АҞӘА, жәб 5 — Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа рнапхгара ақалақь администрациа ахада идҵала аџьармыкьа хада азааигәара агәаҭаратә усқәа мҩаԥыргеит.
"Ахәаахәҭразы азин змам ауаа ргәырҽанаҳҵеит, мышқәак рышьҭахь иахьаҭыԥым ахәаахәҭра иаҟәыҵырц", – ҳәа аҩнуҵҟатәи аусқәа рнапхгара ахада Дмитри Дбар Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.
Ус иӡбан избанзар, ауаа ахьныҟәо амҩаҟны ирацәаҩны ихәаахәҭуан иҳәеит ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа.
"Амҩаҟны ихәаахәҭуа аамҭала астадион ахь мамзар аџьармыкьахь рыиагара ҳаӡбеит. Аџьармыкьа аҟны ирызхаша аҭыԥқәа ыҟоуп", – иҳәеит ақалақь ахада.
Анаплакыҩцәа аҭыԥ ҿыц ахь аиасра иақәшаҳаҭӡам. Дара ражәақәа рыла, уи аҩыза аиҭакрақәа аԥара арҳара иаԥырхагахоит. Ахәаахәҭратә цәаҳәақәа ахьыҟоу Ҩардан имҩа аҟны амашьынақәа рзы ганкахьала иныҟәо аҟаҵаразы ажәалагала ҟарҵеит. Уи амҩа ҭанарцәуеит ҳәа лгәы иаанагоит ахәаахәҭыҩ Татиана Крекотень.
Ҳаразиа иажәақәа рыла, аџьармыкьа ааигәара игылоу аҩнқәа ирыҩноу рҟынтә администрациа ахь ашшрақәа аарышьҭуан, иахьаҭыԥым амашьынақәа ргылара ахарала анеи-ааирақәа маншәалаӡам ҳәа.
"Иҟоуп ԥҟарақәак. Сара ақалақь анапхгаҩык иаҳасаб ала ақалақь аҿы инхо ауаа ашьшьыҳәа инадгыланы афатә аахәаны иадҵо аҟаҵара суалуп", – иҳәеит ақалақь ахада.
Аҟәа ақалақь ахадара амҩаҟны анеиааирақәа зырмарио апроектқәа рыхәаԥшра иаҿуп. Проектк аҟны иарбоуп астадион аҟны аидара ӷәӷәа зқәу амашьынақәа ахьгылаша аҭыԥ ҷыдақәа реиҿкаара. Аҩбатәи апроект ала уи аҩыза амашьына аргыларҭа аргылара алшоит аџьармыкьахь ицо амҩаҟны.
Адгәыр Ҳаразиа иажәақәа рыла, уи еиҳау апроектқәагьы ыҟоуп, урҭ рыҟны иаҳәоит аџьармыкьа Аҳабла ҿыц ахь аиагаразы алшара шыҟоу.