АҞӘА нанҳәа 3 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" инанагӡоит ҿыц ахшара зауз аԥсуа ҭаацәарақәа ирызкыу апроект "Ани амаалықьи" аусура. Ҩымчыбжьа ирылагӡаны, апроект аусура хацыркыуижьҭеи, Аҟәа араиони, Аҟәа ақалақьи рҟны инхо 70 ҭаацәара рнапаҿы ирыҭан аҳамҭақәа. Иазгәаҭатәуп, ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо аԥсуа ҭаацәарақәа зегьы ишрыҭахо аҳамҭақәа. Апроект аусура еснагьтәихоит. Иааидкыланы, иахьазы аҳамҭақәа рызшоуп шәкы иназынаԥшуа аԥсуа ҭаацәарақәа.
Арҭ амшқәа рзы, афонд ахаҭарнакцәа, аекономикатә ҿиареи, аинвестициеи рхеилак аиҳабы Абессалом Кәарҷиеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаԥшьԥҳаи, аҳамҭақәа рыманы Очамчыреи, Тҟәарчали араионқәа ирҭааит.
"Ари раԥхьатәи шьаҿоуп. Иҭҵааны, аҭаацәарақәа ирыҿцәажәаны, урҭ рҭахрақәа инарықәыршәаны еиҿкаауп аҳамҭакәа. Аԥсны аизҳара ҟалааит, аҭынч жәҩан аҵаҟа еизҳалааит ҳхәыҷқәа", — ҳәа аҭаацәарақәа дрыдныҳәало аҳамҭақәа рнапаҿы ириҭеит Абессалом Кәарҷиа.
Аҳамҭақәа зырҭаз аҭаацәа ракәзар, афонд анапхгара иаадырԥшыз азҿлымҳаразы ҭабуп ҳәа рарҳәеит.
"Ииашаны, ҳгәы иахәеит абас еиԥш шәахьҳадгылаз, ҳара ҳгәырӷьара шәара ишәгәырӷьараны иахьҳацеиҩышәшаз. Ҳаԥсуара ҳхамшҭааит. Аҳамҭақәа ззаажәгаз зынӡа имаалықьцәоуп, аха иандухалак еилыркаауа, ҳ-Аԥсынра ихьӡырҳәаганы иҟалааит!" — дцәажәон Арсоу Минаиа хәыҷы иан, Асҭанда Кәлааԥҳа.
Апроект аусура нагӡахоит Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿгьы. Иаарласны, ас еиԥш иҟоу аҳамҭақәа рызшахоит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟны инхо, ҿыц ахшара зауз аԥсуа ҭаацәарақәа.
Апроект "Ани амаалықьи" хацыркуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа ибзоурала. Ҳауаажәлар реизҳара, рыҿиара аус аҟны, хатә гәаԥхарала лагалак ҟазҵарц зылшо, ҳапроект адгылара арҭарц рылшоит.