Афильм "Абри агәарԥ агәҭаны" –аекран ду аҟны идырбан

© Sputnik Томас ТхайцукАкинотеатр "Волна"
Акинотеатр Волна - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи асахьаҭыхыҩ Александр Семенцов 1989 шықәсазы имҩаԥгаз ицәыргақәҵа иазку, зметраж кьаҿу афильм Аҟәа идырбан.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Асахьаҭыхҩы Александр Семенцов изку, зметраж кьаҿу афильм "Абри агәарԥ агәҭаны" ахәаԥшыҩцәа идырбан аԥхынтәи акинотеатр "Волна" аҟны, амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы.

Афильм ҭыхын 1989 шықәса рзы, Аҟәатәи агәарԥқәа руак аҟны иеиҿкааз Семенцов ирҿиамҭақәа рцәыргақәҵаҟны.

Асахьаҭыхҩы иԥҳа Елена Семенцова лажәақәа рыла, арҭ акадрқәа ҭызхыз Валери Ҟәырасқәуеи Ҭемыр Қәчбериеи роуп. Лара урҭ машәыршәа аҭаацәаратә архив аҟны илбеит, нас акадршьҭахьтәи атекст амҭакәа зметраж кьаҿу афильм алылхит.

"Ари афильм иныҭкааны иаанарԥшуеит  усҟантәи Аҟәа агәарԥқәа, амҩақәа, ақалақьуаа. Акадрқәа рҟны иубоит саб, иҩызцәа рацәаҩны, иҭыхымҭақәа", — еиҭалҳәоит Елена Семенцова.

Лара лажәақәа рыла, афильм раԥхьаӡа акәны аекран ду аҟны ицәыргоуп, уаанӡа уи аинтернет аҟны мацара акәын абара ахьалшоз.

Асахьаҭыхҩы Александр Семенцов  иусумҭақәа рцәыргақәҵа "Аҟәатәи аамҭа" аатуеит Шәача ақалақь аҟны ԥхынгәы 16 рзы. Елена Семенцова лажәақәа рыла, аекспозициа аиҿкаара ахыркәшарахь инеихьеит.

Семенцов ицәыргақәҵа "Аҟәатәи аамҭа" Шәача идырбахоит

"Аусумҭақәа зегьы агаразы иазырхиоуп, еиқәыршәоуп иаҭахны иҟоу адокументқәа, уаҵәы Шәачаҟа амҩа сықәлоит. Аԥсуа хәаԥшыҩцәа зегьы сышәзыԥшуп аекспозициа "Аҟәатәи аамҭа" аартраҟны", — лҳәеит лара.

Есыҽны, ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаԥшцәа иддырбалоит зметраж кьаҿу афильм "Алик Семенцов. Аҟәатәи ацәыргақәҵа" (1989г.), иара  ибзиаӡаны ианыԥшуеит арҿиаҩы аус ахьиуаз Аҟәатәи агәарԥ атмосфера.

Александр Николаи-иԥа Семенцов, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, СССР асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Санкт-Петербургтәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, апеизажи анатиурморти рҟаза иԥсҭазаара далҵит 64 шықәса дшырҭагылаз, 2005 шықәсазы.

Семенцов ирҿиара Аԥсны акыр иадҳәалоуп. Ҩажәа шықәса инарзынаԥшуа Аҟәа дынхон, аусгьы иуан. Аколлекциа "Аҟәатәи аамҭа" иналкаан азгәаҭара ахәҭоуп, избанзар усҟантәи аамҭазоуп иара афизикеи (Александр Семенцов Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҟны аус иуан)  аҟазареи рыбжьара аҩбатәи аԥыжәара анаиҭаз. Усҟантәи аамҭазоуп инапы ианыҵихыз Аҟәа ахаҿреи аԥсҭазаареи бзианы изныԥшуа аусумҭақәа рацәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0