АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik, Наала Аҩӡыҧҳа. Атәылаҟны иҟоу атерминалтә ӡқәа ишахәҭоу еиҧш рхархәара иалнаршоит ауҭраҭых ҩынтә-хынтә еиҳаны аарыхра ҳәа иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр Ҭемыр Ешба, Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.
"Атермалтә ӡқәа ишахәҭоу еиҧш хра рыманы ахрархәараан хәышықәса рыҩныҵҟа иалшоит ауҭраҭых аалыҵ 15 нызқь тонна рҟынӡа аизырҳара", — иҳәеит иара.
Ачаи аусхк акәзар, 5 630 геқтар рҟынтәи аиҭашьақәыргылара алшоит 500-600га, убри аан аплантациа ҿыцқәа аҧҵамкәа.
Ешба иажәақәа рыла, Ақыҭанхамҩа аминистрреи араионқәа рҟны ақыҭанхамҩа аусбарҭақәеи иргәиҭоуп 2016 шықәса рзы апрограмма ҿыц амҩаҧгара – шықәсык изызҳауа акультура (акапусҭа, акартош, апырпыл у.у.е.) аиҭаҳара. Апрограмма анагӡара азыҧхьагәаҭоуп аминистрра иамоу аҧарақәа рыла.