Иааиуа уахыки-ҽнаки рзы Ҟәыбина ашоура бааԥс ҟалоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКурортный сезон в Сочи
Курортный сезон в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсуа амчыбжь азы Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ақәаршыҩ леит, уи иахҟьаны аӡқәа хыҵит, ф-раионк рҟны аҭагылазаашьа ҷыда алагалан.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Амҽышеи ашәахьеи Ҟәыбина иахьаҵанакуа ашоура бааԥс ҟалоит, аҳауаԥхарра +39° рҟынӡа инаӡоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости,Краснодартәи атәылаҿацә иатәу АҶА ражәақәа шьаҭас иганы.

"Иахьа 11.07.2021 шықәсазы, иара убас 12.07.2021 шықәсазы асааҭ 15:00 - 17:00 ирыбжьаркуа аамҭазы атәылаҿацә аҟны ашоура бааԥс иазыԥшуп. Аҳауаԥхарра +39° рҟынӡа инаӡоит", - ҳәа аарыцҳауеит адырраҭараҟны.

Иазгәаҭоуп, ашоура бааԥс иахҟьаны абнарақәеи, абаҳчақәеи, анхарҭа ҭыԥқәеи рҟны амцакрақәа ҟалар ҟалоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0