Заур Ҳаџьымба: хықәкы хадас иҳамоу ауааԥсыра ашәарҭадара рзаԥҵароуп

© Sputnik Томас ТхайцукАуаажәларратә транспорт.
Ауаажәларратә транспорт. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчи атранспорти русбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аусбарҭаҟны аусура шышьақәгылоу, проблемақәас иҟоу ртәы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчи атранспорти русбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аусбарҭаҟны аусура шышьақәгылоу, проблемақәас иҟоу ртәы. Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Анжелика Бениаԥҳа.

- Иарбан проблемақәоу афымцамчи атранспорти рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусураҟны еиҳа иаԥгылоу?

— Ҳара уажәы  анормативтә база аиҿкаара ҳаҿуп. Аԥҟара ахьышьақәыргылам иахҟьаны иҟоуп аихәлахарақәа. Убри инадҳәаланы автомобилтә транспорт аусура аганахь ада егьырҭ ҳусурақәа рырццакра ҳагәҭакым. Иҟоуп апроблема – аҳәынҭқарреи аҳәынҭеилакқәеи реизыҟазаашьа инагӡаны аиҿымкаара. Иара ихадоу проблеманы иаҳшьоит. Амшынеиқәафымцамч, Аԥснытранс, Аԥсныбылтәы уҳәа реиԥш иҟоу аилак дуқәа рхала аусура иашьцылахьеит, избанзар дара рыҩаӡара аминистрраҟынӡа инаӡоит. Афымцамч иадҳәалаз азҵаарақәа зегьы Амшынеиқәафымцамч ахала иаӡбон. Напхгаҩцәақәак, уажәгьы, ажәытә схемала рызҵаарақәеи рыпроблемақәеи зегь дара ирыӡбарц иалагоит. Убри инадҳәаланы иҟоуп ԥхьаҟа ҳзыцәхьаҵша аҭагылазаашьақәа, урҭ аӡбра роуеит. Зегьы ахылаԥшра рыманы иҟазароуп.

Атранспорт аусзуҩцәа идҵа хаданы ирымоу ауааԥсыра шәарҭадарала рмаҵзуреи, ауаа рҭахақәа рынагӡареи, нас русураҟынтәи ахашәала аиуреи роуп.

-Иазыхиоума   шәара шәусбарҭа акурорттә сезон?

— Апроцесс ацара иаҿуп. Адәыӷба Адлер-Москва аныҟәара аганахьала Москва аилацәажәара салахәын.

Зураб Ҳаџьымба: ауаажәларратә транспорт атарифқәа реизҳара узаанкылом

Ҳара ҳҟны еиҳа-еиҳа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизҳара иаҿуп. Адәыӷба Адлер-Москва аныҟәаразы иманшәалоу транспорттә хкуп. Иара маншәалоуп ҳәа иԥхьаӡоуп аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыҵразгьы. Иара ахархәарала аҳәаа аԥхынтәи аусура ҳармариоит. Уажәы, аҳәааҟны аиҿкааратә усурақәа ҳарҿуп. Ҳара ҳтәыла проблеманы иамоу амаҵзура ҩаӡара ҳаракыла амҩаԥгара ахьалымшоу ауп. Ҳмашьынарныҟәцаҩцәагьы атәыла иаҭаауа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсыра рганахьалагьы имҽыӷқәоуп.

Агәаҭара-аушьҭратә пункт "Ԥсоу" автовокзал аҟны гәҭакны иҳамоуп автобусқәа реишьҭагылара аиҿкаара, атәыла иаҭаауа бнауаак ҳреиԥшны ҳарбо ҳаҟамзаарц азы. Аԥара ҳарҳауазаргьы ишахәҭоу еиԥш ахымҩаԥгара ахәҭоуп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп аԥсшьаҩцәа арахь аара ргәаԥхалартә, избанзар уиоуп чахәны иахьазы иҳамоу. Абасеиԥш аус рулароуп атранспорт амаҵзурауааи иара ус аԥсшьаҩцәа аус рыдызуло зегьы.

-Атранспорт азы атарифқәа шьақәзыргылода?

— Атранспорт аганахьала атарифқәа шьақәзыргыло Аминистрцәа Реилазаароуп. Угәы унархьуеит есышықәса арҭ атарифқәа аиндексациа ахьырмоуа. Аиндексациа мҩаԥыргоит шықәсқәак рахь знык. Ҵыԥх атарифқәа ирыцырҵеит, аха  аԥхынтәи аамҭеи аполитикатә ҭагылазаашьеи инарыдҳәаланы аҳәара ҟаҳҵеит, аофициалтә Қәҵара шыҟазгьы, маршрутқәак рыҟны ахәԥса иацрымҵарц. Иаҳҳәап, амаршрут Ԥсоу-Аҟәа аҟны апассаџьыр ныҟәыргон ажәытәтәи атариф, 150 мааҭ ала, атариф ҿыц 15 мааҭ ацҵара шазыԥхьагәанаҭозгьы. Иҳаҩсыз амшқәа рзы амашьынарныҟәцаҩцәа ирыӡбеит атарифқәа харгаларц. Уи узҩымсуа ҭагылазаашьоуп. Ҳара иҳалшоит атарифқәа шьҭаҳамхырц, аха уи аӡәгьы изы бзиара алнахуам, избанзар даргьы абарҭ зегь иҳаиԥшу уаауп. Уажәы Аминистрцәа Реилазаарахь ашәҟәы азҳархиеит атариф ҿыцқәа шьақәдырӷәӷәарц азы.

-Атаксиқәа рҟны атарифқәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроузеи, урҭ шьақәзыргылода, дареи шәареи аус шԥеицыжәуеи?

— Ҩышықәса раԥхьа иҳадаҳкылеит аӡбра – азин ҷыда, алицензиа аформа ҿыц азы. Уаанӡа атаксиқәа алицензиа рырҭон, нас уи аанкылан. Иахьазы атаксиқәа алицензиа рырҭом, дара русурагьы аӡәгьы хылаԥшра аиҭом, уи аус ҳара ишаҳуалугьы. Уажәазы аԥҟара азырхиара ҳаҿуп, аҳәара ҟаҳҵоит уахь атаксиқәа алицензиа рыҭарагьы алагалахарц. Избанзар, ахатәы машьына алицензиа амамкәа апассаџьырцәа мҩаԥнагозар – иара џьаргьы иҭаҩхом. Уи иаанагоит ашәахтәқәа амшәар ҟалоит ҳәа. Ашәахтәқәа рганахьала иуҳәозар, урҭ реизгара уадаҩны иҟоуп. Ашәахтә зегьы иршәалароуп. Арныҟәцаҩцәа рҟынтәи иҟоуп изҳәо – сара аҳәынҭқарра иснаҭазеи? ҳәа. Ус ахәыцра иашам. Еинҭәыла иҟоу атәылаҟны ашәахтә мшәакәа анхара залшом. Ҳара иҳамам анаплак дуқәа, аха ҳара иҳамоуп ицәгьамкәа еиҿкаау атранспорттә инфраструктура. Уи инагӡаны ахархәара аҭаны амҩаԥгара ауеит.

-Ауаажәларратә транспорт атехникатә гәаҭара аус шԥамҩаԥысуеи?

— Ари аганахьала апроблема дуқәа ҳамоуп. Аиҳарак агәаҭарақәа аформал ҟазшьа рымоуп. Иҟоу аҭагылазаашьала атранспорт наплакқәа ҳара ҳнапаҵаҟа иҟаӡам, урҭ знапаҵаҟа иҟоу Ахадарақәа роуп. Ари азҵаара акырынтә ҳалацәажәахьеит  — урҭ ҳара ҳнапаҵаҟахь ииагахарц, ауаажәларратә транспорт атехникатә ҭагылазаашьа хылаԥшра азаауларц.

Ишақәнагоу ала, амҩа иқәло автобус  иамазароуп алицензиа, амҩатә шәҟәыбӷьыц, уаҟа иарбазароуп анаплакы амеханик ианҵамҭа – атранспорт амҩа ианықәло аламҭалазы атехникатә ҭагылазаашьа шьақәзырӷәӷәо, иақәыргылазароуп аштамп. Сара ари аусхк аҟны шықәсы рацәала аус зухьеит, усеиԥш акәын еснагь ишыҟаз. Амашьына агәаҭара адагьы аныҟәцаҩгьы амедицинатә усзуҩы дихәаԥшыроуп. Уи адагьы  ҳара иҳамоуп адокументқәа гәазҭо ахылаԥшратә гәыԥ, аха амчра ахаҭарнакцәеи ауааԥсыра рымҩангагаҩцәеи рыбжьара аимадара ахьыҟам инамаданы уаҟагьы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалам. Ҳара ҳҽазаҳшәоит ари аус аҭыԥ ақәҵара.

-Ааигәа Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ажәалагала ҟаиҵеит ахатәы машьынақәа ртехникатә гәаҭара аԥыхзарц. Шәара убри аганахьала шәгәы иаанагозеи?

— Ииашоуп ҳәа агәаанагара сымоуп, избанзар уигьы аиҳарак аформалтә ҟазшьа акәын иамаз, иара асовет аамҭақәа раангьы. Сара сгәаанагарала, иара иҟоу аҭагылазаашьа аанарԥшуам, атехгәаҭара шықәсык ахь знык ауп ианымҩаԥысуа. Иалшоит иахьа амашьына еиқәшәазар, аха хымш рышьҭахь иԥҽыр, иаанхаз амшқәа зегьы ишыуашәшәыроу  иныҟәалар. Ус анакәха, атехгәаҭара ашәарҭадара иарбаганы иҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0