Аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылацәа" 11 нызқьҩык аҳәаанырцәуаа алахәхар рҭахуп

© Sputnik / Александр Астафьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремьер-министр РФ М. Мишустин посетил суперфинал конкурса "Лидеры России"
Премьер-министр РФ М. Мишустин посетил суперфинал конкурса Лидеры России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" аиааиҩцәа ироур рылшоит Урыстәыла атәылауаҩра ирмариоу асхемала.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. 150 тәыла рҟынтәи жәеизанызқьҩык аҳәаанырцәуаа аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылацәа" ахалархәра рҭахны азыҳәақәа нарышьҭит ҳәа иҳәоит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Аиҳарак азыҳәақәа нашьҭын Ҟазахсҭан, Белоруссиа, Украина, Кырӷызсҭан, Узбекистан, Молдова, Ермантәыла ртәылауаа рҟынтәи.

Аицлабра иалахәхар зылшо

Аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылацәа" азырхоуп аԥеиԥш змоу анапхгаҩцәа ралԥшаареи адгылара рыҭареи. Аицлабра иалахәхар ҟалоит Урыстәыла атәылауаа реиԥш 18 - 55 шықәса зхыҵуа аҳәаанырцәуаагьы.

Финал конкурса управленцев «Лидеры России». День первый - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
"Урыстәыла аԥхьагылацәа": аҳәаанырцәуаа рзы алшарақәа

Аицлабра зхы алазырхәуа адистанциатә, акомпиутертә тестмҩаԥгара, арегионалтә финали асуперфинали ретапқәа ирхысроуп.

Ирымазароуп ҩышықәса иреиҵамкәа анапхгараҭаратә ԥышәа. Уи адагьы аҳәаанырцәуаҩ дазыхиазароуп Урыстәыла анхара, аус аура ма Урыстәыла аҳәаанырцәтә хаҭарнакрақәа рҿы аусура.

Аҳамҭақәа

Атрек аиааиҩцәа ироуеит алшара Урыстәыла атәылауаҩра ирмариоу асхемала аиура, иахысуеит аицлабра асуперфинал ахь, анаҩс ирыҭахоит миллионк инаӡо аҵаратә грант. Атрек афиналистцәа Урыстәыла анхараз азин роуеит.

Асуперфинал аиааиҩцәа Урыстәыла акадртә резерв иахәҭакхоит.

Атрек "Жәларбжьаратәи" аихшьалақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп 2022 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥысраны иҟоу 22-тәи Адунеизегьтәи аурыс пресса аконгресс аҿы.

Аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылацәа" жәларбжьаратәи ахырхарҭа аԥшьгахеит амаҵзура Baltnews ашеф-редактор ихаҭыԥуаҩ Алина Герлини лаԥшьгамҭала. Владимир Путин дызлахәыз ари ауснагӡатә аҿы лара ажәалагала ҟалҵеит аҳәаанырцәуаа рзы иҷыдоу ахәҭа еиҿкаахарц. Ахада ари аԥшьгамҭа адгылара аиҭеит.

Аицлабра аҭоурых

Аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" хацыркын 2017-2018 шықәсқәа рзы. Азыҳәақәа нарышьҭит 200 нызқьҩык, аԥыжәара рыҭан 103-ҩык. 2018-2019 шықәсазы иара жәларбжьаратә еицлабраны имҩаԥгахеит. 227 нызқь зыҳәа назышьҭыз рҟынтәи 104-ҩык аиааира ргеит. Иалахәын 68 тәыла.

Ахԥатәи асезон аан инашьҭын 234 нызқьҩык рзыҳәақәа, иалкаан 106-ҩык.

Аицлабра аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа иртәылоуп" иапроект хадоуп. Ихацыркуп Владимир Путин иаԥшьгарала 2017 шықәсазы Шәача аҿари астудентцәеи Адунеизегьтәи рфестиваль аҿы. Аплатформа еиднакылоит аҵараҵаратә, акадртә, асоциалтә проектқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0