Ҟәбан Аџьынџьтәылатә еибашьраан анацистцәа рыцәгьоуразы аус еиҭахацдыркит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГенеральная прокуратура РФ
Генеральная прокуратура РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аус еиҭахацыркын СССР аҟынтә ибналаз зондеркоманда аиҭагаҩцәа быжьҩык руаӡәк Гельмут Оберлендер илахьынҵа ахьеилкаахаз азы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Апрокуратура хада аԥшьгамҭала Ҟәбан Аџьынџьтәылатә еибашьраан анацистцәа иҟарҵоз ацәгьоурақәа рзы аус еиҭахацдыркит.

Уаанӡатәи аусҭҵаара мҩаԥнагон СССР КГБ. 1972 шықәсазы ацәгьоура иалахәыз уаҳа хаҿы ахьаарԥшымыз азы аус аанкылан. Усҟан ишьақәыргылан 1941-43 шықәсқәа рзы зондеркоманда СС-10а алахәылацәа массала аҭынч уааԥсыра шыршьуаз.

Асовет аамҭазы зхара шьақәыргылаз, зондеркоманда аиҳабы Курт Кристман дназлаз, ФРГ аҭакра рықәҵан.

Мемориальный музей Холокост Яд Вашем - Sputnik Аҧсны
Аурысфобиеи антисемитизми еицыҿиоит, аха Холокост зегьы рҭыԥ иқәнаҵоит

Ацәгьоурақәа аҭыԥ рыман Краснодартәи атәылаҿацәи Ростовтәи аобласти рҿы. 1942 шықәса нанҳәамза инаркны 1943 шықәса ажьырныҳәамзанӡа астаница Марианскаиаҿы иреихсны ишьын 47-ҩык, астаница Березанскаиа – 300-ҩык, астаница Третиа речка Кочеты (Чернышевка) – 42-ҩык, Краснодар – 40-ҩык ахәышәтәырҭа апациентцәа, астаница Старо-Шьчербиновскаиа – 400-ҩык, урҭ рҟынтәи 214-ҩык Ахәыҷқәа рыҩнаҟынтә.

Ааигәа еилкаахеит 96 шықәса зхыҵуа Гельмут Оберлендер Канада атәылауаҩра шимырхыз, СССР массала ауаа рнырҵәара дахьалахәыз азы. Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла, иара ианеиҵаха Ростовтәи аобласт аҿы мацара 1942 шықәса рзы 27 000-ҩык ауаа рышьра далахәын.

Оберлендер - днемецуп, Украина диит. Симон Визенталь и-Центр зыԥшаара иашьҭоу анацисттә цәгьоуцәа жәаҩык дырхыԥхьаӡалоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0