014), Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0