Симониан Естониа ахада Sputnik азҵаара иӡбарц ааԥхьара илҭеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСимониан Естониа ахада даалыԥхьеит Sputnik ажурналистцәа рызҵаара иӡбарц
Симониан Естониа ахада даалыԥхьеит Sputnik ажурналистцәа рызҵаара иӡбарц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МИА "Россия сегодня" апресс-маҵзураҿы Естониатәи амчрақәа рхымҩаԥгашьа хаԥышәароуп ҳәа ахырҳәаахьан, ЕАР, ОБСЕ, Европа ахеилак, ИуНЕСКО, ЕСПЧ рахь абри аус аҭыԥ иқәырҵарц адҵаҟаҵара шрыгәҭаку атәы азгәарҭахьан.

АҞӘА, ԥхынҷкәын  19— Sputnik. МИА "Россия сегодня", ателеканал RT рдиректор хада Маргарита Симониан Естониа ахада Керсти Калиулаид лахь ааԥхьара ҟалҵеит Sputnik Естониа ажурналистцәа рызҵаара иӡбарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳаҭыр зқәу Керсти Калиулаид. Сара исыздырам шәлымҳаҟынӡа инаӡахьоу инамӡахьоу Естониа азинмчратә структурақәа Sputnik Естониа ажурналистцәа, Естониа иатәылауаау русуразы иқәцаланы ишрымоу. Естониа официалла имақаруеит Sputnik Естониа ажурналистцәа шҭаркуазы, урҭ Ашықәс ҿыц, 2020 ажьырныҳәа 1 аҟынӡа русура аанырмыжьыр, ашьаус шхацдыркуазы", - ҳәа лыҩуеит Симониан Telegram-канале аҿы естон бызшәалеи урыс бызшәалеи.

Уаанӡа  Симониан еиҭалҳәахьан Sputnik Естониа аҟны аус зуеи аусура зҭахуи шдыршәо атәы. Лара лажәақәа рыла абри атәылаҿы Sputnik апроблемақәа маҷымкәа иазцәырҵуеит.

Лара ааԥхьара ҟалҵеит азҵаара аҭыԥ иқәҵазарц.

Симониан Sputnik Естониа ашьҭазааразы: ОБСЕ, ЕСПЧ еимпааит - Sputnik Аҧсны
Симониан Sputnik Естониа ашьҭазааразы: ОБСЕ, ЕСПЧ еимпааит

"Сара сгәы иаанагоит ҳтәылақәа рыбжьара аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьзарц шахәҭоу. Ҳара ибзианы иаадыруеит шәара адиалог шәшазихиоу, патугьы ақәаҳҵоит. Шәара шәеиԥш ҳаргьы иаҳҭахым Естониа аԥхашьара иақәшәарц. Ҳаидгылан уи алаҳмыршап", - ҳәа лыҩуеит аредактор хада.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аусура хацнаркит Естониа 2016 шықәса рзы. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда еиҭарҳәалоит жәларбжьаратәи ажәабжьқәа, аҭагылазаашьақәа.

Ажәабжьтә портал ҿыц Sputnik Естониа амультимедиатә контент аԥхьаҩцәа ирыднагалоит: аинфографика, авидео, афоторепортажқәа, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Урҭ рыдагьы араҟа ицәыргахоит аналитикатә материалқәа, аинтервиуқәа, аексперт хәшьарақәа.

Естониа заҵәык аҿоуп – Балтиа атәылақәа рҟны аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik  рредакциеи рофиси аус ахьауа. Аколлектив  35 –ҩык рыла ишьақәгылоуп, 3-ҩык урҭ рҟынтәи Естониа иатәылауаауп. Естониа абиуџьет ахь ицо есымзатәи амаҵзура ашәахтәқәа  30 000 евро ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0