WhatsApp хархәагақәак рҟны аусура иаҟәыҵыр ауеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИконка мессенджера WhatsApp на экране смартфона
Иконка мессенджера WhatsApp на экране смартфона - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иажәхьоу аоперацитә система аверсиақәа змоу ахархәагақәа реиҭарҿыцра аҭаххоит амессинџьер ахархәара аҭара алыршахарц азы.

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Жәабран 1 2020 шықәса инаркны амессенџьер WhatsApp иажәхьоу аоперацитә система аверсиақәа змоу ахархәагақәа рҟны иаднамкыло иҟалоит ҳәа аҳәоит аилахәыра апресс-релиз аҿы.

Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит Android, iOS рышьаҭала аус зуа агаджетқәа:

• Android с– аоперациатә система 2.3.7;

• iPhone – аоперациатә система iOS 8 2014ш.

"Арҭ аоперациатә системақәа рыԥсахра ахьҳагәҭакым инамаданы хархәарақәак русура ԥкхар ма иаанкылахар алшоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Асмартфонқәа (Android 2.3.x; iOS 8 рышьаҭала иҟоу) аҿыц ҭаҩрақәа рылшом уаанӡа иҟаз аккаунтқәагьы рхархәара рылшом.

Уи адагьы Windows Phone аверсиа аусура аанкылахоит ԥхынҷкәын 31 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0