Аахыҵ Уаԥстәыла ахада акоронавирус идырбалеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Южной Осетии А. Бибиловым
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Южной Осетии А. Бибиловым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аахыҵ Уаԥстәыла акоронавирус здырбалахьоу 227-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 137-ҩык аарԥшын Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаа цәыббра 15 рзы ианаадырт ашьҭахь.

АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов акоронавирус ицәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Аҵыхәтәан изыҟарҵаз атест COVID-19 ихьны дшыҟоу шьақәнарӷәӷәеит.

Бибилов ачымазара марианы ихигоит, инапынҵақәагьы аҩнынтәи инаигӡоит.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аахыҵ Уаԥстәыла акоронавирус здырбалахьоу 227-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 137-ҩык аарԥшын Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаа цәыббра 15 рзы ианаадырт ашьҭахь.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0