Азинхьчаҩцәа СИЗО аҟны имҩаԥысуа ақәгыларақәа идырҭынчуам

© Sputnik Бадра АвидзбаПравозащитник о волнениях в СИЗО: надо улучшить условия содержания
Правозащитник о волнениях в СИЗО: надо улучшить условия содержания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аизолиатор аҟны иҭаку абаандаҩцәа иахьҭаку ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа ирҿагыланы акциа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, нанҳәа 11 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҭаку ирызнеиуеи дареи ахьеиԥылаша ауадақәа рымазароуп, есыҽны адәахьы идәылгалатәуп, абарҭ ауаҩԥсы изы ихымԥадатәиу аҭагылазаашьақәа роуп иахьатәи ақәгыларақәа зызку ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Ахада иҟны иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Азинмчра змоу ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи СИЗО аҟны иҭаку ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа ирҿагыланы иқәгылоит

Маршьан иара убасгьы иазгәеиҭеит ара иҭаку рҭагылазаашьақәа реиӷьтәразы изныкымкәа атәыла анапхгара рҿаԥхьа азҵаара шықәдыргылахьоу.

"Аизолииатор аҟны иҭаку рҭагылазаашьа аиӷьтәра азҵаара уаанӡатәи атәыла ахадеи аԥыза-министри рҿаԥхьа изныкымкәа иқәдыргылахьан, аха аԥара амамзаара иахырҟьаны мап ркуан", — иҳәеит Маршьан.

Атәыла ахада иҟны иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Азинмчра змоу ицхырааҩ ашәахьа, нанҳәа 10 рзы МВД аштаб аиҳабы Мурман Гьегьиа диԥылеит.

"Иахьа сара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны сыҟан. Аштаб аиҳабы Мурман Гьегьиеи сареи ҳаиԥылеит. Иахьынӡеилыскааз ала иҭаку рықәгылара мзызны иамоу иахьҭаку ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа роуп: иҭаку ателефонқәа рхы ирзамырхәо иахьыҟоу урҭ ируакуп. Мурман Гьегьиа уи ацынхәрас иҳәеит уи аҩыза азин иҭаку ишрымам, ус анакәха ателефонқәа рхы иахьадмырхәо азы рықәгыларгьы шҵаҵӷәыдоу", — иҳәеит Маршьан.

Уаанӡа, Иван Зарандиа, Аԥсны адукатцәа Рпалата ахантәаҩы, ҳкорреспондент иеиҳәахьан иҭаку аҳәатәы ацымныҟәара акциа шымҩаԥырго, ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа ирҿагыланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0