Урыстәылатәи аруаа ҿарацәа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи аруаа ҿарацәа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыреит
Урыстәылатәи аруаа ҿарацәа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыреит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааз аруаа ҿарацәа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыреит. Урҭ уаанӡа азеиԥшзыҟаҵарақәа ирхысхьан.

АҞӘА, жәабран 3– Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿ 2019 шықәса ҭагалан азы ҿыц аррахь инарыԥхьаз аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргеит. Урҭ уаанӡа азеиԥшзыҟаҵарақәа ирхысхьан. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Арратә округ аруаа аихеихаԥсатә техникала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Арратә округ аруаа аихеихаԥсатә техникала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Краснодартәи атәылаҿацә аҟны арратә комиссариатқәа ҿыц аррахь инарыԥхьаз Аԥснытәи арратә базаҟны аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргеит. Дара арахь иааит аофицерцәа рыцны. Уаанӡа дара Гәдоуҭатәи аполигон аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирхыжьын.

"Урҭ рыбжьара иҟоуп атанкқәа роператорцәа, азенит-ракетатә комплексқәа рҟазауаа, аракетатә комплексқәа роператорцәа. Аррамаҵзурауаа зегьы амедицинатә гәаҭара иахыжьуп", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Аррамаҵзурауаа рыԥсахраан урҭ рхыԥхьаӡара аҽеиҭанамкӡеит.

Аԥсны иҟоу арратә базаҿы асолдаҭцәа ҳаамҭа иақәшәо аҭагылазаашьа рзаԥҵоуп, аказармақәа еиҿкаауп аҽыкәабарҭақәа, архьшәашәагақәа, аӡыԥха рыла. Еиҿкаауп аспорттә уадақәа, ахәмарҭа ҭыԥқәа, иқәыргылоуп атренажиорқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Урыстәылатәи аруаа "АрМИ-2020" рҽазыҟарҵоит
  • Урыстәылатәи аруаа арадиоелектронтә ҿагыларазы рҽазыҟаҵарҵон 40 мши-ҵхи

Ажәабжьқәа зегьы
0