Аныҳәатә концерти асалиути: Крым Урыстәыла алалара шықәсык ахыҵра азгәарҭеит

Анапаҵаҩра
Крым иқәынхо ауаажәлар иазгәарҭеит Урыстәыла алалара шықәсык ахыҵра. Шәахәаԥш авидео аҟны Севастополь ари амшныҳәа ишаԥылаз.

Крым ауаажәлар Урыстәыла алалара шықәсык аҵра азгәаҭо ирҳәоит шықәсык ашьҭахьгьы, 2014 шықәса, хәажәкыра 16 рзы имҩаԥгаз ареферендум алҵшәақәа ԥсахра шырмоуз. Ицаз шықәсык ала жәашықәсала еизоз ауадаҩрақәа зегь ӡбам, аха Крым инхо ауааԥсыра оптимизмла ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иазнеиуеит. Урҭ агәыӷра рымоуп аиҳабыра ҿыц аҭагылазаашьа аԥсахра алшап ҳәа.

Крым Урыстәыла алалара шықәсык аҵра ахьӡала Крым ахада иқәҵарала аусуратә мшы сааҭк ала иагырхан. Крымтәи апарламент аҟны афотоцәыргақәҵа еиҿкаан. Севостополь ашҭа аҟны имҩаԥысит аныҳәатә концерт, уи ашьҭахь аныҳәа иалахәыз афеиерверк ддырбеит.

Крыми Севостополи Урыстәыла иарегионқәаны иҟалеит 2014 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥгаз ареферендум алҵшәақәа инарықәыршәаны. Уи иалахәыз реиҳараҩык Крым Украина иалҵны Урыстәыла иалаларазы рыбжьы рҭиит. Урыстәыла алалара иақәшаҳаҭхеит 96,77% Крым ауаажәлар, Севостополь иқәынхо рҟынтәи — 95,6%.

Ажәабжьқәа зегьы
0