"ConIFA" - "Медиа": аиҩызаратә еицыхәмарра мҩаԥысит

© Foto / Федерация футбола Абхазии"ConIFA" акоманда
ConIFA акоманда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2019 афиналбжатә хәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 6 рзы.

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акомандақәа "ConIFA" - "Медиа" аиҩызаратә еицыхәмарра мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа.

""ConIFA" акоманда иалахәын атурнир аиҿкааҩцәа. Ахәмарра дәахьы днеит аиҿкаара апрезидент Пер Андерс Блиндгьы. "Медиа" акоманда еиднакылеит АИХ ахаҭарнакцәа", - иҳәоит иара.

"Зегь агәалаҟазаара бзиа рыманы ихәмаруан. Аимабзиара шыҟаз умбарц ауамызт", - еиҭеиҳәоит Манаргиа.

Аԥснытәи акоманда Ашьха Ҟарабах аԥсшьарамш аман - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акоманда Ашьха Ҟарабах аԥсшьарамш аман

Ҳәарада, ари атурнир алахәылацәа рыҩаӡара ConIFA-2019 алахәылацәа рыҩаӡара иеиԥшымызт, аха ус шакәызгьы, ахәмарра аинтерес аҵан, ҳәа азгәеиҭоит иара.

"Аиҳараҩык рықәра шыҟазгьы уаанӡатәи рԥышәа рныԥшуан. Арҭ ауаа еидызкылоз ашьапылампыл ахь абзиабароуп. Ахәмарра аамҭа хада хыркәшахеит 4:4 ҳәа, аха нас апенальти уи аҭагылазаашьа аԥсахит", - иҳәоит Манаргиа.

Акоманда "Медиа" аԥыжәара аиуит.

ConIFA рашәара 7 2013 шықәса рзы ишьаҭаркуп, уи еиднакылоит FIFA иалахәым 40 команда.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0