Аиааира аестафета - Аԥсны

Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкны Аиааира Аестафета Раԥхьаӡа акәны Аԥсны ирыдыркылеит, атәыла хә-раионк рҟны хәажәкыра 17 рҟынӡа аконцертқәа рыцмҩаԥыргалоит. Убри иазкны Sputnik иазнархиаз афотолента шәыдаагалоит.

1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 70 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгахо Аиааира Аестафета асимволқәа Ахраҿеи аштандарти рымадара ацеремониа Краснодар аатәылаҿацә аҟны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа Аԥсны аҳәаахьчаҩцәа ирымардеит. Уи амш аҽны Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аиубилеи иазкны аестафета ахраҿа раԥхьаӡа акәны аԥсуа-аурыс ҳәаа иахыҵит, иара убра Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәеи, атәыла ахадара ахаҭарнакцәеи алархәны амитинг мҩаԥган.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкны еиҿкаау Аиааира Аестафета аԥшьаша, хәажәкыра 12, Гагра имҩаԥган, хәажәкыра 13 — Аҟәа, иара убас ақалақьқәа Гал, Тҟәарчал, Очамчыра рҟны. Хәажәкыра 17 Аиааира Аестафета Ҟарачы-Черкессктәи аҳәынҭқарра Аҳәаахьчаратә усбарҭа аужьратә пункт "Веселое" аусзуҩцәа ирымардеит.

Аиааира Аестафета ахы акит 2015 шықәса жәабран 2 рзы, иагьалагеит  ҩ-қалақьк рҟны: урыстәылатәи Мурмански, белорусстәи Брести. Аестафета алахәылацәа, ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа жәаба адәахьтәи рҳәаақәа рыла имҩаԥгалахоит. Иааицҵаны Аестафета  60 нызқь километр инареиҳаны ирхысуеит.

© Sputnik Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра Ду 70 шықәса ахыҵра иазкны Аиааира Аестафета асимволқәа ахраҿеи аштандарти Урыстәыла афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аҟынтә Аԥсны аҳәаахьчаратә усбарҭа аестафетатә гәыԥ рымадара ацеремониа.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
1/14
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 70 шықәса ахыҵра иазкны Аиааира Аестафета асимволқәа ахраҿеи аштандарти Урыстәыла афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аҟынтә Аԥсны аҳәаахьчаратә усбарҭа аестафетатә гәыԥ рымадара ацеремониа.
© Sputnik Томас ТхайцукАиааира Аестафета - аҿар рыԥсадгьыл ахь абзиабара, аибашьра аҭоурых аҳаҭыр ақәҵара, Асовет еидгылахь иаҵанакуаз атәылақәа рыбжьара аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи ацхыраара иазкуп.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
2/14
Аиааира Аестафета - аҿар рыԥсадгьыл ахь абзиабара, аибашьра аҭоурых аҳаҭыр ақәҵара, Асовет еидгылахь иаҵанакуаз атәылақәа рыбжьара аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи ацхыраара иазкуп.
© Sputnik Томас ТхайцукШәача имҩаԥгаз Аестафета рхы аладырхәит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, аибашьра агәаҟрақәа зхызгаз ауаа. Афашисттә лагерь аҟны иҭакыз Светлана Пыльцина ажурналистцәа ирезиҭалҳәеит аибашьра аамҭазы 10 шықәса зхыҵуа аӡӷаб хәыҷы афашистцәа дшыргаз атәы. "Ҳхәыҷқәан, ҳаршьырц ргәы иҭаӡамызт, ҳартәыртәырц рҭахын. Ҳҭоурых ҳхашҭыр ҟалаӡом, иаҳтәу ҳәынҭқаррак тәылак рыбзоурала иаагоу аиааира ҳгәалашәозароуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аҳәаахьчацәа иахьа иҳарҭаз аныҳәазы".
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
3/14
Шәача имҩаԥгаз Аестафета рхы аладырхәит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, аибашьра агәаҟрақәа зхызгаз ауаа. Афашисттә лагерь аҟны иҭакыз Светлана Пыльцина ажурналистцәа ирезиҭалҳәеит аибашьра аамҭазы 10 шықәса зхыҵуа аӡӷаб хәыҷы афашистцәа дшыргаз атәы. "Ҳхәыҷқәан, ҳаршьырц ргәы иҭаӡамызт, ҳартәыртәырц рҭахын. Ҳҭоурых ҳхашҭыр ҟалаӡом, иаҳтәу ҳәынҭқаррак тәылак рыбзоурала иаагоу аиааира ҳгәалашәозароуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аҳәаахьчацәа иахьа иҳарҭаз аныҳәазы".
© Sputnik Томас ТхайцукУрыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа Краснодартәи атәылаҿацә аоркестр 70 шықәса раԥхьа Асовет Еидгыла аиааира анага амш азы ихәмаруаз амузыка адырҳәеит.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
4/14
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа Краснодартәи атәылаҿацә аоркестр 70 шықәса раԥхьа Асовет Еидгыла аиааира анага амш азы ихәмаруаз амузыка адырҳәеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАиааира аестафета асимволқәа реимдара ахьымҩаԥгаз аҭыԥ баша иалхӡамызт. Абаҟа "Подвиг во имя жизни" - архитектуратә баҟоуп, Шәача Аџьынџьтәылатә еибашьраан шә-нызқьҩык инареиҳаны зшьапы иқәзыргылаз ахәшәтәырҭа аҳақьымцәа ирызкуп.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
5/14
Аиааира аестафета асимволқәа реимдара ахьымҩаԥгаз аҭыԥ баша иалхӡамызт. Абаҟа "Подвиг во имя жизни" - архитектуратә баҟоуп, Шәача Аџьынџьтәылатә еибашьраан шә-нызқьҩык инареиҳаны зшьапы иқәзыргылаз ахәшәтәырҭа аҳақьымцәа ирызкуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАбаҟа аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь, изҭахыз зегьы аруаа рқашь рфар рылшон.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
6/14
Абаҟа аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь, изҭахыз зегьы аруаа рқашь рфар рылшон.
© Sputnik Томас ТхайцукАужьҭратә пункт "Ԥсоу" аҟны Аестафета аагара иазыԥшын ар рформа зшәыз Цандраԥшьтәи ашколхәыҷқәа.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
7/14
Аужьҭратә пункт "Ԥсоу" аҟны Аестафета аагара иазыԥшын ар рформа зшәыз Цандраԥшьтәи ашколхәыҷқәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу Аестафета ахраҿа, раԥхьаӡа акәны аурыс-аԥсуа ҳәаа иахыҵит.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
8/14
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу Аестафета ахраҿа, раԥхьаӡа акәны аурыс-аԥсуа ҳәаа иахыҵит.
© Sputnik Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран, 1945 шықәсазы имҩаԥгаз Аиааира апарад алахәыла Арсен Чакриан Аиааира Аестафета даԥылоит.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
9/14
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран, 1945 шықәсазы имҩаԥгаз Аиааира апарад алахәыла Арсен Чакриан Аиааира Аестафета даԥылоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАгәырӷьаратә митинг аламҭалаз Аԥсны аԥыза министр ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит аҳәынҭқарра ари аныҳәа иахьадырпҳьалаз азы.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
10/14
Агәырӷьаратә митинг аламҭалаз Аԥсны аԥыза министр ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит аҳәынҭқарра ари аныҳәа иахьадырпҳьалаз азы.
© Sputnik Томас ТхайцукАшколхәыҷқәа аныҳәа алахәылацәа ирзыкәашеит.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
11/14
Ашколхәыҷқәа аныҳәа алахәылацәа ирзыкәашеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАри афотосахьаҟны аҭыԥантәи ашколхәыҷқәа аарԥшуп. Қьаадла иҟаҵоу аҳәыҳә шкәакәақәа - аҭынчра асимвол, аурышьҭуеит.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
12/14
Ари афотосахьаҟны аҭыԥантәи ашколхәыҷқәа аарԥшуп. Қьаадла иҟаҵоу аҳәыҳә шкәакәақәа - аҭынчра асимвол, аурышьҭуеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы Константин Озган Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа агәабзиара ӷәӷәа рзеиӷьишьеит.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
13/14
Аԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы Константин Озган Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа агәабзиара ӷәӷәа рзеиӷьишьеит.
© Sputnik Томас ТхайцукХәажәкыра 17 Аԥсны Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбурҭа аусзуҩцәа Аиааира Аестафета Ҟарачы-Черкессктәи Аҳәынҭқарра аҟны аррамаҵзура иахысуа рколлегацәа ирырҭоит.
Аиааира аестафета - Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
14/14
Хәажәкыра 17 Аԥсны Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбурҭа аусзуҩцәа Аиааира Аестафета Ҟарачы-Черкессктәи Аҳәынҭқарра аҟны аррамаҵзура иахысуа рколлегацәа ирырҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0