Аџьабаа зцу, аха зыбжьы хаау жәлар рмузыкатә инструментқәа рыҟаҵашьа

Анапаҵаҩра
Анапҟаза Уасил Арухаа еиҭеиҳәоит аԥсуа жәлар ринструмент - ачамгәыр шыҟаиҵо атәы.

Жәлар ринструментқәа рыхкқәа зегьы ҟаиҵоит Уасил Арухаа. Иара аамҭа рацәа дадхылоит: аҿарпын, аԥхьарца, аҟьаԥҟьаԥ ҽнак ала иҟаиҵозар, ачамгәыр, аҩымаа, ахымаа мчыбжьык инеиҳаны дадхалоит.

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Афотоҭыхымҭақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>>

"Ачамгәыр злырхуаз анкьа ашәи, али акәын, аԥхьарца злырхуа ҳәа издыруа ашәҵла ауп. Хәаԥ бырг бзиак дыҟан сара саналагоз сиазҵааит аԥхьарца злырхуеи ҳәа, усҟан ус сеиҳәеит алаҳа иалырхуеит ҳәа. Алаҳа иалхны иҟасҵахьеи сара аха уамак иманшәалам. Аԥхара анаслак аҽеиҿнакааӡом. Инаҳәо ааҳәо иҟалоит.аԥхьарца ахаҭабзиара ҟаларазы аҵла аструктура ианаалаӡом. Аҿарпын ҳәа иҟоу ҵлоуп, иҵиааны иҩеиуеит, аха аҳацкьын уаӷрагылар ҟалаӡом, иҟьцоит. Аҿарпын узыҟаҵаӡом ҳәа сеиҳәеит Оҭар, зыԥсаҭа шкәакәаха, сара ишԥасзыҟамҵо сҳәан иагьыҟасҵеит. Уи аамҭаз Урыстәылантәи иаазгеит еиуеиԥшым аинструментқәа злысхшаз амаҭәарқәа. 60 см иҟазар ауп аҿарпы злакылауҵәуа апарнпанта. Сгәы иаҭахә аинструмент, зегь реиҳа иҟасҵандаз ҳәа сгәы ззыҳәо, аԥхьарца ауп.́ Иара аклассикатә инструментуп, иара ажәа ахаҭа иаҳәоит, ҳаԥсуа инструментқәа зегьы иреиҳауп аԥхьарца, раԥхьа игылоуп. Аԥхьарца иамҳәо ҳәа акгьы ыҟаӡам", — ҳәа азгәеиҭеит Уасил Арухаа.

Уасил Арухаа иҟаиҵо аинструментқәа зегьы напыла ауп ишыҟаиҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0