2025 шықәса рзы Урыстәыла Индиаҟа С-400 нанашьҭуеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраС-400
С-400  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса рзы Индиеи Урыстәылеи аилаӡара рыбжьарҵеит 5 миллиард долларк рҟынӡа зыхәԥсахо аурыс зенит-ракетатә комплексқәа С-400 рынашьҭразы.

АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik. 2025 шықәса рзы Урыстәыла Индиаҟа азенит-ракетатә комплексқәа С-400 хә-полкк нанашьҭуеит. Абри атәы абҵара 26 рзы "Рособоронэкспорт" адиректор хада Александр Михеев иазгәеиҭеит РИА Новости аинтервиу аҭараан.

"Аԥхьаҟагьы зегьы аплан инақәыршәаны имҩаԥыслап ҳәа ҳгәыӷуеит. Аус амҽхак дууп. С-400 Индиаҟа анашьҭра хыркәшахоит 2025 шықәса рзы", - иҳәеит Михеев.

Аԥхьатәи акомплект нарышьҭраны иҟоуп 2021 шықәса цәыббрамзазы.

Ниу-Дели С-400 аахәара шаҭаху азы адырра ҟанаҵеит 2015 шықәса рзы. Аиқәшаҳаҭра ахәԥса 5 миллиард доллар инаӡоит. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Владимир Путини Индиа аԥыза-министр Нарендра Модии 2018 шықәса рзы.

Уаанӡа С-400 аархәахьан Ҭырқәтәылеи Китаии.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0