Геннади Аламиа: Кәтол - аҟазара азыҳәан Анцәа иалхны имоу ҭыԥуп

© Sputnik Томас ТхайцукГеннади Аламиа.
Геннади Аламиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет Геннади Аламиа 66 шықәса ихыҵра амш азы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ирҿиаратә мҩа ашьақәгылашьеи, иахьа инапы злаку аусқәеи ртәы.

Апоет, ауаажәларратә усзуаҩ, Адунеизегьтәи Аԥсуа-Абаза конгресс амаӡаныҟәгаҩ хада Геннади Аламиа 66 шықәса ихыҵра амш азы дазааҭгылеит ирҿиаратә мҩеи, аԥсуа поезиа иахьатәи аҭагылазаашьеи. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Бадраҟ Аҩӡба.

Геннади Аламиа: Кәтол аҟазара азыҳәан Анцәа иалхны имоу ҭыԥуп

— Геннади Шаликәа-иԥа, шәиира амш шәыдаҳныҳәалоит раԥхьаӡа инаргыланы. Ҳаиҿцәажәара хацыркуа шәазааҭгылар ҳҭахуп ажәеинраалақәа рыҩрахь шәхьазырԥшыз, раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟашәҵаз атәы.

— Апоезиа аԥсабара ауаҩы иџьеишьартә иҟоуп. Уи уаналанагалаз шаҟа шықәса  ухыҵуаз аҳәара даара иуадаҩуп. Иаҳҳәап, смаҭа хәыҷы ишәҭыз ашәҭ ааигәара дноугар, уи даара деигәырӷьоит, ацәаныррақәа лызнарҵысуеит, уи лара илыздыруам макьана, аха ари поезиоуп. Ауаҩы даныхәыҷу жәеинраалала имхәыцыц аӡәгьы дыҟаӡам. Ашкол аҟны ицәгьамкәа аҵара сҵон, аматематикеи, афизикеи рахь иаҳа схы кыдын, афизикатә факультет аҟны х-курскгьы салгеит, аха афизика аасҭа алирика аиааира агеит, уи ашьҭахь Москватәи алитературатә институт сҭалеит.

Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 65 шықәса ихыҵит

— Раԥхьатәи шәажәеинраала аныжәҩыз шәгәалашәома?

— Раԥхьатәи сажәеинраала ашкол санҭаз изҩит. Уи аҭӡыгазеҭ ианылахьан. Аамҭа анца, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны аусура салагеит апоезиа аҟәшаҿы. Рҵаҩыс исымаз Иван Асаӡба ҳәа уаҩ дук дыҟан, уи сажәеинраала сзааигеит, аӡәы иҩит уахәаԥшыр сҭахуп ҳәа. Усҟан уи сара ишыстәыз схашҭхьан. Санаԥхьа ус иасҳәеит, абри ажәеинраала зҩыз дыжәдыруазар, сшәыҳәоит, уаҳа ахаан ажәеинраалақәа имҩырц азы иашәҳәарц, апоетра илҵуам ҳәа.

- Шәпоетхарц азы доуҳатә мчыс ишәыцхрааи, шәгәаанагарала?

— Са сҭаацәараҿы саб иашьа Кәымф Ломиа дпоетын, сҭаца Нелли Ҭарԥҳа дышәҟәыҩҩын, дпоетын. Саб ажәеинраалақәа иҩӡомызт, аха ус иҳәон – шәара шәызегь шәаасҭа ажәеинраалақәа зыҩуан, аха амшгаха сымаӡамызт, — ҳәа. Иааиҳәоз зегьы рифмала, ритмла еиқәиршәон. Убри аҟнытә, сгәы иаанагоит, ԥсабарала џьара ҳажәлаҿ ак ыҟазар ҟалап ҳәа. Абас ажәеинраалақәа рыҩра саланагалеит арҿиара, аха 20 шықәса инарзынаԥшуа акгьы змыҩыцт.

— Поетк иаҳасабала шәышьақәгыларазы аԥсуа литература ныррас ишәнаҭеи?

— Сара Кәтол ақыҭаҿ сиит. Ҳара ҳҟны ҩбаны ишоуп, ишәҟәыҩҩымхаз ма ипоетымхаз дҵарауаҩхоит. Зыӡбахә уҳәаша даара ирацәоуп, Иуа Коӷониа ила зегь ҳааӡоуп, Иван Папасқьыр дпоетмызт, аха уи ирҿиара иснаҭаз рацәоуп, ааигәа 80 – шықәса зхыҵра азгәаҳҭоз, машәырны иҭахаз Борис Гәыргәлиа иҭынха уҳәа. Кәтол аҟазара азыҳәа Анцәа иалхны имоу ҭыԥуп уҳәар ҟалоит.

— Шәажәеинраалақәа тематикатә хырхарҭала аԥыжәара змоузеи, еиҳа иаашәырԥшырц шәзышьҭеи?

— Апоезиа акы иазкны иуҩыр ҟалаӡом, ак иазку апоезиа – уи поезиаӡам. Аԥхьаҩ уҩымҭа даԥхьаны акы иазкуп иҳәар ауп акәымзар, иаҳҳәап ашәҭ иазкны ажәеинраала уҩыр ҟалаӡом, иара ашәҭра узаарԥшуазар ауп, исымоуп абас ацәаҳәақәа "иамаӡам шьҭа ашәҭ амаӡа – ишәҭит". Иаахтны зегь ануҳәа амаӡа ҟалаӡом, амаӡа ахьыҟам иҟам апоезиагьы. Акы иахҳәааны акәӡам, иара ахаҭа уҩуазар ауп. Ус иҟоу апоетцәа ҳамоуп ҳара, иаҳҳәап Таиф Аџьба, Саида Делԥҳа уҳәа.

— Аҳәаанырцәтәи авторцәа рахьтә шәара доуҳала еиҳа ишәзааигәада?

— Бзиа избо апоетцәа даараӡа ирацәоуп, иаҳҳәап афранцыз поетцәа, испаниатәи апоет Гарсиа Лорка уҳәа. Урҭ аурысшәахь еиҭаганы ауп ишыздыруа, дара рбызшәала самыԥхьеит, аха уеизгьы даара бзиа избоит, избанзар урҭ рпоезиа даара иҳаракуп. Аурыс поетцәа рахьтә Пушкин, Блок, Пастернак, Ахматова, Цветаева, уҳәа. Насгьы, Москва аҵара зцаҳҵоз, инарҭбааны зыхьӡ рзымдыруа, аха зырҿиара ҳараку апоетцәа рҩымҭақәа срыԥхьоит.

— Иахьатәи алитературатә процесс шәышԥахәаԥшуа, иарбан хырхарҭоу иамоу?

— Иахьа хыхь-хыхьла уанахәаԥшуа агәаанагара уоур ҟалоит, апоезиагьы апрозагьы аӡәгьы иҭахым, атехника ԥхьаҟа иахьцаз аҟнытә ҳәа. Аха, уи иашам ҳәа сахәаԥшуеит, иахьа апоезиа ыҟоуп, даара уреигәырӷьартә иҟоуп аҿарацәа. Аха еснагь ибзиам ак ыҟоуп, уи аҩра ианналагалак нахыс, уиаҟара анализ ҟамҵаӡакәа ари иреиӷьу поетуп ҳәа аицлабра аныҟарҵо. Апоезиа спортӡам, уи аҟны досу иҭыԥ иара иникылоит. Еиӷьу ма еицәоу ҳәа апоезиаҿы иҟаӡам. Уиаҟара иатәарымбогьы иара ихатә ҭыԥ имоуп, ибааԥсны дыҩуазаргьы, убасҵәҟьа ибааԥсны уаҩ дыҩӡом.

— Аԥсуа литература адунеитә литературахь иҟанаҵаз алагала шәышԥахәаԥуа?

Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа: апоезиа – сыԥсҭазаара иашьаҭоуп

— Адунеитә литература аҟнытә аԥсуа литература аалухыр, акымзарак ахьуам ҳәа агәаанагара змоу рахь саҵанакӡом сара. Аԥсуа литература ахатә ҭыԥ аннакылеит. Иаҳҳәап, аҩн дуӡӡа қьырмытк аалухыр, аҩны зегь бгар шауа еиԥш, еиҿартәоуп адунеитә литературагьы. Ҳазшаз ауаа зегьы бызшәак ала ицәажәо ианыҟаимҵа, урҭ абызшәақәа рыла иҩу алитература аума даҽакума ада ԥсыхәа ыҟаӡам. Сара зныкымкәа исҳәахьеит, уажәгьы еиҭасҳәарц сҭахуп: "Ҳаӷеиҭа зны амшын ҭабозар, аҵыхәтәанӡа инхо цәыкәбаруп" ҳәа. Ҳара хыԥхьаӡарала адунеи иқәу ажәларқәа ҳреиҵазаргьы, адунеи ак ахьуа иалагаргьы, аҵыхәтәан ҳара ҳанхар ҟалоит. Убри аҟнытә, алитература аума, аҟазара аума иарбанзаалак ҳазҿу даара ихәарҭоуп адунеи азы.

— Шәара акыр аџьабаа азыжәбоит аԥсуааи хылҵшьҭрала иаҳзааигәоу абазақәеи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара Адунеизегьтәи Аԥсуа-Абаза конгресс аҟны. Иарбан уадаҩрақәоу иҟоу урҭи ҳареи ҳазыҟазаашьақәа рҟны?

— Ҳаизыҟазаашьақәа рҟны уадаҩра дук ыҟаӡам, аха хәыҷык ахымдырра ҳамоуп. Абазақәа ҳарҟәыҵып, иара Аԥсны аҩнуҵаҟа ауаҩы қыҭас дызтәу иаҿырԥшны уи изкны ргәаанагара анышьықәдыргыло, имхәыцкәа ианцәажәо ыҟоуп. Сара есымша ус сҳәоит, — "шәара шәыда ԥсыхәа ҳамам, ҳара ҳада шәара ԥсыхәа шшәымам еиԥш", — ҳәа. Аконгресс аус шауа иахьагьы исгәаԥхаӡом, иҵегь еиӷьны аус ауазар ауп. Избанзар, зхеиқәырхара иану ажәларқәа ас еиԥш ахеиҿкаарақәа рымоуп, уи ала рыԥсы ҭоуп. Уи рымоуп ауриацәа, аиарманцәа уҳәа измоу рацәаҩуп, избанзар рыжәларқәа егьырҭ ирылаӡҩаны иҟоуп. Ҳара ҳҟынгьы ҳапроблемақәа даара ирацәоуп. Ирҿиалатәуп адыгақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, аибашьраа аан ҳшеицыз еиԥш иахьагьы ҳаицызар ауп. Уи аилкаара маҷк иаҳцәыуадаҩхо ҳалагеит. Аныҳәаҿақәа аныркуа ирҳәоит аибашьраан иааны иҳадгылаз аибашьцәа рыӡбахә, аха иазымхәыцкәа ианырҳәо рацәоуп. Ари иашам, хымԥада.

Ажәабжьқәа зегьы
0