Ажурналист: Еревантәи ақәгыларақәа рҟны аполитика аҭыԥ амамызт

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Армении.
Ситуация в Армении. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәылатәи актәи аканал ажурналист Давиҭ Саргсиан, афымцалашара ахәԥса аиҳатәра инадҳәаланы, Ереван имҩаԥысуа амитингқәа дрылацәажәеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 10– Sputnik. Рашәарамзазы  Ереван имҩаԥысуаз, жәанызқьҩыла ауааԥсыра еизызгаз аҿагыларатә акциақәа иарбанызаалак политикатә, оппозициатә, партиатә, аиҳаракгьы урыстәыла аҿагыларатә ҟазшьа рыманы иҟамызт. Аҭагылазаашьа абас акәын ишыҟаз, аекспертцәеи ажурналистцәеи аӡәырҩы аҽакала, ирԥаршеины ишҳадыргалогьы ҳәа Sputnik иазааицҳаит Ермантәылатәи актәи аканал ажурналист Давиҭ Саргсиан.

"Адемонстрациа Урыстәыла аҿагыларатә ҟазшьа  аманы иҟалар алшон избанзар "Ермантәыла афымца ҳақәа" зтәу урыстәылатәи "Интер РАО" ауп ҳәа иазыршьоит. Амитинг алахәылацәа амедиатә информациа мцы  аҭакс иақәҿырҭуан "ари Маиданӡам, ари – амаршал Баграмиан ауп", — ҳәа.

Иара иажәақәа рыла иарбанызаалак аоппозициатә партиак  амитинг алахәылацәа рахь имнеиит избанзар, уа еизаз аполитика зҽадызхалоз ракәмызт. Урыстәылатәқәаки, қырҭтәылатәи, украинатәи, азербаиџьантәи Амассатә информациа ахархәагақәа акыр рҽазыршәеит  имҩаԥысуаз зегьы аполитикатә ҵаҵӷәы аҭара, аха амитинг алахәылацәа  ишьақәдырӷәӷәон иарбанызаалак адәныҟаполитикатә хырхарҭа акциақәа ишрымамыз, ҳәа ациҵеит Саргсиан.

"Абри аганахьала, еизаз ауаа еилатата ирыдыркылоз аӡбрақәеи урҭ аԥхьагыла дахьрымамызи хәарҭара руит: иарбанызаалак политикатә мчрак  иалымшеит урҭ иара алозунгқәа рыҵаргылара. Ҩымчыбжьа инарзынаԥшуа иаабоз аҿар ракзаара еиҭа акыраамҭагьы амч шамоу иаанхоит, иаҭахны иҟаларгьы еиҭахацыркхоит. Анапхгарагьы, аполитикатә мчрақәагьы, ушьҭа асцена иқәҵуа аиҳабыртә абиԥарагьы уи ус шакәу бзиаӡаны еилыркаауеит", — ҳәа азиԥхьаӡоит ажурналист.

Рашәарамза агәҭазы Ереван  ирылагеит зықьҩыла ауаа еизызгаз аҿагыларатә акциақәа. Акциақәа мҩаԥызгоз дҵаны иқәдыргылон афымцалашара атарифқәа шьҭырхырц зыӡбаз Ермантәыла аиҳабыра рыӡбра аԥырхырц. "Арҳәра аҭыԥ амам" захьӡыз аԥхьатәи аинциатива еиҿкаан Феисбук аҟны, иаразнакгьы адгылаҩцәа аиуит, еиҳаракгьы аҿар рыгәҭа, ациҵеит иара.

"Рашәарамза 23 рзы аҭыԥ змаз амитинг алахәылацәа мчыла реимцара, еиҳагьы аҿагылара цәырнагеит. Иара убри аухаҵәҟьа еиҳагьы ауаа еизеит. Баграмиан ихьӡ зху апроспект мчыбжьы наҟьак амитинг амҩаԥгаҩцәа ианааныркыла ашьҭахь аиҳабыра хьаҵит", — иҳәеит Саргисиан.

Ермантәыла апрезидент Серж Саргсиан ирылеиҳәеит аиҳабыра аамҭала ахахьы ишаго  атарифқәа рыхәԥса аизҳара ахарҭәаара, макьаназы  «Ермантәыла афымцатә ҳақәа»» рҟны имҩаԥысуа аудит иныҭкааны аҭак ҟанамҵац атарифқәа реизырҳаразы аӡбра ҵаҵӷәы аманы иҟазу иҟамзу, ациҵеит ажурналист.

Саргсиан ишазгәеиҭаз ала "Арҳәра аҭыԥ амам" еиҿызкааз агәыԥ арҭ аҳәамҭақәа иааирам ҳәа иазыԥхьаӡаны Баграмиан ипроспект ааныжьны аполициа ирзалырхыз аҭыԥ, Ахақәиҭра ашҭахь, инеит. Ус шакәызгьы Баграмиан ипроспект аҟны адемонстрантцәа рыхәҭак  аҽа мчыбжьык иаанхеит. 

Ԥхынгәы 6 рзы аполициа Баграмиан ипроспект иаанхаз адемонстрантцәа рҟынтәи идрыцқьеит, автомашьынақәа рныҟәара  еиҭашьақәдыргылеит. Давид Саргсиан иажәақәа рыла хәылбыҽхала макьанагьы Ахақәиҭра ашҭаҟны активистцәа ргәыԥқәак еизалоит, урҭ руаӡәк амлашьра акциа мҩаԥигоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0