АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik, Анжелика Бениаҧҳа. Асахьаҭыхҩы Мариа Ҧлиаҧҳа, contemporary art астиль иаҵанакуа лусумҭа ҿыцқәа Москва ақалақь, ацәыргақәҵатә зал "Твинхолл" аҟны иқәдыргылараны иҟоуп.
Мариа Ҧлиаҧҳа лажәақәа рыла, Москватәи ацәыргақәҵа аидеиа лоуит аангыларҭа "Гәыма" имҩаҧгаз ацәыргақәҵа ашьҭахь.
"Москватәи ацәыргақәҵаҟны идырбахоит 25 усумҭа. Сontemporary art астиль иаҵанакуа аусумҭкәа зегьы 2015-тәи ашықәс иаҵанакуеит", — лҳәеит асахьаҭыхҩы.
Лара иазгәалҭеит арҭ аусумҭақәа иҿыцу асериа ишаҵанакуа, академизми ареализми дрыцәхьаҵны иҟалҵаз шракәуу. Усумҭақәак наӡамшәа убозаргы уи ус, ихәыцны иҟаҵоу шакәуу.
"Автор иусумҭа хиркәшоит иара инагӡаны ианигәаҧхо, иҩныҵҟа ахыркәшара наӡеит ҳәа ианинарбо. Сара сахьаҭыхҩык иаҳасаб ала сыҧшаауеит, еснагь иҿыцу ак ҟасҵар сҭахуп", — лҳәеит Ҧлиаҧҳа.
Лара лажәкәа рыла, аҟазара ауаа еиднакылоит.
"Сара сгәы иаанагоит аҟазара, асахьа агәалаҟазара бзиа узарҿиозароуп. Уаанӡатәи сусумҭақәа рҟны аҧсуа ҧсабареи анатиурморти аҧыжәара рымазҭгьы уажәы иҿыцу ак сыҧшаар сҭахуп. Аҟәатәи ахәаҧшцәа сусумҭақәа рбахьеит, уажәы Москва ирбарц сҭахуп", — ацылҵеит лара.
Лара убасгьы илҳәеит ацәыргақәҵа "One way" захьӡу.
"Сусумҭақәа руак ус ахьӡуп. Ацәыргақәҵагьы ус ахьӡыстәырц сыӡбеит. Аҟазараҟны еиуеиҧшым амҩақәа ыҟоуп. Ари ацәыргақәҵагьы сара сымҩақәа ируакуп", — лҳәеит лара.
Мариа Ҧлиаҧҳа диит Аҟәа, 1982 шықәса рзы. Далгеит В.И. Суриков ихьӡ зху МГАХИ. Аҟазаратә студиа дашьаҭаркҩуп. Москватәи асахьаҭыхыҩцәа Рхеилак далахәылоуп. Ҳаамҭазтәи аҟазара "Стой! Кто идет?" жәларбжьаратәи абиеннале далахәылоуп. Иара аҳәаақәа ирҭагӡан ҵыҧх имҩаҧган лцәыргақәҵа "Абхазская кухня". Мариа ҵыҧх еиҿылкааит асахьаҭыхратә студиа. Иахьазы уаҟа аҵара рҵоит 50-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.