Ҟазахстан аҭыжьра иалагеит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V"

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ России завершился первый этап испытания вакцины против COVID-19
В России завершился первый этап испытания вакцины против COVID-19  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәамзазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Абас ала иара адунеи аҿы ираԥхьатәиу коронавирус SARS-COV-2 иаҿагыло лаҵоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21- Sputnik. Ҟазахстан аԥыза-министр Карагандатәи афармацевтикатә комплекс даҭааит, урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аҭыжьра ишалагаз агәаҭаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ареспублика аиҳабыра рыпресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
"Спутник V": COVID-19 иаҿагылоу урыстәылатәи алаҵа ҿыц иазкны

"Ареспублика Ҟазахстан аԥыза-министр Аскар Мамин Карагандатәи афармацевтикатә комплекс даҭааит, урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аҭыжьра ишалагаз агәаҭаразы. Аҭыжьра алыршахеит Ҟазахстан ахада Касым-Жомарт Токаеви Урыстәыла ахада Владимир Путини абри аус азы реицеиқәшаҳаҭра ашьҭахь", - аҳәоит аиҳабыра рыпресс-маҵзура.

Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа "Спутник V" ахьӡырҵеит. Аклиниканӡатәии аклиникатәии аҭҵаарақәа зегьы алаҵа шшәарҭадоу, аиммуногентә система аганахьалагьы алҵшәа бзиақәа шамоу аанарԥшит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0