ДНР ахәыҷқәа Агәыӡера имҩаҧысраны иҟоу алагер иалахәхоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПалаточный лагерь. Архивное фото.
Палаточный лагерь. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспорттә, арра-патриоттә лагер "Азбука безопасности и выживания – 2015" мҩаҧысуеит нанҳәа 11-25 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 11 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Донецктәи жәлар рреспублика аҟынтәи аспортсменцәа ҿарацәа алахәхоит аҩаша, нанҳәа 11 рзы иаадыртуа алагер "Азбука безопасности и выживания – 2015".

"Ҩымчыбжьа инарзынаҧшуа азыҟаҵаҩцәеи, АҶА ахаҭарнакцәеи, амчратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи аспортсменцәа ҿарацәеи алахәхоит ашьапылампыл, абокс, аиқәҧара уҳәа реиҧш иҟоу аиндаҭларақәа, имҩаҧыргоит арра-спорттә зыҟаҵарақәа, амшын аҟны рҽыркәабоит, рыҧсы ршьоит", — иҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Урыстәылатәи афонд "Наш дом" ахантәаҩы Артиом Артиомов.

Иара иазгәеиҭеит ДНР аҟынтәи ахәыҷқәа ишырзаҧҵахо иреиҕьу аҭагылазаашьақәа анхаразы.

Алиас Аҩӡба: нанҳәамза 17-25 рзы имҩаҧгахоит аҧхынтәи алагер

"Ақыҭанхамҩатә раионқәа адгылара ҳарҭарц ҳақәдыргәыҕит, ахәыҷқәа ирзаарышьҭлоит ашәыр, аргәыц. Адепутатцәагьы ахәыҷқәа хылаҧшрада инрыжьуам", — азгәеиҭеит Артиомов.

Арра-патриоттә лагер "Азбука безопасности и выживания – 2015" еиҿкаауп Донбасс аветеранцәа Рхеилак "Беркут", ауаажәларратә республикатә Ҵысра "Свободный Донбасс", ДНР аҿари, аспорти, атуризми русқәа рзы Аилак раҧшьгарала, Аҧсны абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аилак адгыларала.

Аспорттә, арра-патриоттә лагер "Азбука безопасности и выживания – 2015" мҩаҧысуеит нанҳәа 11-25 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0