Рауль Ҳаџьымба Москва иҟоу аԥсуа диаспора дырԥылеит

© Фото : Эльза ЧанбаВстреча президента Абхазии Рауля Хаджимба с абхазской диаспорой в Москве.
Встреча президента Абхазии Рауля Хаджимба с абхазской диаспорой в Москве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва ақалақь астанциа Павелецкаиа афорум-холл аҟны имҩаԥысуаз Аԥсны ахада ипыларахь 200-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра мҩахыҵит.

АҞӘА, мшԥ 17 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва иҟоу аԥсуа диасопра дырԥылеит. Абри атәы аалыцҳаит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Татиана Гәлиа.

Аиԥылара аартын ахада иааԥхьаратә ажәала, анаҩс алахәылацәа алшара рыман Ҳаџьымба азҵаарақәа иҭара.

"Азҵаарақәа реиҳарак аинвестициақәа, аҿар рааӡара, адиаспора реимадара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рырҿыцра ракәын изызкыз. Адиаспора аекономикатә зҵаарақәа рыдагьы гәҭыхас ирымоуп абызшәеи акультуреи рыхьчара, рыҿиара апроблемақәа", – ҳәа азгәалҭеит Татиана Гулиа.

Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ ишаалыцҳауа ала Аԥсны ахада иԥыларахь имҩахыҵыз рхыԥхьаӡара 200-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Гулиа лажәақәа рыла аԥсуаа рыдагьы аипылара иалахәын ашәуаа, аахыҵуаԥстәылаа, аурысцәа.

Ахада иԥылара мҩаԥган Рауль Ҳаџьымба Москва аусура аҵыхәала иҭаара иалагӡаны. Мшаԥы 15 рзы Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵааратә институт аҟны даԥхьеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изкны алекциа.

Ажәабжьқәа зегьы
0