00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Апоетесса Саида Делԥҳа диижьҭеи 50 шықәса ҵит

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаСаида Делба лышәҟәы "Амацәыс ашьҭа"
Саида Делба лышәҟәы Амацәыс ашьҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Саида Делԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, дҭахеит абҵарамза 30, 1992 шықәсазы, данҭаха ашьҭахь Леон иорден ланашьан.

Апоетесса Саида Делԥҳа диижьҭеи иахьа 50 шықәса ҵит
АҞӘА, ԥхынгәы 27, Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апоетесса Саида Делԥҳа диижьҭеи иахьа 50 шықәса ҵуеит.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахәхаз апоетесса Саида Делԥҳа лырҿиара иахьа аӡәырҩы бзиа еицырбоит. Уи лажәеинраалақәа ирылубаауеит лыԥсҭазааратә мҩа. Саида лажәеинраалақәа аклассикатә форма иеиԥшым, урҭ рҟны иҟоуп ихадароу, аибашьра атрагедиа, лара лхаҭара, ллахьынҵа", —  иҳәеит Аԥсныжәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

Омар Беигәаа диижьҭеи 114 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҟәа

Апоет иазгәеиҭеит Саида Делԥҳа лҩымҭақәа аурысшәахь реиҭагара аан ашәҟәыҩҩы Еҭери Басариаԥҳа дышицхраауаз.

"Ҳәарада, апоет лажәеинраалақәа аурысшәахь реиҭагара мариамызт. Саида лҩымҭақәа реиҭагараан ацхыраара ҟалҵеит Еҭери Басариаԥҳа, уи цәаҳәа-цәаҳәала еиҭалгеит. Аурыс бызшәала ҳпоетесса адунеи аԥхьаҩцәа рахь дцәырҵит. Саида — цәырҵра хазыноуп ҳлитератураҿы", — азгәеиҭеит Лашәриа.

Апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иазгәеиҭеит Саида Делԥҳа аԥсуа литератураҿ ллагала шмаҷым.

"Саида раԥхьатәи лажәеинраалақәа ажурнал "Алашара" адаҟьақәа ирнылеит. Уи лырҿиара иаразнакала еицгәарҭеит. Уи ҟазшьала убас дыҟан, илымҳәар, илмыҩыр, илымкьыԥхьыр лгәы иауамызт, есымша ҩнуҵҟала дбылуан. Саида лпоезиа ҵаулоуп, илҳәарц илҭаху иаразнак иаартны илҳәаӡом, аха цәаҳәак ала иулырдыруеит уи лыгәҭакы", — иҳәеит Анатоли Лагәлаа.

Анатоли Лагәлаа иажәақәа рыла, Саида Делԥҳа лырҿиара ессааира азыхынҳәра угәанарԥхоит.

"Уи лҩымҭақәа рахь узырхынҳәуа ак амоуп. Ашәҟәы уаԥхьаны ианықәуҵалак ашьҭахь, зегь акоуп уархынҳәуеит. Апоезиа аҷыдара хадақәа ируакзар ҟалап уи ашҟа ухьазырҳәуа ак аныҟоу, уа уаԥхьа илҳәаз уцәыӡыр ҳәа ушәаны есымша лпоезиахь уԥшуеит", — азгәеиҭеит Лагәлаа.

Саида Делԥҳа диит ԥхынгәымза 27, 1965 шықәсазы Ҭҟәарчал ақалақь аҟны. 1982 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. 1985 шықәсазы диасит Москватәи  аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ашҟа. 1987 шықәсазы Аԥсныҟа дгьежьуеит, ААУ аҟны лҵара налыгӡоит. Саида Делԥҳа аус луан ашкол аҟны рҵаҩыс, агазет "Аублаа" аредакторс дыҟан.

Саида Делԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, дҭахеит абҵарамза 24, 1992 шықәсазы, данҭаха ашьҭахь Леон иорден ланашьан. Саида Делԥҳа иланашьоуп Д. Гәлиа ипремиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0