Акоронавирус иахҟьаны ашьапылампыл азы 2020 шықәсазтәи Европа ачемпионат ахыгоуп

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУЕФА
УЕФА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат иалахәхараны иҟан Европа ақалақьқәа 12 рыклубқәа. Атурнир амҩаԥгара азԥхьагәаҭан сынтәа, рашәара-ԥхынгәы амзақәа рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Европатәи ашьапылампылтә ассоциациақәа Рхеилак арзаҳал инақәыршәаны, сынтәатәи аԥхынразы имҩаԥысраны иҟаз Европа ачемпионат ииагахоит 2021 шықәса аԥхынрахьы акоронавирус иахырҟьаны.

Урыстәыла аиҳабыра акоронавирус иазку асаит аусура иаладыргеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аиҳабыра акоронавирус иазку асаит аусура иаладыргеит

Уаанӡа акоронавирус иахырҟьаны иаанкылан Англиа, Италиа, Испаниа, Франциа, Германиа, Португалиа, Нидерланды уҳәа Европа атәылақәа рчемпионаттә хәмаррақәа.

ЕВРО-2020 мҩаԥысраны иҟан рашәара 12 - ԥхынгәы 12 рыбжьара Европа ақалақьқәа 12 рҟны, Римгьы убрахь иналаҵаны.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара хәажәкыра 11 рзы акоронавирус COVID-19 пандемиоуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0