00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Sputnik. Агәаанагара: Мраҭашәара атәылауаа аинтернет дуқәа рзы ашәахтәцҵа иадгылоит

CC0 / / Google
Google - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik мшаԥы 9 - 15 2019 шықәса рзы имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа инарықәыршәан аинтернет-технологиақәа рмонополистцәа ашәахтәцҵақәа ршәалароуп ҳәа иршьоит.

АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik. Афранцызцәа, анемццәа, британиааи америка реиҳараҩык иазырыԥхьаӡоит атехнологиатә еилахәыра дуқәа - Amazon, Facebook, Google реиԥш иҟоу ашәахтәцҵақәа ршәалароуп ҳәа. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Sputnik.Агәаанагарақәа имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа.

Sputnik.Агәаанагара
Sputnik. Агәаанагара: Мраҭашәара атәылауаа аинтернет дуқәа рзы ашәахтәцҵа иадгылоит - Sputnik Аҧсны
Sputnik.Агәаанагара

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik мшаԥы 9 - 15 2019 шықәса рзы имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа инарықәыршәан аинтернет-технологиақәа рмонополистцәа ашәахтәцҵақәа ршәалароуп ҳәа иршьоит: 79% афранцызцәа, 72% анемццәа, 71% британиаа, 53% америкаа. Уи иаҿагылоит: 33% ЕАА атәылауаа, 19% ФРГ атәылауаа, 17% британиаа, 13% афранцызцәа.

Франциа, Великобританиа, Германиа имҩаԥгаз азҵаарақәа раан зҵарадырра бжьаратәу ма илаҟәәу аналогцҵазы рыбжьы рҭиуан. Франциеи Британиеи 35 шықәса иреиҳабу аҿар раасҭа абри аус иадгылоит (81% - 71%; 74% - 67%), ФРГ (71% - 71%), ЕАА (66% - 48%).

Sputnik. Агәаанагара
Sputnik. Агәаанагара: Мраҭашәара атәылауаа аинтернет дуқәа рзы ашәахтәцҵа иадгылоит - Sputnik Аҧсны
Sputnik. Агәаанагара

Азҵаараҭҵаара мҩаԥнагеит аилахәыра Ifop аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Иалахәын 4010 ареспондентцәа, 18 шықәса ирҭысхьоу.

Sputnik – иналукааша жәларбжьаратәи амассатә-информациатә хархәага, 32 бызшәа рыла иҟоу аинтернет-саитқәа еидызкыло, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы, жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу жәабжьтә маҵзуроуп, арадио ефиргьы амоуп. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи, ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәеи. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла. Sputnik аудиториа 50 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, Sputnik China аккаунт анапаҵаҩцәа 9 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Пекин инаркны Монтевидео аҟынӡа аредакциақәа рҿы аус руеит зықьҩыла еиуеиԥшым амилаҭ ирыҵаркуа ауаа. Sputnik амедиогәыԥ "Россия сегодня" иаҵанакуеит. Sputnik аофис хада Москва аус ауеит.

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0