Акоронавирус аҽацәыхьчаразы: Аԥсны ауааԥсыра аԥкра ҿыцқәа ишрықәныҟәо

Анапаҵаҩра
Жьҭаара 5 инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы ҩаԥхьа аԥкрақәа аларгалеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ачарақәеи егьырҭ ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәеи.

Аԥсны жьҭаара 5 инаркны ҩаԥхьа аԥкрақәа аларгалеит, атәылаҿы аепидемилогиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы.

2020 шықәса ааԥынразы Аҭагылазаашьа ҷыда арежим Аԥсны ирылаҳәан, аԥкрақәа маҷымкәа иалагалан, аҳәынҭқарратә ҳәаагьы аркын.

Рашәарамзазы аԥкрақәа рыхәҭак аԥыхын, ачарақәеи ауаа рацәа злахәу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи ирықәиҭтәын.

Нанҳәамзазы аурыс-аԥсуа ҳәынҭқарратә ҳәаа аадыртит, ихацыркхеит ауаа маҷҩымкәа иззыԥшыз атуристтә сезон. Аха абарҭқәа рышьҭахь атәылаҿы ачымазара ҿкы еиҳа-еиҳа иалаҵәо иалагеит.

Цәыббра 18 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа акоронавирус ацәыхьчаразы аԥкра ҿыцқәа жьҭаара 5 инаркны ралагаларазы адҵа ҟаиҵеит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0