АҬР: Аԥсны иҟоу ахныҟәгаратә минимум — ԥсымышьҭыгоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥара
Аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса нанҳәа 1 азы ҳтәыла ауаҩԥсы ихныҟәгагатә минимум иартәеит 5 731 мааҭ. Ҵыԥх абри аамҭа ақәыршәан уахәаԥшуазар иара еиҳахеит 13,5 % рыла.

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны ахныҟәгаратә минимум ауаҩԥсы зыда ԥсыхәа имам иҭахрақәа ирықәшәоит ҳәа Sputnik аинтервиу аҟны иазгәалҭеит Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр (АҬР) аеконмика аҟәша анаукатә усзуҩ еиҳабы Амра Цәышԥҳа.

"Зыда ԥсыхәа умам афатә, амаҭәа, маҵзурақәак рыхәшәара – абри ауп ахныҟәгаратә минимум ҳәа иршьо. Аха ари иаанагом ауаҩԥсы идоуҳатәи исоциалтәи ҭахрақәа рынаӡареи рыҿиареи. Афизиалогиатә ҭахра мацароуп арахь иаҵанакуа", — лҳәеит аекономист.

Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа адыррақәа рыла 2015 шықәса нанҳәа 1 азы ҳтәыла ауаҩԥсы ихныҟәгагатә минимум иартәеит 5 731 мааҭ. Ҵыԥх абри аамҭа ақәыршәан уахәаԥшуазар иара еиҳахеит 13,5 % рыла.

Ҳаџьымба: абизнес хықәкыс иамазароуп аекономика ашәшьыра аҵхра

АҬР аекономика аҟәша анаукатә усзуҩы Илона Мерцхәылааԥҳа ҳазхьалырԥшит аԥхьаӡараан есааира изызҳауа аинфлиациа аҩаӡарагьы шазгәаҭатәу. иара убри аан аулафахәы еизҳаӡом.

"Ахныҟәгаратә минимум 13,5 % еизҳазар, аинфлиациа 11,4% артәоит. Ари иаанаго аминимум иацлаз акгьы ихәарҭаӡам ҳәоуп. Ахархәаратә корзина аизҳара аулафахәы аизҳарала ихарҭәаахароуп. Дара-дара еибакапануазароуп. Атауарқәа рыхәқәа ирыцлоит, аулафахәы мап", — лҳәеит лара.

Амра Цәышԥҳа иазгәалҭеит афатәаалыҵ аминимум лассы-лассы иеиҭахәаԥшлатәуп.

Аԥсны ахархәаратә корзина аҳәынҭстатистика адыррақәа инарықәыршәаны, 35 хкы афатәаалыҵ аҵанакуеит. Аекономист Амра Ҵышәԥҳа ишылҳәаз ала Германиа ахархәаратә корзина 750 фатәаалыҵхкы аҵанакуеит. Абрахь иацуп амаҵзурақәагьы.

АҬР аекономика аҟәша аиҳабы Хаҭуна Шаҭ-иԥа иазгәалҭеит арҭ арбагақәа атәыла аҿиара ишахьыԥшу. Аха ари иаанагом урҭ аамҭа-аамҭала еиҭарыхәаԥшлатәым ҳәа.

"Ҳара, Германиа еиԥш, 750 хкы ҳтәылауаа иҳазрыдгало ҳаҟам аха хымԥада иҟоу аиқәыԥхьаӡа ырҭбаатәуп, ахәԥсагьы иацҵатәуп. Уи Астратегиаҟны иазыԥхьагәаҭахоит", — лҳәеит лара.

Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа адыррақәа рыла 2015 шықәса нанҳәа 1 азы ҳтәыла ауаҩԥсы ихныҟәгагатә минимум иартәеит 5 731 мааҭ. Арахь иаҵанакуеит: 3 920 мааҭ – афатәаалыҵтә тауарқәа, 1 123,3 мааҭ – егьырҭ атауарқәа, 687,7 мааҭ – зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, ихымԥадатәиу ашәарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0