Forbes ахәшьара ҟанаҵеит реиҳа ибеиоу Урыстәыла ашоулахәылацәа рмазараз

© Sputnik / Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛидер группы "Ленинград" Сергей Шнуров
Лидер группы Ленинград Сергей Шнуров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ашоу-бизнес алахәылацәа, реиҳа 2020 шықәсазы змал иаззырҳаз ажурнал Forbes ареитинг ианылеит.

АҞӘА, нанҳәа 3 — Sputnik. Амузыкант, ашәаҳәаҩ Сергеи Шнурови игәыԥ "Ленингради" ареитинг аҿы актәи аҭыԥ ныркылоит.

Шнуров ихашәала 8,8 миллион доллар иҟоуп. Иара ишьҭанеиуеит ашәаҳәаҩцәа Егор Криди Дима Билани. Forbes ахәшьарақәа рыла дара ашықәсазтәи рхашәала 6,9 миллион доллари 6,8 миллион доллари иҟоуп. Ареп-анагӡаҩ Баста аԥшьбатәи аҭыԥ никылоит, 6,6 миллион доллар иманы. Иара дишьҭагылоуп Филипп Киркоров - 6,6 миллион доллар. Афбатәи аҭыԥ –6,4 миллион доллар зауз ашәаҳәаҩ Полина Гагарина.

Агәыԥ "Би-2" абыжьбатәи аҭыԥ ннакылоит 6 миллион доллар рҳаны, Григори Лепс (5,3 миллион доллар) Тимати (5,1 миллион доллар) роуит. Ареитинг хиркәшоит Иван Ургант-5,1 миллион доллар.

Асиа иануп иара убасгьы: Сергеи Жуков ("Руки вверх!"), Николаи Басков, Сергеи Лазарев, Александр Ревва, Дмитри Нагиев, Стас Михаилов, Максим Галкин, Валери Мелаӡе, Zivert (ашәаҳәаҩ Иулиа Зиверт).

Forbes адыррақәа рыла арҭ арҳамҭақәа 12,5 процент еиҳахон амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ԥкымзар.

Ажәабжьқәа зегьы
0