ГАГРА, ажь 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Абжьаҟазаратә ӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа "Континент" аркра шьаҭас иазыҟалар ауӡом, избан акәзар аӡбарҭа аилатәара шымҩаԥысуаз азы аӡәгьы адырра ҟаимҵаӡеит, ус анакәха ирыдыркылазгьы азинмчра амаӡам, ҳәа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит Ахәаахәҭратә комплекс "Континент" адиректор хада Игор Варов.
"Абжьаҟазаратә ӡбарҭа иара атәы аӡбеит, аха ҳара уи азашшра ҳашьҭит апрокуратурахь, еиҭахәаԥшырц азы ҳақәԥалоит. Иахьазы "Континент" аркуп, аха уи аус аулароуп, иагьаулоит", — иҳәеит Варов.
Абизнесуаҩ иажәақәа рыла, Гагра ақалақь ахада Беслан Барцыц идгалан "Континент" аусура ацҵара, ақалақьуаа ахәаахәҭра алшара рымазарц азы, иара убас ашәахтәқәагьы ақалақьтә биуџьет ахь иалаларц азы.
"Аԥҵаҩцәеи ҳареи аӡбарҭаҿы ҳусқәа еилҳаргоит. Ақалақь ахада иуааԥсыра дрыдгыланы, "Континент" аартра ирццакып ҳәа сгәы иаанагоит, уи аусзуҩцәагьы русурахь ииасырц азы", — ҳәа ациҵеит иара.
Варов игәаанагарала, "Континент" зтәу Гагра ауааԥсыра роуп, раԥхьаӡа иргыланы. Арҭ ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны ашәахтәқәа зегьы ашәон, иадыз ауалԥшьақәа зегьы нанагӡон. Аӡәгьы азин имаӡам уи аркра, ҳәа азгәеиҭеит Варов.
Ахәаахәҭратә комплекс аркын 2014 шықәса рашәарамза 5 рзы, аицаԥҵаҩцәа ирыбжьалаз аимак иахҟьаны. "Континент" — Аԥсны иреиҳаӡоу ахәаахәҭратә комплексқәа ируакуп, уаанӡатәи ауниверсам "Гагра" ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усқәа анхыркәшаха ашьҭахь иаатит. Уаҟа аус руан 130-ҩык ауааԥсыра.