Аҳаиртә баӷәаза "Внуково" аелектронтә талонқәа рыдкылара иаҟәыҵит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳаиртә баӷәаза "Внуково" аелектронтә талонқәа рыдкылара иаҟәыҵит
Аҳаиртә баӷәаза Внуково аелектронтә талонқәа рыдкылара иаҟәыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳаиртә баӷәаза "Внуково" рашәара 1 2019 шықәса рзы аҩныҵҟатә реисқәа рҟны рыдкылара иалагеит аелектронтә талонқәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Москватәи аҳаиртә баӷәаза "Внуково" ԥхынҷкәын 10 инаркны аелектронтә талонқәа рыдкылара иаҟәыҵуеит ҳәа адырра ҟанаҵоит "Аэрофлот" агәыԥ иаҵанакуа авиаеилахәыра "Победа".

"Москватәи аҳаиртә баӷәаза "Внуково" ԥхынҷкәын 10 инаркны аелектронтә талонқәа рыдкылара иаҟәыҵуеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Авиаеилахәыра иазгәанаҭоит атәарҭатә талон онлаин-ҭаҩра ианахыс ашьҭахь икьыԥхьтәуп ма аҳаиртә баӷәаза аҭаҩырҭаҿ игатәуп ҳәа.

Урыстәылатәи аҳаиртә баӷәазақәа аелектронтә талонқәа рыла апассаџьырцәа аҳаирплан рҭажьлара азин роуит жәабран 24, 2019 шықәса рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0