Беслан Кәыҵниа арепатриациазы: ҳаидызкыло, ииашоу ажәабжь ҳабжьазароуп

© Sputnik Томас ТхайцукБеслан Кәыҵниа
Беслан Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" афинансқәа рхеилак аиҳабы, аекономист Беслан Кәыҵниа Аԥсны арепатриациа апроцесс шымҩаԥысуа азы игәаанагара иҳәеит.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" афинансқәа рхеилак аиҳабы, аекономист Беслан Кәыҵниа Аԥсны арепатриациа апроцесс шымҩаԥысуа азы игәаанагара иҳәеит. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

– Беслан, иахьазы аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәра ацашьа ушԥахәаԥшуеи?

– Сара саб иҟынтәи схәыҷы аахыс лассы-лассы исаҳауан ахҵәара иақәшәаз ҳашьцәа рыӡбахә. Сзыԥхьоз ашәҟәқәа рыла издыруан  аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара  шмаҷмыз.  Еилыскаауан адунеи иқәынхо аԥсуаа зегьы рзы Аԥсны рыҩны шакәыз.

Ҳандан Папба - Sputnik Аҧсны
Ҳандан Папԥҳа: Ҭырқәтәыла инсыжьыз ҳәа егьыҟам, Аԥсноуп сыԥсы ахьҭоу

Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы ахақәиҭра ҳамоуп, аиҭанеиааира рацәахо иалагеит, аимадара еиҳа аҽарӷәӷәеит. Аха аҳәаанырцә инхо аԥсуаа арахь раара уадаҩхеит. Избанзар, ишиашоу амҩақәа аартӡам. Дареи ҳареи еснагь адиалог ҳабжьазароуп. Сара хаҭала изныкымкәа Ҭырқәтәыла сцахьеит, уа инхо ргәы азыбылуеит рыԥсадгьыл. Аха, агәыбылра мацара азхаӡом. Иҟоуп ара анхара иамышьцылакәа игәааны ихынҳәны ицақәазгьы. Рыԥсадгьыл иацәымгәаароуп. Ииашоуп, ауадаҩрақәа рацәоуп. Аха, арҽеишьа ҳақәшәароуп. Уара уыҩны ушаԥшәымоу ухаҭа еилыукаароуп, иуацәажәогьы еиликаароуп.  Ҳаидымгылар, ҳрацәамхар ԥсыхәа ҳамаӡам. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа изланхо атәым жәлар инарылаӡҩа ицар ҟалоит. Уи алаҳмыршароуп.

– Адунеи аҿы ирацәоуп арепатриациа азҵаара иадҳәалоу аҿырԥшқәа, аԥышәақәа. Хазҿыԥшырц зылшои ҳара?

– Ауриақәа арепатриациа аганахь ала ирымоу аԥышәа рҿаҳҵаароуп. Асакараҿы аханатә рҽеидкыланы, рҳәоу еиқәшәаны, аҳәынҭқарра аргылара рылдыршеит. Сара изныкымкәа Израиль сцахьеит. Аекономика, аполитика, арра-маҵзура, амедицина, аҵарадырра, уҳәа иарбан хырхарҭазаалак зегьы рыҩаӡара ҳаракыуп. Дара-дара аидгылара анаадырԥш, ирыдгылоз атәым ҳәынҭқаррақәагь рацәахеит, Америка, Урыстәыла уҳәа. Иахьа, Израиль иԥхьагылоу ҳәынҭқарроуп ҳәа иуԥхьаӡар ҟалоит.

Иарбан усзаалак ииашоу апрограммала еиҿкаатәуп.  Ашәара аҭахӡам. Аԥсуаа, Ҭырқәтәылеиԥш шаҟаџьара инхозеи, арахь иааҳгароуп, ҳрыцхраароуп,  ҳаргьы иҳацхраауеит нас.  Ҳара шьала-дала  ҳаишьцәоуп. Дара азныказы ирцәыуадаҩхаргьы, ииуа рхәыҷкәа ирзымариахоит анхара. Аԥсышәала ицәажәо иалагоит, аԥсышәала аҵара роуеит, рыԥсадгьыл иаԥшәымацәаны иҟалоит. Ҳҳәынҭкарра еицышьақәҳаргылароуп.

– Изныкымкәа Ҭырқәтәыла уцахьеит, ҳдиаспореи уареи шәеиқәшәахьеит. Узацәажәоз аҿар Аԥсны аганахь ала ирхәыцшьои?

Давид Ҭарба: адиаспораҿы азакәан иазымыӡбо, аиҳабацәа ражәа иаӡбоит

– Саԥсыуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо, Аԥсныҟа сцар сҭахыуп ҳәа ауп ииҳәо. Аҿар рыԥсадгьыл аганахь ала рыхдырра еизҳаит. Ҳаргьы иреилҳаркаароуп рыда ԥсыхәа шҳамам. Зегь раԥхьа иргыланы, рыԥсадгьыл ишаҭахыу рызнаҳгароуп. Аԥсны ҳнеир, ҳзанааҭ ала аусура ҳауама ҳәа азҵаара ықәдыргылоит. Ргәы иҵхо азҵаарақәа рҳәааит, еиҿыркааит, рыбжьы дыргааит. Аҿар еиҭанеиааилароуп, аижәлантәқәа еибаԥшаароуп. Апропоганда ҳагуп. Аԥснынтә ицаны ирацәажәалатәуп. "Шәааи, шәаҳҭахыуп" аҳәара мацара азхаӡом. Аҳәынҭкқарра иҟанаҵо маҷӡам уи аганахь ала. Нхара-нҵырала, усурҭа ҭыԥла еиқәдыршәоит. Иҟоуп зхы иақәгәыӷны, аара зылшогьы, малла ирыцҳам ауаа. Ҳаидызкыло, ииашоу ажәабжь ҳабжьазароуп.

– Аԥсадгьыл еиҳа ашәарҭа ианҭагылаз аамҭазы уи ахьчара иааит ҳџьынџьуаа. Иҟоуп урҭ рахьтә хаҭала иудыруа уҩызцәа. Усҟантәи аамҭазы рхымҩаԥгара иахыуҳәаауазеи?

– Аԥсадгьыл ахьчара иааз руалԥшьа нарыгӡеит, рыҩны рыхьчеит. Аԥсадгьыл ахьчаҩ еснагь пату иқәуп. Уи ахаҵара иатәуп, аԥсуара иатәуп. Акыршықәса ҳазхымҵуаз аҳәаа ҳабжьан. Уа рыҩнқәа ыҟан, рҭаацәарақәа ыҟан. Зегь кажьны аара цәгьан. Аибашьра анцоз урҭ арахь раара, ҳәарада, ибзианы иҳадаҳкылон. Ҳгәы шьҭыҵуан, ҳашьцәа ҳзааит ҳәа ҳаигәырӷьон. Иҟоуп, аибашьра анаҩс ара иаанхаз, аҭаацәара аԥызҵаз, иахьа зыԥсадгьыл аҟны аӷьараҳәа инхо. Рыхгьы иахәоит, рыуаажәларгьы ирыцхраауеит. Имаац ракәзар, хымԥада, ҳарзыԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0