Апарламент иаднамкылт адепутатцәа рхыԥхьаӡара аԥсахразы азакәанапроект

© Sputnik Томас ТхайцукАпарламенттщ сессиа
Апарламенттщ сессиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдрымкылеит "Жәлар Реизара адепутатцәа рхыԥхьаӡаратә еилазааразы" азакәан апроект.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Адепутатцәа актәи аԥхьарала "Жәлар Реизара адепутатцәа рхыԥхьаӡаратә еилазааразы" азакәан апроект рыдрымкылеит.

Атәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба адепутатцәа ирыдигалеит адепутаттә корпус рхыԥхьаӡара 45-ҩык рҟынӡа анагара азыԥхьагәазҭоз апроект. Иара ишиҳәаз ала, адепутатцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара аҭахны иҟоуп ԥхьаҟа еилаԥсоу алхратә системахь аиасра аконституциа-зинтә шьаҭа аԥҵаразы.

"Иахьатәи Аконституциа аус ауеижьҭеи иҵуеит ҩажәа шықәса. Убри аахыс алхратә система аԥсахрақәа аиухьеит. Аха уи иахьымԥшыкәа иара алхратә система ахаҭа еиҭакмызт. Аханатәгьы ахархәара зҭаз амажоритартә системоуп. Ауаажәларра рымчра еиҳа хра змоу шьаҭаны иаиуа иарбан алхратә системоу ҳара ахархәара заҳҭо ауп", — иҳәеит иара.

Еилаԥсоу алхратә система иалнаршоит амажоритартәи аизышәаратәи системақәа ирымоу аԥыжәарақәа реидкылара ҳәа азгәеиҭеит Шамба. Иара иалнаршоит хаз игоу алхратә округқәа ррегионалтә хаҭарнакрақәа реиқәырхара иара убри аангьы иалшоит апарламент аҟны апартиатә хаҭаранкрақәа рызгьы алшарақәа раԥҵара ациҵеит иара.

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба - Sputnik Аҧсны
Валери Бганба: Апарламент ажәлар ирзеицәоу аӡбраны иҟам

Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба иазгәеиҭеит амажоритартә системала иалырхуа адепутатцәа алхыҩцәеи дареи аимадара рымоуп, ауааԥсырагьы уи иашьцылахьеит ҳәа.

"Амажоритарии — ари ауааԥсыреи адепутатцәеи реимадара акәны иҟазар, сгәы иаанагоит апартиа аҟынтәи адепутатцәагьы апарламент апрофессионалтә хәҭа ракәны иҟалап ҳәа", — азгәеиҭеит Бганба.

Иури Зыхәбеи Ахра Кәакәасқьыри назлоу депутатцәақәак асеиԥш иҟоу аӡбра адкылара заацәоуп ҳәа иазырыԥхьаӡеит.

Адепутат Валерии Агрба иажәақәа рыла, амажоритартә система аҳәынҭқарра аҿиара азымҭо аиԥҟьарақәа анаиуа ыҟоуп.

"Ашәарҭа шыҟоугьы, аԥсахрақәа ҳадҳамкылар апартиатә ҿиара адгылара ҳзаҭом", — иҳәеит иара.

Адепутат Ахра Бжьаниа иазгәеиҭеит, ирыдгалоу апроект еилаԥсоу алхратә система апринципқәа рынагӡара иазырхоу раԥхьатәи ашьаҿа акәны ишыҟоу. Амажоритарии злашьақәгылоу ауаа рылоуп, аизышәаратә система иалнаршоит апарламент аҟны ԥхьаҟазы апрограммақәеи апланқәеи зманы иҟоу ауаа рнагара.

19-ҩык адепутатцәа рыбжьы апроект иақәшаҳаҭны ирҭиит, 5-ҩык мап ацәыркит, 4-ҩык абжьыҭира рҽацәхьаркит. Иахәҭаны иҟаз 2/3 бжьы апроект иазеизымгеит.

Валери Агрба ишазгәеиҭаз ала, азакәанԥҵара инақәыршәаны Аконституциахь ари ариашара алагалахарц ажәалагала азыхынҳәра ҟалоит шықәсык ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0