Арепатриантцәа рхатә уаҭахқәа рбеит, аиасра иазыхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрепатриантцәа рхатә уадақәа рҟынтә ацаԥхақәа рыҭан.
Арепатриантцәа рхатә уадақәа рҟынтә ацаԥхақәа рыҭан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи, Ҟарачы-Черкесскынтәи, Сириантәи, Баҭымынтәи арепатриантцәа жәаҩа ҭаацәара Маҷара ақыҭан ирзыргылаз аҩны ауаҭахқәа рҟынтә ацаԥхақәа рнапаҿы ирыҭан.

АҞӘА, ажь 16 – Sputnik, Анжелика Бениа. Ахшаара рацәа змоу аҭаацәара рыбжьара ауаҭахқәа реихшара мҩаԥысуан аԥшьаша Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟны.

"Арепатриантцәа зегьы аҳҭнықалақь аҟны инхар рҭахуп, еилыскаауеит. Рыбжеиҳарҩык Аҟәа иахьацәыхароу анхара мап ацәыркуеит, аха аԥсуаа Аԥсны араионқәа зегь рыҟны инхозар ауп", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Хьрыԥс Џьопуа.

Арепатриантцәа ирыздыргылаз аҩны рбеит, иргәаԥхеит, Аԥсны ахадара иҭабуп ҳәагьы рарҳәеит.

"Аҭыԥ бзиоуп, иманшәалоуп, зегь ааигәоуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ауаҭахқәа ахьҳаҭәаршьаз", – лҳәеит арепатриант Мадина Кишмахова.

© Sputnik / Томас ТхайцукАрепатриантцәа Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә хеилак аҟны.
1/5
Арепатриантцәа Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә хеилак аҟны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАрепатриантцәа рхатә уадақәа рҟынтә ацаԥхақәа рыҭан.
Арепатриантцәа рхатә уадақәа рҟынтә ацаԥхақәа рыҭан. - Sputnik Аҧсны
2/5
Арепатриантцәа рхатә уадақәа рҟынтә ацаԥхақәа рыҭан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАрепатриантцәа рыҩны, Маҷара ақыҭа аҟны.
3/5
Арепатриантцәа рыҩны, Маҷара ақыҭа аҟны.
© Sputnik / Томас ТхайцукСаваш Ачбеи Нина Џьынџьал-ԥҳаи, рԥа хәыҷы Баиазиҭи.
4/5
Саваш Ачбеи Нина Џьынџьал-ԥҳаи, рԥа хәыҷы Баиазиҭи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАрепатриантцәа рхатә уадақәа роуит.
5/5
Арепатриантцәа рхатә уадақәа роуит.
1/5
Арепатриантцәа Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә хеилак аҟны.
2/5
Арепатриантцәа рхатә уадақәа рҟынтә ацаԥхақәа рыҭан.
3/5
Арепатриантцәа рыҩны, Маҷара ақыҭа аҟны.
4/5
Саваш Ачбеи Нина Џьынџьал-ԥҳаи, рԥа хәыҷы Баиазиҭи.
5/5
Арепатриантцәа рхатә уадақәа роуит.

Арепатриантцәа рзы Аҳәынҭқарра Аҟәа ауаҭахқәа рыхә ашәоит, аԥара рацәа азоунажьоит, аха ахеилак аиҳабы иажәақәа рыла Аҳәынҭқарра азы ари аус феида амаӡам.

Хьрыԥс Џьопуа иазгәеиҭеит хымз ирҭагӡаны арепатриантцәа ҿыц ирырҭаз ауадақәа рыҟны рынхара ишахылаԥшло, ҭаацәала инымхозар, руаҭахқәа рымхра азҵаара шықәгылар ауа.

"Ус ҟаҳамҵар ада ԥсыхәа ҳамаӡам, Аԥсны ирацәаҩуп  ауаҭахқәа ирзыԥшу арепатриантцәа", – иҳәеит Џьопуа.

Хьрыԥс Џьопуа иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарра 700 уаҭахқәеи аҩынқәеи арепатриантцәа ирзоунажьит, аха ирыҩноу рҟынтә арепатриантцәа 30% роуп иҟоу. Ахеилак аиҳабы иажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы 15 уаҭах ырхынҳәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0